Шаҟаҩ рыԥсҭазаара ахҭынҵоузеи…

Иахьа иҳамоу ахақәиҭра, аҭынч бзазаара иахҭынҵоуп зықьҩыла ҳҵеицәа рыԥсҭазаара. Иреиӷьқәаз иреиӷьӡақәаз ҳаҷкәынцәеи ҳҭыԥҳацәеи хеигӡарак ҟамҵакәа иҿагылеит ҳаззыԥшымыз аӷа.

Ҳаззыԥшымыз ҳәа сҳәоит, избанзар,  ауаҩымреи аԥсымҭәреи шаадырԥшуазгьы, Аԥсны ахаара-бзаара рнапы ишыҵаркхьазгьы, еибашьрала иҳақәлап ҳәа ҳгәыӷуамызт. Танкла, жәҩангәыла амцаԥшь ҳажәҵо иҳақәлаз ақырҭуа имаҵуарақәа абџьарда ҳарԥылеит. Жәантә рыла ҳара ҳаасҭа еиҳаз аӷа ицәымшәеит Аԥсны аҵеицәа.

Иарбанзаалак аибашьра иамоуп иара ахатәы ԥҟарақәа, иацгәышьоуп аԥсыҭбарақәа. Ақырҭуа -  аԥсуа еибашьра цон 413-мши-ҵхи.

Аибашьра еибашьроуп, иҟоуп қәҿиарала имҩаԥысуа ажәылара, иҟоуп аԥсыҭбара рацәа зцу иманшәаламхо ажәыларагьы. Ҳара ҳаибашьра аҭоурыхаҿ зегь реиҳа иманшәаламхаз, ишьаарҵәырахаз жәыларахеит: март-15-16 рзтәи ажәылареи, ианвар 5 рзтәи ажәылареи.

Абар, иҵуан 5 мыз иаацқьаны ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иалагеижьҭеи. Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахы ақәиҭтәразы ажәылара аԥшьган   декабр 30 аухазы.  Аха ари ауха иаашаанӡа асы иауаз иахырҟьаны иахырымгар амуит. Аҭоурыхҭҵааҩ Валиќәа Ԥачлиа ишәҟәы аибашьра иазкыз аҟны ҳаԥхьоит: «Ианвар 5 рзы Гәымсҭатәи ахырхарҭала имҩаԥгаз ажәылара шылҵшәадазгьы, аҳҭнықалақь иахаԥаз ақырҭуа ирхәҭақәа имаҷымкәа аахақәа рырҭеит, ҳаӷа ицәыӡит атанкқәа ҩба, БМП-21, «Град» - ҩба, 150-ҩык аибашьцәа ишьызи ихәны инхази налаҵаны. Усҟан Аҟәа иаланхоз ҳаӷацәа реиҳараҩык ықәҵны Гал араион, Жәыргьыҭ уҳәа рҿынархахьан».

Усҟан Аԥсны Атәылахьчара аминистр Сулҭан  Сосналиев иҳәон: «Ҳара ҳхықәкы: ҳаӷа иуашәшәырареи, иӷәӷәарҭеи аилкаара акәын, ҷыдала ианвар 5 рзы, март 15-16 рзы иҳауз аԥышәа иабзоуроуп сентиабр азы иаҳгаз аиааира».

«Иазгәамҭакәа узавсуам усҟан агәымшәара аазырԥшыз акомандаҟаҵаҩцәа рыхьӡқәа: Виктор Тәанба, Владимир Начач-оглы, Гена Карданов, Руслан Ҳалбад» – иҩуеит аибашьра аҭоурых ҭызҵаауаз Валикәа Ԥачлиа. Еибашьҩык игәалаиршәоит: «Асы иауаз ҳҽалакны аӡы ҳарсит аӷа ҳимбаӡакәа. Раԥхьаӡа Гәымсҭа ирит Руслан Ҳалбад игәыԥ 28-ҩык аибашьцәа еидызкылоз». Урҭ рҭыԥқәа аанкыланы итәахьан, аха аӡы ирны иааишаз рҩызцәа рыхьӡаанӡа ирыцәшеит, аӷа игәеиҭеит, амцагьы рыжәиҵеит. Ҳар раԥхьа дгылазар акәын аграната зыршәуаз, убри иҟамзаара иахҟьаны аӷа иҿагылара рылымшеит.

Аҩбатәи агәыԥ акәзар, рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа рзынамыгӡеит, урҭ артҟәацгақәа ахьыҵаз адәҳәыԥш иқәхеит, иҟалеит артҟәацга иахаԥжәаз, абраҟа ианвар 5 рзтәи ажәылараҿ иҭахеит 37-ҩык ҳҵеицәа, 100-ҩык ахәрақәа роуит.

Илҵшәадахаз ажәылара ашьҭахь, Аҟәа ианвар 9-10 рзы имҩаԥган, аҩганк рыбжьара иҭахази атҟәацәеи реиҭныԥсахлара.  Абраҟагьы ақырҭуа еибашьцәа иаадырԥшуеит руаҩымра, ргыгшәыгра. «12 ҩык аԥсуааи, аурыс еибашьцәеи шьны иҳарҭеит, амедицинатә експертиза ишьақәнаргылеит, урҭ аиҭныԥсахлара  аламҭалазҵәҟьа иргәаҟны, цәгьаԥсышьала ишҭархаз», - иҩуеит Витали Шариа ашәҟәы «Абхазская трагедия» аҿы.

Игәыҿкаагоуп Гәдоуҭатәи  акомандаҟаҵаҩ Зураб Бебиа ианвар 5 рзтәи ажәылараҿтәи ихҭыс. Уи ажурналист Витали Шариа иҩымҭа «Гәымсҭатәи абалада» ҳәа зыхьӡиҵаз аҿы даарԥшуп. Ианвар 5 рзы ахәра ӷәӷәа зауз Едуард Гәымсҭа арымарахьтәи аԥшаҳәаҿы уахыки-ҽнаки ихигеит, иҩызцәа абинокль ала дырбон, аха ицхраартә аҭагылазашьа рмоуит, ҳаӷацәа ахысра иаҿын, ари ахҭыс шаҟа игәыҿкаагоу аҟара иагьфырхаҵароуп, ақырҭуа еибашьцәа иааигәа инеиуа ианалага иԥсы шҭаз иҽримҭеит, акьарахә Макаров ала ихы деихсит. Ари еиҳау фырхаҵара иарбану. Нас, изалшома абас еиԥш зыԥсҭазаара ахҭынҵаны ахақәиҭра ҳзаазагаз аҵеицәа рхашҭра.

Ианвар 5 рзы Аԥсны анапхгара неит Аҟәа, Ахьӡ-аԥша ашҭахь. Иҭахаз ҳаибашьцәа рбаҟа амҵан ишьҭарҵеит ашәҭ шьыҵәрақәа.

Рҿаԥхьа ҳхырхәоит ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ҳзаазгаз Аԥсны аҵеицәа. Хашҭра рықәымзааит.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me