Хьыбла Гьерзмаа лирамш

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп: «Ҳаҭыр зқәу Хьыбла Леуарса-иԥҳа! Ишәыдысныҳәалоит шәирамш, гәахәара дула иахьа зықьҩыла шәҟазара абзиабаҩцәа иҟарҵо адныҳәаларақәа ирыцысҵоит.

Шәара гәыла-ԥсыла иаарту аҟазшьа змоу, аԥсҭазаара бзиа избо уаҩуп.  Шәмузыкатә баҩхатәра ду уагәыланахалоит. Иблахкыгоуп шәашәаҳәара, уамашәа иссируп шәбаҩхатәра. Шәара, адунеи аҟны Аԥсны ацҳаражәҳәаҩс шәыҟоуп. Адунеи аҿы еицырдыруа асценақәа рҟынтәи  шәазгәыдуны шәыԥсадгьыл Аԥсны ахьӡ шәҳәоит, иаашәырԥшуеит ишәымоу абзиабара. Аԥсуа жәларгьы уамакала шәырҭахәуп. Зегь ззыԥшу амузыкатә ныҳәаны иҟоу афестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…» уи даҽазныкгьы иарҵабыргуеит.

Ҳаҭыр зқәу Хьыбла Леуарса-иԥҳа! Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара!» – иазгәеиҭеит  Аҳәынҭқарра Ахада.

***

2024 шықәса ианвар 13 азы К.С.Станиславскии В.И.Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә музыкатә театр аҟны ихыркәшахеит иҳаҩсыз ашықәс август азы Аҟәа иаартыз зымҽхак ҭбаау Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…», иаанацҳауеит афестиваль апресс- маҵзура.

Сценак аҟны Урыстәылеи Аԥсни жәлар рартистка илыцықәгылеит Хьыбла Гьерзмаа актәи жәларбжьаратәи лконкурс алауреатцәа. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы: Алексеи Кулагин, Ольга Маслова, Виачеслав Василиев, Глеб Периазев, Ливеи Хоу, Екатерина Савинкова, Мариа Лупарева, Артуш Полеиан, Дамир Садуахасов, Жаргал Цырендагбаева, Елизавета Пахомова, Гульдана Алдадосова. Афестиваль аркра дасас ҷыдан Сон Чи Хун.

Урыстәылеи, Китаии, Ҟазахстани рҟнытә абаҩхатәра злоу ашәаҳәаҩцәа инарыгӡеит аурыс композиторцәа, аҳәаанырцәтәи акомпозиторцәа рариақәа. Аконцерт мҩаԥысит Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр ацықәгыларала, адирижиор – Ариф Дадашев. Ахәылԥаз режиссиорс даман Урыстәыла жәлар рартист Алеқсандр Титель.

Амузыкатә фестиваль ахыркәшара К.С.Станиславискии Р.И.Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр асценаҿы машәыршәа имҩаԥымсӡеит: араҟа имҩаԥыргахьеит амузыкатә дунеи аҟны ахьӡ ҿыцқәа цәырызгаз аоператә шәаҳәаҩы жәларбжьаратәи лконкурс. Хьыбла Гьерзмаа лзы ари ҩнаҭа гәакьоуп, бзиа илбо театруп. Абраҟа аусура далагеит 1995 шықәсазы, убри аахыс лассы-лассы уа дықәгылоит.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me