Лаҭатәи ахьаа – аҭоурыхҩҩы иблала

1992 шықәса декабр 14 азы Кәыдры аиҩхааҿы, Лаҭа ақыҭан Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа еихсны иларышьҭит амацәаз иҭакыз Тҟәарчал аҟнытә Гәдоуҭаҟа иаауаз аҳаирплан Ми-8. Абри агыгшәыгра ахҭыс иахҟьаны иҭахеит 87-ҩык, убрахь иналаҵаны 35-ҩык ахәыҷқәа.


Абар ари ахҭыс ахҳәаа шазыҟаиҵо аҭоурыхҩҩы Аслан Аҩӡба: «Ари Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны трагедиатә даҟьан. Аибашьра ахаҭа трагедиоуп, аха аҳәса, абыргцәа, ахәыҷқәа, убрахь иналаҵаны адунеи ақәыԥшра иахьымӡац анҭахауа – трагедиа бааԥсӡоуп. Абри ҟазҵаз дуаҩуп ҳәа ухаҿы иузаагом. Ҳәарас иаҭахузеи, аибашьраан уи амҩаԥгара азакәанқәа еиларгоит, аха еснагь ирықәныҟәоит жәларбжьаратәи аконвенциақәа… Аха ари геноцидҵәҟьан! Урҭ ирдыруан аҳаирплан ишҭаз аҳәса, ахәыҷқәа, аха хьаас имкыкәа иҭадырхеит, избанзар урҭ аԥсуа жәлар рхаҭарнакцәа ракәын».
Аҭоурыхҩҩы игәаанагарала, аҳаирплан аҭархара «ахықәкқәа» аман: акы, аԥсуа жәлар рыршәара, дара реиҩшаразы абри ахҭыс ахархәара. Агеноцид акт мҩаԥган хаҭалатәи агәалақәа инарымаданы. «Ари ахҭыс ҟалеит аҩнуҵҟатәи аусқәа ԥасатәи рминистр Ломинаӡе иганахьала шьоурак иаҩызаны. Аӡәырҩы ргәаанагарала, амԥыҵахаларатә мчрақәа ирхаҭарнакыз, убри аҳаирплан Владимир Анцупов дышҭаз анеиликаа, илшеит ишьоура, избанзар Анцупов иоуп изылшаз уи имаҵура уада идәылцара», – игәы иаанагоит Аҩӡба.
Уи излазгәеиҭо ала, аҳаирплан анҭадырха ашьҭахь ақырҭуа ган еиуеиԥшым аверсиақәа цәырнагеит. «Раԥхьатәи версианы иҟан аҳаирплан аԥсуа ган иҭанархеит ҳәа. Аха убри убасҟак мцла еибаркын, иааарласны мап ацәыркит, иагьцәырыргеит аҳаирплан ирацәаҩны ауаа ақәтәан ҳәа. Аха Урыстәылатәи акомиссиа ишьақәнаргылеит: 85-ҩык шымыцхәымыз аидарақәа рымҩангара иазкыз аҳаирплан азы», – иҳәеит Аҩӡба.
Насгьы иџьоушьаша, аҳаирплан ларышьҭит ақырҭуа ган зхылаԥшуаз Лаҭа ақыҭан, ус анакәха, дара ирбеит аиашьыкь еиқәаҵәагьы. Уи акыраамҭа идырхынҳәуамызт, нас Урыстәылатәи акомиссиа иалаз ирырҭеит, аха иаартны, иԥҽны.
Афакт хада, акомиссиа ишьақәнаргылаз убри ауп, аҳаирплан еихсын аракета «адгьыл – аҳауа» ала. Уи ахьыҭдырҟьаз ала еилкаан уи ҟазҵаз ақырҭуа ган шакәыз», – иаҵишьит Аҩӡба.
Урыстәылатәи акомиссиа адырҩаҽны уи аҭыԥ ахь инеит. «Убри иалаз аӡәы игәалаиршәон, аҳаирплан ахькаҳаз аҭыԥаҿ ианнеи, арҳәреи аӷьычреи ирҿыз ақырҭуа архәҭақәа шырбаз. Акомиссиа ирыцыз Урыстәылатәи аоператор урҭ рҭыхра далагеит, аха икамереи икассетеи имырхит. Аха рхаҿы иаарымгаӡеит ауаа ирбаз атәы уеизгьы ишеиҭарҳәоз. Ҳара ахаангьы иаҳдырран иҟам уи ҟазҵаз зусҭцәоу. Ухаҿы излааугарызеи ихыблаа-ҿыблааз аҳәсеи ахәыҷқәеи рырҳәра зылшаз уаауп ҳәа», – иҳәеит аҭоурыхҩҩы.
Ари атрагедиа хлымӡаах ҳажәлар ршьапы иқәнамҟьеит, еиҳагьы еиланарҵәеит, еиднакылеит аӷа хәымга ҳтәыла иқәцаразы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me