Иахьа ишәыдаагалоит аҵарауаҩ абызшәаҭҵааҩы, сынтәа диижьҭеи 70-шықәса ҵуа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор апрофессор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә универститет аԥсуа бызшәа акафкдра №1 аиҳабы, Аԥсны анҭыҵгьы зусумҭа хатәрақәа («Море и абхазы. Историко-лингвистический очерк», «Историко этимологический анализ отраслевой лексики абхазо-адыгских языков», «Строительная лексика, абхазского языка» уҳәа…) рыла зыхьӡ неиҩхьоу Оҭар Платон-иԥа Ӡари-иԥа (Ӡиӡариа) иҭҵаамҭа «Мшынла аныҟәагақәа аԥсышәала ирыхьӡқәоу» ахәҭак.
Амшын анапаҿы аагара, уи ахархәара иааира дуӡӡаны иҟоуп ауаҩы изы. Уи цхыраагӡа дуны иҟалеит ауаҩытәыҩса ркультура ашьҭыхраҿы, шьаҭасгьы иаман ахәаахәҭратә еимадарақәа рызҳара, амҿы аус адулараҿы аԥышәа аиура, аметалл арҭәара, аш асра, атәыла харақәа рхабар аилкаара, уаҟатәи ауаа рынхашьа-рынҵышьа адырра – абарҭқәа зегьы иалдыршон мшынла аныҟәара иадҳәалоу аусхкқәа реиӷьтәра.
Ҷыдала мшынла аныҟәагақәа рызҵаара иазкуп апрофессор Г. А. Ӡиӡариа иусумҭа «Аԥсны мшынла аныҟәара аҭоурых аҟнытә». Иара убас, иазгәаҭазарц ахәҭоуп апрофессор Ш. Д. Инал-иԥа ишәҟәы «Аԥсуаа рҭоурыхтә етнографиа адаҟьақәа» аҟны «Аԥсны мшынла аныҟәара аҭоурых иазку адырраҭара ҿыцқәа» захьӡу аҟәша.
Аҳәаанырцәтәи алитератураҿы иазгәаҭоуп Амшын Еиқәа, еиҳаракгьы Аԥснытәи агаҿа ажәытәӡа инхоз аплемиақәа акультура ҳаракы шрымаз. Иҟоу аматериалқәа иаҳдырбоит аԥсуа бызшәа иалаҵәаны ишыҟоу мшынла аныҟәагақәа рыхьӡқәа рацәаны. Аҭоурых излаҳәо ала, финикиаа мшынла иаауан Кавказ амшынҿықә ашҟа (ахәаахәҭразы, мчыла атәцәа ргаразы убас егьырҭгьы). И. П. Писаревски иҳәоит аӷбаҟаҵараҿы, ӷбала аныҟәара аиҿкаараҿы антикатәи ауааи амшынеиқәаҿтәи аплемиақәеи рԥышәа шеиҿырбаауаз.
Г. А. Ӡиӡариа иазгәеиҭоит Аԥсны аӷбаҟаҵаразы иаҭаху амаҭәахәқәа зегьы шыҟаз. Араҟа «жәытәнатә аахыс иҟан аӷбақәа злырхуаз амҿымаҭәахәы».
Археологиатә ԥшаахқәа агәра злаҳдырго ала, неолит аепоха аан ауп Амшын Еиқәа аҟны аӷбарныҟәара напы анаркыз. Абырзенцәа рмифқәагьы ирҳәоит Амшын Еиқәа аҟны аҭыԥантәи аплемиақәа мшынла имҩаԥыргоз аныҟәарақәа ртәы.
Кистриктәи аиланхарҭа аматериалқәа иаҳдырбоит усҟантәи ауааԥсыра араҟа ишыҟарҵоз ақдеибга иалхыз анышьқәа. Археолог Б. А. Куфтин Колхидатәи аиланхарҭақәа рҟны аԥшаахқәа анҭиҵаауаз иазгәеиҭеит «имаҷымкәа ишаарԥшыз абақәа рцәынхақәа, акыцҳаԥшьқәа ирныз асахьақәа, абасра иазку амаҭәарқәеи амыругақәеи. Еиуеиԥшым урҭ абақәа рхыԥхьаӡараҿы иахәҭоу аҭыԥ ааннакылеит аш. Иҟалап уи рсуазҭгьы афлот азы». Абри агәаанагара рхы иархәаны, археологцәа аӡәырҩы ирҳәоит абҩа аепохазы Кавказтәи аплемиақәа мшынла аныҟәара аан аԥша амч рхы иадырхәон ҳәа.
Г. А. Ӡиӡариа иҩуеит: «Ажәытәтәи адунеи иадыруан мшынла иныҟәоз афырхацәа – агениохцәа. Ажәа «гениох» бырзен бызшәала иаанагоит аиа «ныҟәызго», «имҩанызго» ҳәа. Излаабо ала, уажәтәи аԥсуаа рхылҵшьҭрагьы зхыԥхьаӡараҿы иҟоу Амшын Еиқәа амрагыларатәи агаҿаҟны инхоз аплемиақәа зегьы агениохцәа ҳәа ирышьҭан.
«Аԥсуаа рҭоурыхтә етнографиа адаҟьақәа» зыхьӡу Ш. Д. Инал-иԥа иусумҭаҿы иҳәоит иԥасоу ашәышықәсабжьара аан Аԥсны Византиатәи аимпериа иахьыԥшны ишыҟаз, ҳаза ҳасаблагьы византиаа ишрынаҭоз мшынла аныҟәагақәа, амшын маҭәахәқәа.
Аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсҭазаараҿы уинахысгьы амшыни дареи еимадан, еиҳаракгьы Аԥсуа ҳәынҭқарра аныҟаз аамҭазы. Византиа адагьы, XIII – XIV ашәышықәсақәа раан ахәаахәҭра рыбжьан Аԥсни Адгьылбжьаратәи амшын иаԥныз атәылақәеи.
Академик Н. И. Марр иҩуан: «…аԥсуаа ажәытәан амшын ус азы ргәылацәа ирырҵаҩцәаны иҟазарц рылшон»; «ақырҭуа ажәа «аԥра» аԥсуа бызшәа аҟнытә иаагоуп. Ари иамоуп ажәартә ҵакы мацара акәымкәа, иашала акультуратә-ҭоурыхтә ҵакы: аԥсуаа мшынла ныҟәаҩцәақәак раҳасабала ргәылацәа ирымардон дара рымшынтә терминқәа… Аԥсуа бызшәеи ажәытәтәи аԥсуа ҳәамҭақәеи ӷәӷәала ирныԥшуеит аԥсуааи амшыни аиҿцаара шрымаз».
Абасала, ажәытәӡа аахыс аԥсуаа рекономикатәи ркультуратәи ԥсҭазаараҿы аҵак ду аман амшынтә транспорт. Ус шакәу рҳәоит жәытәнатә аахыс аԥсуа бызшәа иалалаз амшын иадҳәалоу ажәақәа рацәаны.
Ҳзацәажәаз абыргцәа излаҳарҳәаз ала, аԥсуаа аӡаҿы раԥхьаӡа аныҟәара излалагаз аихасаҟәа (плот) ала ауп. Ақыдқәа еидҳәаланы акәын уи шыҟарҵоз. Насгьы арыԥхь дуқәа аҵшьуа акәын ишдырныҟәоз. Уи ашьҭахь рхы иадырхәо иалагеит қдеибгак ҭцәааны иҟарҵоз ашхәа. Зқьышықәсала уи аҟаҵашьа еиӷьыртәуан.
Атауареимдара аизҳареи мшынла ахәаахәҭра арҿиареи ирыбзоураны, аԥсуа шхәақәагьы рыҟаҵашьа еиҳа-еиҳа еиӷьыртәуан. Ашьҭахь ашхәақәа еиҳа идырҭбаауа, ишьҭнахуаз аидарақәа дыррацәо, аиарусқәа аҭаны, аԥша хырхарҭас иамаз дара ирымҩатәзар аԥрақәа рыла иныҟәо иалагеит. Абасала иҟалеит аԥраӷба, афлыка. Афлыкагьы аҵла иалырхуан, аха ҩ-иаруск аманы иҟарҵон. Ҵаҟа ауаа аҿатәалон, агәҭаны амызгәыҭ иадыркуан аԥрақәа. Аԥша анаслак аԥрақәа ҭанарчуан, аԥша хырхарҭас иахьамаз иагон афлыкагьы. Аԥша анамысуаз иныҟәырцон ажәҩақәа рыла. Зны-зынла ирхыбуан. Ашхәа излеиԥшымыз уиоуп, иара иацын жәҩала изырныҟәоз ауаа рацәаҩны.
Ауаа быргцәа изларҳәо ала, аԥра иашахәҵәаӡа акәымкәа, ирнааны акәын амызгәыҭ ишадыркуаз. Аԥра здыркуаз арыԥхь афлыка аԥынҵахь ианыргалак, инааӡа ирыбжьындахоз аԥра иалшон аԥша аныҟамызгьы афлыка аҟәара иадхны амшын агәахьы агара.
Г. А. Ӡиӡариа ишазгәеиҭо еиԥш, аԥсуа флыкақәа ирызкны акрызҵазкуа адырраҭарақәа ҳарҭеит Гамба, насгьы Диубуа. Афранцыз ныҟәаҩы Гамба инҭкааны дахцәажәеит аа-жәҩак змоу афлыка: рыӡбахә иҳәеит уи ажәҩақәа, амшын анеисуа иара нызкылоз аҵәаҳә, аҩнуҵҟа аибыҭашьа, аҵа асахьа, агәҭа шыҟаҵоу, ашьҭахь ала уахьнадԥшыло изеиԥшроу.
Аԥсуааи ачерқьезцәеи рыфлыкақәа рыӡбахә иҳәоит даҽа францыз ныҟәаҩыкгьы – Жак-Виктор-Едуард Тебу де Мариньи: «Урҭ рыфлыкақәа, сара уаанӡа избақәахьаз егьырҭ афлыкақәагьы реиԥш, рыҵақәа ҟьаҟьан… афлыка абаҩ ҵаӷа аварақәа иадчаԥалан ҵәымӷлеи амҿтәы ҵәқәеи рыла. Аԥынҵаҿы иҳаракны иаман ԥстәык ахы асахьа. Уи закә ԥстәыз аилкаара акырӡа иуадаҩын, аха дара изларҳәоз ала, абаӷь ахы акәын». Де Мариньи иҳәоит «ари зыхҟьаз, арҭ атәылаҿацәқәа рышҟа Фрикс дызланеиз абырзен ӷба аԥынҵа зырԥшӡоз аҭыӷь ахы асахьа шықәсырацәала иахьырхамышҭуаз акәзар ҟалап» ҳәа. Анаҩс аныҟәаҩ иҳәоит: «Афлыкақәа ирымаз ажәҩақәа даара икьаҿуп, ирызку адаанқәа акырӡа иауп, изырныҟәо иикша адаанқәа ықәчаԥоуп. Рхы иадырхәон аԥсҟи иԥшьыркцаз аԥра хәыҷи. Афлыкақәа рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп хынҩажәаҩык рҟынӡа зкуа адуқәагьы. Убарҭ рыла урҭ зны-зынла иаалырҟьаны ишрықәло бџьарла еибыҭам ахәаахәҭратә ӷбақәа, иагьшырго… Арҭ ачерқьезцәа рхы иадырхәоз атранспорт ажәытәӡа «акамарақәа» ҳәа ирышьҭан».
Хыхь зыӡбахә ҳҳәақәаз рыдагьы, мшынла ныҟәагас аԥсуаа ирыман аӷба. Еиуеиԥшым аҭоурыхтә-етнографиатә хыҵхырҭақәеи афольклортә материалқәеи рҟны рыӡбахә ҳәоуп ашхәақәеи аԥраӷбақәеи реиҳа акырӡа ирацәаны аиарусқәеи ажәҩақәеи змоу аӷбақәа. Аҭаҳмадцәа изларҳәо ала, аӷбақәа роура-рышәара еимаздоз агәыцә алырхуан, зоура дууз, иагьышәпаз аҵла. Уи агәҭа ҭырцәаауан, ахи аҵыхәеи ҵарны, аӡи аԥшеи ирылҵәраауа иҟарҵон. Аӷба ахыӷәра иқәырҵоз аӷәқәа ықәырчаԥон мҿтәы ҵәымӷла. Авакьыц аган ҳаракӡамызт. Аӷба иаман ҩба-хԥа иарус, амызгәыҭ ҟарҵон агәҭаны. Аԥша ирымҩатәны иасуазар, аԥра ду шьҭырхуан. Уи адагьы, иҵегь еиҵаз аԥра арҭон, жәҩала изырныҟәоз ауаагьы рацәаҩын.
Хыхь ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, мшынла аныҟәара иамадоу адыррақәа аԥсуаа ироуан шәышықәсала. Аамҭакала ишьақәдыргылон уи иашьашәалоу атерминқәа – мшынла аныҟәагақәеи урҭ рыхәҭақәеи рыхьӡқәа. Ҳара ҳазлацәажәаз атерминқәа аагеит ажәлар рцәажәарақәа раан рхы иадырхәо, насгьы асахьаркыратә литератураҿы иаҳԥыло ажәақәа рҟнытә. Б. У. Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» аҟны амшын иадҳәалоу атерминқәа 40 инареиҳаны иҟоуп. Сара араҟа ҿырԥшыгас иаазгоит зыӡбахә сҳәахьоу рыдагьы аԥсуаа еиҳа ирдыруа терминқәак: азандал, аӷбашаха, аидаур (палуба), аӷба кыӷәра, апаран, аԥрахәа, аԥрамгәа, аԥсры (трюм), аԥырсал, аҳәагәыжь, уб. егь. Аԥсуаа, иара убас, жәытәнатә аахыс рхы иадырхәон амшыни аӡымҩаси ирымадоу егьырҭ ажәақәагьы, иаҳҳәап, аӡааҟәрылара, аҽӡаарҟәрылара, аҵаакәкәалара, ахәӡааҵәира, аӡеилаҽҽара, аӡсара, аӡхыӡлара, аӡыхгылара, аӡыблара, аӡхылара, аӡхыҵра, аӡхыгара, аӡхыҽҽара, ацәқәырԥара…
Амшын иадҳәалоу ажәытә ажәақәа еиҳа-еиҳа ибжьаӡуеит аамҭа цацыԥхьаӡа.