Зыԥсҭазаара иаԥшәымахаз

Светлана Новикова ауаҭах аҿы дахьынхо уадак лҟазарҭа алылхит. Лара ауапцәа лрапоит, уи адагьы аба, еиҳарак абырфын аҵиаақәа рыла илшәуеит, рышьҭа анылҵоит.

Уи иабзоураны аба ахатәы сахьа аанахәоит. Лара гәазыҳәара дуны илымоуп ҳаԥхьаҟа аҟазарҭа ду аартра, ауапцәақәа ахьыҟалҵало, аба ахьылшәло, лхы иалырхәо аҵиаақәа ахьылааӡалаша.

Светлана жәа-шықәса Аҟәатәи аӡахратә фабрикаҿы аус луан, дӡахҩын. Уа дшыҟаз ауп ауапцәа иалхны агәлаҵеи ашәҭқәеи рыҟаҵара дшалагаз. Уи лҵеит Ростов даныҟаз. «Ауапцәа иалхны иҟаумҵара иҟоузеи»,  лҳәоит лара, аха макьана илзыгәаӷьуам ишылҭаху еиԥш ашәҵатәы аҟаҵара.

«Зегь реиҳа бзиа избо сусумҭа ауапцәа иалху, ашәыра ду ауп.  Ауапа ҳамҭас ирышьҭырцаз иаҭаххеит уи зҭарҵо. Иара ачемодан иаҩызахеит, идухеит. Џьоуҳарлагьы ирԥшӡаны, амилаҭтә цәа ахаҵаны, амаа аҭаны ишахәҭаз иҟасҵеит. Акыраамҭа садхалеит. Сыҩны зегьы аласа иаганы иҟан, аха уи еиԥш усумҭак сгәы иамықәшәацт», -  еиҭалҳәоит Светлана.

Аҟаза лусутә уадаҿы икнаҳан ажәытәан ахьчацәа ирхарҵоз ахылԥа. Уи шиз атәы дазааҭгыло, Светлана илҳәеит, ахылԥа иалҵуа збап ҳәа иҟаҵаз ак шаку. Ашәарыцаҩцәа рзы ихәарҭахап ҳәа аныҟәгараҿы ирманшәаланы, ақәа уацәнахьчартә еиԥш иҟасҵеит. Сахҭанла иӡахит Едем Коӷониа. Лара лгәы иҭоуп ажәытәан аԥсуа иныҟәигоз амаҭәақәа раԥҵара, уи аус сазыхынҳәуеит, ҳәа азгәалҭоит лара.

Светлана раԥхьаӡа акәны лусумҭақәа ӡырылгеит Аҟәа имҩаԥысуаз анаплыхқәа рцәыргақәҵаҿы. Усҟан зегьы ааины ирыдҵаалон ашьалқәа, исыдырныҳәалон, даара сгәы иаахәеит. Сус ԥхьаҟа ацҵаразы агәаҳәара снаҭеит. Ҳауаажәлар ргьама ҳаракуп, амаҭәа бзиа иаразнак рылаԥш ақәшәоит, иалыркаауеит. Ак рызнаугозар, уи ибзианы иҟаҵазароуп ишырҳәо еиԥш,  илауҵаз ауп иааурыхуа, сусураҿы аԥара арҳара сазхәыцӡом, сгәы иақәшәо аусумҭа ҟасҵоит, анаҩс ауп ауаа ианрыдызгало, азгәалҭеит лара.

Светлана илҳәеит ауапа аҟаҵашьа атехнологиа шылдыруа, аха иара ҟауҵарцаз аџьабаа ду шадбалатәу, аҩны иааинырсланы ҟаҵашьа шамам.

Ииашаҵәҟьаны, аетнолог Гәында Арышԥҳа излалҳәо ала, ауапа аҟаҵара ус имариамызт. Уи гәыԥҩык аҳәса аус адырулон. Аханатә ауаса ахәы аҵәымӷқәа злаҵаны иҟаз аӷәы аҟны ирхахон, иҟәымшәышәхарц идыртатон. Агәам ацрыхны, ибамбаны, акыр иласны ианыҟарҵалак, еиҵыхны ауапа асахьа аҭаны ишьҭарҵон. Ахәы хы­нтә-ԥшьынтә еиқәырҵон. Зегь реиҳа ибзиаз хьыхьи ҵаҟеи иҟарҵон. Еиҵыхны ианышьҭарҵалак, аӡыршы ақәырҭәон. Ауаса ахәы акырӡа идуны еиҵырхыр акәын, избанзар нас аиҵалара адыруан. Анаҩс ауапцәа иркәымпылны, иасны еиҵыхуа, акыр еиларцалон. Убас даара аџьабаа адырбалон.

Аетнолог лажәақәа рыла, ауапа иӡахым амаҭәа аформахь иаҵанакуеит азы, акырӡа ироуны иҟарҵон, икьаҿхар, нас иузадӡахыломызт, уи ҟаҵашьа амамызт, убри аан аура духазар, иуркьаҿыр ауан. Гәында Арышԥҳа илҳәоит, аԥсуа уапа ахатә форма шамаз, ажәҩахыр еихыгьежьааны иҟан. Ԥшьыџьара еиқәҵаны, ахәда ҭыԥҟаны, аԥхьа ирҟьаны иҟарҵон. Нас аԥшӡаразы ахәда сахҭанла ирӡахуан, иара убри алагьы аҷапырхәа ҟарҵон, ауапа ҿарҳәаларцаз. Уапак аҟаҵаразы уасак ахәы азхаӡомызт, хәба-ааба ртәы аҭахын.

Аԥсны ауапақәа ҟазҵоз ыҟан, аха аҭауадцәа еиҳарак иршәырҵоз Ҟабардантәи иааргоз акәын, ҳәа азгәалҭеит аетнолог ҳаиҿцәажәараҿы. Уи мал дуун ҳәа иԥхьаӡан. Усҟан аҟабардақәа реиԥш иҟазҵо дыҟам ҳәа рҳәалон. Ауаҩы дладырҟәырц анырҭахыз, иуапа хырҵәон, убысҟак аҵакы аман. Ажәытәан аҭаца илзаарышьҭуаз амаҭәа еибадырбон, убри аан урҭ ауапақәа еиҵыхны икаршәны, иааргаз амаҭәа уахь иқәырҵон.

Ауапақәа рыдагьы иҟарҵон ахылԥарчқәагьы. Асыс ахәы, цқьа иаҳҳәозар, имиц асыс ахәы, иалырхуан иара. Асыс аира ԥыҭк шагыз ауаса ак аржәны идырыҩуан, амгәарҭа иҭыргоз асыс ахәы иалырхуан ахылԥарч, уи азоуп иара иҷыдоу аԥшрагьы замоу. 

Ҳанҵамҭа афырхаҵа хада Светлана илҳәоит ауапцәа арапара аус лымкаала бзиа ишылбо, уи аганахьала лԥышәа еиҳагьы иҳаралкырц лгәы ишҭоу. Ауапцәа иахылҿиааит даҽа ускгьы,  лара напы злалкыз, уи хыхьҟа ишазгәаҳҭахьоу еиԥш –аҵиаақәа рыла аба ашәроуп.

«Ауапцәа аус адызуло рымаҭәақәа ршәуеит аҵиаақәа рҟынтә ироуа ашәыгақәа рыла. Уи аинтерес сызцәырнагеит саргьы. Абри аҵиаа иарбан ԥшшәу иснаҭо, ҳәа саланагалеит. Ԥшьышықәса ари аус сшаҿугьы, иахьа уажәраанӡа иҿыцу аҵиаақәа аасыртуеит. Абыӷьқәа абырфын чыҭ иагәылаҵаны изжәуеит, аӡыршы ианӡаасхлак иалҵыз гәасҭоит. Дара зегьы аԥшшәы аарышьҭуам, аха Аԥсны изызҳауа аҵиаақәа рыбжеиҳарак ари аус аҿы ухы иаурхәартә иҟоуп», - азгәалҭоит Светлана.

Ҳнеимҭаз Светлана аба ажәра илзақәгылан, шьҭа иаамҭоуп ҳәа ианылыԥхьаӡа иаҳлырбеит иалҵыз. Зоура рацәак идумыз аба абӷьыцқәа агәылаҵан, ацеллофан илаҳәаны, ашланг иакәыршаны, шахала иҿаҳәаз аба сыла ишабоз аартра далагеит. Ианааиҵылх, абӷьыцқәа анақәылх, урҭ рышьҭа абаҿы ианубаалон, шьоукы еиҳа иаацәылашаны, даҽа шьоукых еиҳа иааиқәаны. Ашымҳа абӷьы ахаан ас еиԥш ашьҭа снамҭацызт, лҳәоит Светлана абыӷьқәа ақәхуа. Аба анбалак ашьҭахь илуанҭоит, ауанҭа иахылҵуа ахылҩа-ԥсылҩа аҵиаақәа рышьҭа иаҳагьы иааннырԥшуеит, акыраамҭа абаҿы ианхалартә еиԥш. Анаҩс ари амаҭәа аналҵлак, иуӡәӡәалар ҟалоит, иамац аԥшшәы аанхоит, аҵиаақәа рышьҭагьы шаныц ианызаауеит.

Аҟаза абақәа рахьынтә еиҳарак аус здылуло абырфын ауп. Иаалхәоит ишкәакәоу, анаҩс илшәырцаз, аҵиаақәа рышьҭа анылҵарцаз. Светлана иҭылҵааит аба аԥшшәы ахыларцаз аханатә ижьакцоу аӡы ишӡааҵатәу. Иԥсабаратәу зегьы иушәыр ауеит, аха уи азы еинаало амаҭәахәқәа удыруазароуп,  лҳәеит лара. «Еижәлантәу аҵлақәа рыбӷьқәа иаанрыжьуа ашьҭа еиуеиԥшым, иаҳҳәап, аевкалипт аҟынтә зны иуоуыр алшоит ашьацԥшәы, зны ахәаԥшшәы, даҽазных адәыкрынԥшшәы, уи зегьы аҵлоуп иҟазҵо. Аҵыхәтәанӡа исоуа аԥшшәы, ашьҭа зеиԥшрахо сыздырӡом, убри аҟынтә акгьы уацәымшәароуп, азгәеиҭеит лара.

Даҽа уск Светлана лнапахьы иаалгаз, иреиуоуп иԥсабаратәу ашәыгақәа рыҟаҵара. Аҵиаақәа жәны асахьаҭыхраҿы иухәо ашәыгақәа рылылхуеит.  Лара лхаҭа дҭыхуеит, аха макьана ақьаад аҿы аҵара саҿуп,  нас аба аҿы ухы ԥушәар ауеит. Асахьаҭыхыҩцәа рзы арҭ ашәыгақәа ҳамҭа дууп, азгәалҭоит Светлана.

Иџьаушьаша, Светлана аус здылуло аҵиаақәа зегьы ашәҟәы иҭагалан илымоуп. Уаҟа лара иалырбоит уи ахьӡ, иахьеизҳауа, илоуа аԥшшәқәа, иаанажьуа ашьҭа, иара аҵиаа рҩангьы илзагәылоуп, иара убас ацахагьы. Абас зегьы анумҵар, иухашҭуеит, лҳәеит. Светлана. Уи лхы иалырхәаз ашәҭқәа, абыӷьқәа калыжьӡом, урҭ ирылхны анаҩс асахьақәа аԥылҵоит. Ус еиԥш кыр лыҩны аҭӡамцқәа дырԥшӡоит. Ари иҭамбаӡо ӡыхьуп, уск аҟынтә даҽакахьы уианагоит, еснагь иҿыцу акы аауртуеит ухазы, азгәалҭеит лара ҳаиҿцәажәараҿы.

«Сара 49 шықәса схыҵаанӡа аӡәы инапхгарала аус зуан. Зегьынџьара исзыманшәалан, аус сыцыруан ауаа бзиақәа, аха иааиуеит убыс аамҭак, ухатә ус уҽазукыр, уԥсҭазаара уаԥшәымахарц ануҭаху», - лҳәеит Новикова Светлана.

Лара аԥсабара илнаҭо зегьы деиҷаҳаны, ҳаҭырқәҵарала дазнеиуеит. Сгәылацәагьы сызҿу баны, абар абри бзаҳаҟәшәеит ҳәа ашәҭқәеи абыӷьқәеи сзааргалоит, ааигәа хаҵак иҵәахны имаз ҵлак ацәа ааганы исиҭеит, ари еиҳау ҳамҭоуп са сзы, ауаа сус ҳаҭырла ианазнеиуа, лҳәеит Светлана ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз. 


 Альбина Ажьиба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me