Аҵарауаҩ ду иарӷьажәҩа

Декабр 5 азы аҭоурыхҩҩы, археолог, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Ҳаҭыр зқәу адоктор Мирра Хотелашвили-­Инал-Иԥа лиубилеитә рыцхә азгәалҭеит. Ҳазну ашықәс азы уи 95 шықәса лхыҵит.

Лара диит Қарҭ, 1928 шықәсазы. 1951 шықәсазы уа далгеит ақыҭа нхамҩа Қырҭтәылатәи аинститут асубтропикатә факультет. Еихшарала усура ҳәа дышьҭын Гәылрыԥшьтәи араинагӡком ақыҭанхамҩа аусбарҭахь.

Аԥсны еибадырит абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аԥснытәи рыҭҵаарадырратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩы Шалуа Денис-иԥа Инал-Иԥеи лареи. 1952 шықәса ианвар азы урҭ рыԥсҭазаара еиларҵеит. Шалуа Денис-иԥа  Аԥсны аҭоурыхи, аетнографиеи, археологиеи ргәыбылра лиркит.

50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны Мирра Константин-иԥҳа активла дрылахәуп археологиатә експедициақәа.

Анаҩстәи ашықәсқәа раан, уи ишынеибаку лыԥсҭазаара рыдылҳәалоит Аԥсны аҭоурыхи археологиеи.

1974 ш. азы аҩбатәи аҵара лоуеит – далгоит А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет. 60-70-тәи ашықәсқәа рыҩнуҵҟала Лев Соловиов, Гьаргь Шамба, Михаил Гәымба реиԥш иҟаз археологцәа рнапхгарала аҭҵаарадырратә експедициақәа лхы рылалырхуан.

1960 ш. инаркны 1968 ш. азынӡа Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи афондқәа рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩыс аус луан, 1968 ш. инаркны 1971 шықәсазынӡа – абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аԥснытәи рыҭҵаарадырратә ринститут археологиа аҟәшаҿы. 1971 шықәсазы диаган Аԥсуа ҳәынҭмузеи ахь ҵәахҩы хадас.

1972 ш. инаркны афондқәа рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс аус луан. 1977 шықәсазы азалқәа 5 зымҽхазкуаз археологиа аекспозициатә ҟәша напхгара алҭон. 2015 ш. инаркны Аҳәынҭмузеи аҭҵаарадырратә консультант еиҳабыс дыҟан. Абарҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟала Мирра Константин-иԥҳа амузеи аҟны еиуеиԥшым археологиатә коллекциақәа ашәҟәы рҭаҩреи, реидкылареи, анумизматикатә материал (6 500 цыра) ашәҟәы ранҵареи рзы мҽхакы ҭбаала аусура ду мҩаԥылгеит. Лара иаԥшьылгеит ирымоу-ирыхӡу зну ашәҟәқәа ахьырҵәахуа асеиф ҷыдақәа ԥшьба рыҟаҵара. Уаҟа ишьҭоуп ахьԥарақәа, ахьыцқьа иалху амаҭәарқәа, ахьи араӡны цқьеи рлыхымҭақәа.

Уи акыр жәашықәса аԥсуа ҭҵааҩцәа қәыԥшцәа, иара убас аҳәаанырцәынтәи иаауа аҵарауаа  Аԥсны анумизматикеи, археологиеи, аҭоурыхи рзы изызҵаауаз, изыдҵаалоз лара лакәын. Мирра Константин-иԥҳа лескизқәа рыла раԥхьаӡа акәны ирхиан Аԥсны абжьарашәышықәсатәи аҭоурых ихаҭәаау аекспозициа.

1992-1993 шықәсқәа рзы ақыр­ҭуа-аԥсуа еибашьраан, Мирра Константин-иԥҳаи, амузеи аиҳабы Алеқсандр Мақьҭаҭ-иԥа Ҭариеи, егьырҭ аусзуҩцәақәаки изларылшоз ала амузеи еиқәдырхеит, иара убас хәызмоу аекспонатқәа, аколлекциақәа реимҵәара алдмыршеит.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь, дара агәырҩа ду рыҩнаҭа ишыҩналазгьы абаҩхатәра злаз аҵарауаҩ-афизик  рыҷкәын Адгәыр Инал-иԥа дышҭахазгьы, уи иацыз ахьаа ду шрымазгьы, Шалуа Денис-иԥа Инал-Иԥеи Мирра Константин-иԥҳа Хотелашвилии аҭҵаарадырратә усура ишаҿыц иаҿын.

Мирра Константин-иԥҳа лыԥшәма дицхраауан. Шалуа Денис-иԥа аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟала даара иҽадцаланы, ԥымкрада аус иуан. Уи ихеирҭәаауан, аиҭаҭыжьра иазирхион ишәҟәқәа жәпакы, раԥхьаӡа иргыланы «Аԥсны аетнокультуратә ҭоурых азҵаарақәа», уаҟа уи иагәылеиҵеит хыԥхьаӡара рацәала аматериал ҿыцқәа. Еиқәшаҳаҭрала агуманитартә ҭҵаарақәа Адыгатәи ринститут аҟны аҭыжьра иазирхион аусумҭа ду «Аԥсуаа рантропонимиа», иара убас аҭауад Инал изкыз аусумҭа.

«Абарҭ аусумҭақәа Мирра Константин-иԥҳа лакәмызҭгьы акьыԥхь рбараны иҟамызт, иара убас реиҭаҭыжьрагьы. Лара ашәҟәқәа аҭыжьра иазлырхион, дрыԥхьон. Аҵарауаҩ ду, лыԥшәма дицхрааит «Асаӡқәа» зыхьӡу ашәҟәы аиҭаҭыжьреи «Аублаа» ҳәа зыхьӡу аҭыжьымҭеи аус рыдулараҿы, рхыркәшараҿы. Ари џьабаа ӷәӷәан, азгәаҭақәа, ацитатақәа зегьы ирыхәаԥштәын, иаԥыхтәын агха-ԥхақәа. Уи лакәмызҭгьы урҭ реиҭаҭыжьра залыршахомызт, аҿыцқәа ракәзар, акьыԥхь рбараны иҟамызт», – абас лҳәоит аҵарауаҩ иԥҳа Арда Инал-Иԥа.

Мирра Константин-иԥҳа Аԥсны археологиеи, аҭоурыхи, аҟазараҭҵаареи, анумизматикеи, аетнографиеи ирызку аусумҭақәа 50 инареиҳаны авторс дрымоуп.

2010 шықәсазы аԥсышәала иҭлыжьыз «Аԥсны аҭоурых аԥхьаразы ашәҟәы» аԥсуа школқәа рҟны аҭоурых арҵаҩцәа акырӡа зҵазкуа цхыраагӡаны ирзыҟалеит. 2020 шықәсазы ашәҟәы харҭәааны еиҭаҭыжьын. «Абри ашәҟәы аинформативтә ҟазшьа амоуп. Автор Аԥсны аҭоурых аганқәак иҵегьы рыҭҵаареи рхарҭәаареи рзы аусура ду мҩаԥылгеит. Убри азы ахархәара рызун хыԥхьаӡара рацәала алитература ҷыда, аҩыратә хыҵхырҭақәа, археологиеи аетнографиеи рдырраҭарақәа» – Аԥсныпресс акорр. абас иеиҳәеит ашәҟәы аҭакхыԥхықәу аредактор, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валери Бигәаа.

Мирра Константин-иԥҳа аҭҵаарадырратә конференциақәа жәпакы лхы рылалырхәхьеит.

1984 ш. азы иланашьан амедал «Аџьа аветеран», 2006 ш. азы – «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара. 2016 шықәсазы илыхҵан «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Ҳаҭыр зқәу адоктор» ҳәа ахьӡ.

Аҵарауаҩ-археолог, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны Афырхаҵа Баҭал Кобахиа Аԥсныпресс акорр. изеиҭеиҳәеит Мирра Константин-иԥҳаи иареи реибадырра, аҭоурыхтә ҭҵаарадырраҿы уи ллагаламҭа, Инал-иԥа рҭаацәареи иареи реиҩызара атәы.

– 1950-1960-тәи ашықәсқәа раан Аԥсны ихатәраз ахаҭарақәа ашьақәгылара иаҿын, – иажәа хациркит аҵарауаҩ. – Сара насыԥс исоуит урҭ шьоукы рывагылара, дара аԥсҭазаареи, ауааи, аусуреи, аҭҵаарадырреи рахь рымаз азыҟазаашьа рыҿҵаара. Еицырдыруаз ауаа рабиԥара иаҵанакуан Шал­уа-Инал-Иԥа, Гьаргь Ӡиӡариа, Лео Шервашиӡе, Гьаргь Шамба уҳәа. Убарҭ дреиуан Мирра Константин-иԥҳагьы, аҭоурыхҭҵааҩ нага, археолог, Шалуа Денис-иԥа Инал-Иԥа иԥшәма.

Уи илыбзоураны Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны еиҿкаан археологиа аҟәша хазына. Лдырра, лымч-лылшара рацәаны иадылҵеит. Лара илымоуп ихьшәоу антикатәи аамҭа апроблемақәа ирызку здаҟаӡам аусумҭа. Абри аамҭа ҭызҵаауа, дарбанзаалак аҭоурыхҩҩы уи аусумҭа аҩсшьа имаӡам.

Иазгәасымҭарц залшом, Мирра Константин-иԥҳа аҭагылазаашьақәа зегьы шизаԥылҵаз лыԥшәма аҭҵаарадырратә усура ԥымкрада даҿызарц азы. Абригьы азмырхакәа, иара иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иаалылшоз зегьы ҟалҵеит Шалуа Инал-иԥа акырӡа зҵазкуа иусумҭақәа реиҭаҭыжьразы. Анаҩсан лара лхаҭагьы лусумҭақәа ҭлыжьит.

Сара даара сеигәырӷьоит акультура Аминистрраҿы аус анызуаз Аԥсны аҭоурых иазкыз лышәҟәы адунеи абарц азы амалқәа ахьысыԥшааз. Уи аусумҭа аҵакы, изыԥсоу ахәшьара аҭара уадаҩуп.

Лара аус лыцура уадаҩын, аамҭакалагьы аинтерес аҵан. Даара гәык-ԥсыкала аҭҵаарадырратә усура дазыҟан. Илылшон аредакциа зызуз, акьыԥхь иазырхиаз аматериал аҟны гха сса-мыссақәак рыԥшаара.

Иааигәаӡаны аиҩызара ҳабжьан 1993 шықәса, ентиабр азы Аҟәа агара аан снапаҿы зыԥсҭазаара иалҵыз лыҷкәын Адгәыри сареи. Аиҩызара ҳабжьоуп лыԥҳа Арда Шалуа-иԥҳаи лҭаца Марина Шамбеи сареи.

Шалуа Денис-иԥа ибзиан дыздыруан. Уи нцәахәык иеиԥш ҳихәаԥшуан. Еиԥш-зеиԥшыз аителлигентра злаз ауаҩы дмаҷын. Ҳарҭ ҳқәыԥшцәан, аха ишҟа ҳаннеиуаз, даҳхаҵгыланы аԥсшәа ҳаиҳәон.

Ахәшьара аҭара уадаҩӡоуп аԥсуаҭҵаарадырраҿы, амилаҭтә хаҿра ашьақәыргылараҿы Шалуа Инал-Иԥа иусумҭа ду «Аԥсуаа». Ҿыӷәӷәала иуҳәар ауеит абри аусумҭа идеиала иацхраауан ҳәа Аԥсны амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара. Абраҟагьы Мирра Константин-иԥҳа лылшамҭақәа ыҟоуп.

Адгәыр данҭаха, ҳарҭ ҳгәы иаанагон, абри атрагедиа лшьапы лыҵнахуеит, лыҷкәын иҭахара лзыхгом ҳәа. Аха ус иҟамлеит Анцәа иџьшьаны. Дшынеибакуз аусура лхы алҭеит, ԥсеиқәырхаганы илзыҟалеит.

Лара лыҭҵааратә усура амҽхак уаҩы ишимбац ала иҭбаауп: еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа Аԥсны аҭоурых, аетнологиа, архелогиа, анумизматика. Лара илылшоит иарбанзаалак атема иазкны аҩра, насгьы занааҭдыррала. Убри азы иҿырԥшыгоуп Ԥицундатәи ауахәамаҿы ауарӷан иазку рацәак идум лышәҟәы.

Аԥсныҟа иаауаз аҵарауаа аӡәырҩы Инал-Иԥа рҭаацәара иаҭаауан. Исгәалашәоит Мушьни Хәарҵкиа ҭҵаарадырратә напхгаҩыс имаз ахаҳәтә шәышықәса аспециалист Васили Лиубин Аԥсныҟа дшааз. Иара 90 шықәса дырхыҳәҳәахьан, ҳамҩахыҵит 90 шықәса аҟынӡа маҷк згыз Мирра Константин-иԥҳа лахь. Ублала иубар акәын, урҭ акыр сааҭ ишеицәажәоз.

«Ари дуаҩы џьашьахәуп, зегь лдыруеит», – ибжьы ныҵакны абас сеиҳәеит усҟан аҵарауаҩ.

 Уи лыҭҵаарадырратә усура хацыркхеит иуадаҩыз аҭоурыхтә аамҭазы, аха лара ахаангьы акгьы дацәшәаӡомызт. Сара иџьасшьоит Қарҭ ииз, милаҭла иақырҭуоу Мирра Константин-иԥҳа лгәы ишыҵхоз, дагьшадгылоз Аԥсны ахьыԥшымра аиура. Инал-иԥа рҭаацәара иаарылшо зегь ҟарҵеит Аԥсны ахақәиҭтәразы, Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргыларазы.

Лара бзиа илбаӡом ашықәс рацәа анылзеиӷьыршьауа. Сара илзеиӷьысшьоит лыгәҭакқәа зегьы рынагӡара дахьӡарц.


 

Акьыԥхь иазирхиеит Б.Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me