Ҳамчқәа еилаҳҵар…

Аҟәа ақалақь иаҵанакуа аҳаблақәа иреиҳауп  Аҳабла  Ҿыц  ҳәа изышьҭоу. Ахатәы ҩнқәа аламҵакәан, 136 ҩнеихагыла ахьыргылоу ари аҳабла иаланхоит 25 нызқьҩык ауааҧсыра.

Ҳәарада, Аҳабла Ҿыц ахаҿра арҧшӡаразы иҟаҵоу аусмҩаҧгатәқәа маҷым. Аҳабла Ҿыц агәаны ауаа рыҧсы ахьыршьаша, иахьылаҩеиша апарк аиҿкаара,  макьана ҭыҧқәак рҿы акәзаргьы, амҩақәа реиҭашьақәыргылара, уажәы уаҩ шьапыла дахьныҟәаша амҩаду иаҧну атратуарқәа рыҟаҵара уҳәа изҿу уаҩ дамеигәырҕьарц залшом.

Аха ицәырҵуеит азҵаатәқәа маҷымкәан… Урҭ иреиуоуп, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи, 30 шықәса раахыс  ӡбашьа змамкәан иаанханы иҟоу – хылаҧшрада, иқьаҧҭаханы инхаз аҩнқәа, ауаҭахқәа рҭыӡшәа. Уи инаваргыланы даара ипроблема ҕәҕәаны иҟоуп, акыр шықәса зхыҵуа аҩнеихагылақәа ахьыуашәшәырхаз иахҟьаны, амш цәгьақәа раан аҭыӡқәа аӡы ахьрылсуа. Аҩнаҵаҟақәа ракәзар, ӡынгьы-ҧхынгьы ӡыла иҭәуп. Алифт аӡбахә  ҳҳәозар, ҳәарада, џьара-џьара еиҭашьақәыргылоуп, аус руеит, иҟоуп зынӡа иажәхьоу, ишәарҭоу алифтқәа ахьыҟоугьы, «ак аҵкыс ҽак еицәоуп» шырҳәо еиҧш, иҟоуп 30 шықәса раахыс алифт аҧшра зымбац, изхашҭхьоугьы аҩнеихагылақәа ирыҩноу.

Ҳәарада, арҭ азҵаатәқәа анышьҭухуа, ицәырҵуеит иҳақәыҕәҕәо даҽа зҵаарақәакгьы, урҭ ируакуп акоммуналтә хшәаа. Абарҭ азҵаатәқәа реилкаара инамаданы ҳара ҳамҩахыҵит аҩнусбарҭа №5 аиҳабы Едуард Зураб-иҧа Ҳашба иахь.

Ҩышықәса раахижьҭеи ари аусбарҭа еиҳабыс аус зуа, Аҳабла Ҿыц аҟны ииз-иааӡаз, уи ахаҿра аиҕьтәреи, ауааҧсыра рынхашьа-рынҵышьеи аҭышәныртәалара ацхраара хықәкы хадас измоу, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу аибашьра аветеран Едуард Ҳашба лак-ҩакрада ҳазҵаарақәа рҭак аҟаҵара дақәшаҳаҭхеит.

Ҳаиҿцәажәара хацыркуа иазгәеиҭеит, изларылшо ала, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаҧырго, аҩнеихагылақәа рҿы ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбара ишацәхьамҵуа, ишгәыгәҭырмыжьуа, аха урҭ ахьырацәоу аҟнытә рымч шақәымхо. «Акымкәан аӡы ахьыҵало аҩнеихагылақәа ҭаҳарбеит, ааигәа 5 ҩнеихагылак рҿы аҩналарҭақәа рхаҿра ҳарҧшӡеит. Алифтқәа ракәзар, 281 иҟоу рахьтә аус руӡом 89 лифт. Асиа ианҵаны алифтқәа реиҭашьақәыргыларазы еиҿкаау апрограмма иалаҳҵеит 61 лифт. Иҳамоу аинформациала, агәыҕра ыҟоуп 2025-2027 шықәсқәа рзы уи нагӡахап ҳәа Иазгәасҭарц сҭахәуп, иҟаҵатәу шырацәоу, Аҟәа ақалақь Ахадара ацхыраареи агәцаракреи ҳагрыжьуам, ҷыдала даара ахылаҧшреи ацхыраара бзиеи ҳаҭо дҳавагылоуп Аҧсны Жәлар Реизара адепутат Асҭамыр Герхелиа, ҳаргьы иҳалшо ҟаҳҵоит, аха ҳамчқәа азхаӡом ҳаихьымӡара мзызс иамоу проблема хадоуп акоммуналтә хшәаатәқәа ауааҧсыра гәхьаамкрыла иахьазнеиуа.

Иахьа 30 процент роуп ахшәаатәқәа зшәо, урҭгьы еиҳарак қәрала аиҳабыратә биҧара иаҵанакуа роуп. Анхаразы иахшәаатәу ахәҧса даарак ирацәам, уаҩ изышьҭымхуа иҟам сгәанала, иҿырхәҳахьоу ауаҭахқәа рыхшәаа  метр ҧшьыркцак  1 мааҭки  60 капеии иаҧсоуп, иҿыхәҳам 2 мааҭки 30  капеии. Аӡы азы аӡәы –  40  мааҭ роуп ишәатәу, агәам-сам азы аӡәы – 27-мааҭ.

Аинтернет азы мызкы 1000-1300 мааҭ аныршәо аамҭазы, акоммуналтә хшәаатәқәа жәаџьара ишаны хәҭак рзымшәо иҟам иршәарц рҭаххар» – иҳәеит уи.

Ҳәарада, ахшәаатәқәа шәатәуп. Едуард Зураб-иҧа дахьиашоу шыҟоугьы, даҽа ганкахьала уаҩ дахәаҧшуазар, зыҩны ақәа кылсуа, уи аҵаҟа аӡы ыҵоу, шьапыла 16 еихагыла  ихало-илбаауа ауаҩы «исшәо абацои?» ҳәа дхәыцыр илшоит. Уи инаҷыдангьы, Едуард  Зураб-иҧа ари аус аҿы макьана дҿыцуп, иашаҵәҟьаны, гәык-ҧсыкала ауааҧсыра рыцхраара згәы азыҳәо аӡә иоуп ҳәа агәыҕра унаҭоит ихымҩаҧгашьеи иусушьеи. Аха уи иаҧхьа ари аҭыҧаҿы инеихьаз ҟаҵоу рымамкәан, амала ибеианы ицахьоугьы маҷҩым. Зегь аҭоурых иазынхоит, абзиагьы-ацәгьагьы, убри аҟнытә, иҟалап ауааҧсыра ргәыҧҵәареи рыгәрамгареи ракәзар, еиҳарак изыхҟьо ахшәаатәқәа ршәара азыҟазаашьа. Уи инаҷыдангьы, иахьатәи аамҭазы, ауалафахәи атәанчахәи рыда зегь рыхәҧса аиҳахара ишаҿугьы гәаҭатәуп. 5-10 нызқь мааҭ мызкы изауа афымцалашара инаркны акоммуналтә хшәаатәқәа зегь нҭырҳәцааны ашәара далагар, ҳауала дчалар акәхоит. «Ҭәи млашьи зеибадыруам» ҳәа, ҵарада ахшыҩ змаз ажәытәуаа ирҳәоз иахьа ҳҭагылеит.

Иахьа ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа рахьтә ирацәаҩуп зхатә  нхарҭа змам, ахә ахшәаауа ауаҭахқәа амызхуа. Урҭ реиҳараҩык иҭаацәароу, ахшара змоу роуп. Анхарҭа аиуразы иахьа Аҟәа ақалақь Ахадараҿы агәаран иқәыгылоу рхыҧхьаӡара ес-ааира иацлоит. Аха урҭ рахьтә аӡәгьы анхарҭа имоуцт, асиа иануп ауп. Аҧсуаа ишырҳәо еиҧш, «Имгәыҕкәан, иҧсхьада?!»

Ауаа нхарҭада икыдгәагәало иандәықәу аамҭазы, хаҭала, Аҳабла Ҿыц аҟны ирацәоуп 30 шықәса раахыс уаҩ дызхым, иқьаҧҭоу, ихылаҧшрадоу анхарҭа ҭыҧқәа, ауаҭахқәа.

Ажәеи ажәеи шеихаҳҳәаауаз, ҳаиҿцәажәараан ҧсыхәас ирымоузеи аҧшәма дызхым ауаҭахқәа? ҳәа азҵаара иаҳҭаз аҭак ҟаҵо, азныказы дааччан, «урҭ зегьы аҧшәмацәа рымоуп» – иҳәеит. Анаҩс, иажәа иацҵо: «Иашаҵәҟьаны, 30 шықәса ҵуеит ари апроблема ыҟоуижьҭеи, уи уаҩ дназдыххыланы ииӡбаша ак акәым. Уаҭахцыҧхьаӡа аҧшәма дамоуп, арахь уи дахӡам акәымзар. Ауаҭах ҭацәуп, аӡәгьы дынхаӡом ҳәа имухырц уалагар «сара истәуп» ҳәа даацәырҵуеит аҧшәма… Ари апроблема аӡбаразы акыр ацәажәарақәа мҩаҧаагахьеит, хаҭала Аҟәа ақалақь Ахада Беслан Фиодор-иҧа Ешба акырынтә дазааҭгылахьеит. Макьана иӡбаны ишьҭыхым, аха ааигәа план ҳасабла иалацәажәан шықәсыбжак аҩнуҵаҟала анхарҭа ҭыҧ зтәу аҧшәма дшаху аазырҧшуа ахаҿра ахьырымбо, игәыгәҭажьу ауаҭахқәа, Аҟәа ақалақь анхарҭатә усбарҭа ишрымнахуаала» – иҳәеит аҩнусбарҭа  №5 аиҳабы Едуард Зураб-иҧа Ҳашба.

Ажәакала, аамҭа ауп зегь зыӡбо,амала аамҭа ҳара ҳацныҟәар акәу, мамзаргьы иара ҳара иҳацныҟәар акәу здыруада?! Инҭакәкәа ииасхьоу 30 шықәса –  аамҭа шмаҷымгьы,ҳгәыҕлап аҭагылазаашьа еиҕәхап ҳәа.

Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me