Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны атуризм ашьҭыхразы

Ноиабр 30 Аԥсны Аминистрра акттә залаҿ имҩаԥысит Урыстәылеи Аԥсни ртуристтә хеидкылақәа реилацәажәара.

Аиԥылара аартуа аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц, еизаз идирдырит атуризм знапы алаку асасцәа, «Урыстәылатәи атуроператорцәеи ҳареи ҳаиқәшәара, ҳусеицура акраҵанакуеит» азгәеиҭеит иара.

«Атуризм асфера, уи аусура ихадақәоу ируакуп ҳара ҳбиуџьет ахарҭәааразы», лҳәеит аекономика аминистр Кристина Озган. «Уи аганахьала Урыстәылатәи атуроператорцәеи ҳареи ҳаиҿцаара хымԥада иаҭахуп. Еилаҳкаауазароуп Урыстәылатәи атуристтә фирмақәа ирыбзоуроу шырацәоу Аԥсны атуризм ашьҭыхраҿы».

Белоруссиатәи атурист хеидкыла аиҳабы Филипп Гулыи иҳәеит Аԥсныҟа ишаауа ирацәаҩны Белоруссиантәи аԥсшьацәа. Иаҭахуп атуризм асфера аизырҳаразы аплан ашьақәыргылара. Насгьы еиқәиԥхьаӡеит арахь рыԥсшьаҩцәа раара иазынапхоу апутиовкақәа рыҭиразы ирԥырхагоу амзызқәа.

Санкт Петербургтәи атуроператор «Интурист» адиректор Александр Мусихин иҳәеит, дареи ҳареи ҳусеицураҿы ишԥырхага дуу аклассификациа аҟамзаара, «асасааирҭақәа рҿы иаҳзанҵом шаҟа еҵәа рымоу,  ҳара ҳтуристцәа ирдыруазароуп уи иаанаго, насгьы ишақәнагоу аиҿкаара шырзыԥшу. Уи аҭакс Жәлар Реизара адепутат Алхас Барцыц далацәажәеит апарламентаҿы ишышьҭырххьоу акымкәа-ҩбамкәа апроектқәа атуризм аганахьала, лҵшәала аусеицуразы. Уи аус адырулоит аспециалистцәа. Иаарласны Аԥсны иҟалоит асасааирҭақәа рзы аклассификациа. Атурфирма «Библиоглобус» адиректор ихаҭыԥуаҩ Ирина Костенко лықәгылараҿ илҳәеит: «Абраҟа шәара шәҿы иҟоуп аҭагылазаашьақәа зегьы аԥсшьарҭа сезон иҵегьы аҳәаақәа реиҵыхразы. Амшыни, амреи рзын мацаразы акәым арахь ҳаԥсшьаҩцәа заауа, ара аҳауа зҩыдоуп, ӡынгьы-ԥхынгьы иааиԥмырҟьаӡакәа аԥсшьара еиҿукаар ауеит».

Ассоциациа «Турпомошь» анапхгаҩы Алеқсандр Осауленко иҭабуп ҳәа реиҳәеит иколлегацәа: «Уажәшьҭа итрадициахеит ҳаиқәшәарақәа, асезон аихшьалақәа ахьыҟаҳҵо. Араҟа  ҳалацәажәоит атуристтә сезонаҿы ицәырҵуа азҵаарақәа. Ихадоу  азҵаара – ишԥаҟаҵатәу  иааиуа асезон азы амра тәыла иҵегьы  еиҳаны ауаа  аҭааратәы. Ҳара ҳахәҭаахьала ҳазхиоуп хыԥхьаӡара рацәала ауаа раашьҭра, шәара рыдкылара шәазхианы шәыҟаз», иазгәеиҭеит иара.

Аиԥылараҿы иқәгылеит иара убас атурист еилазаара «Пегас Туристик» анапхгаҩы Анна Подгорнаиеи, атурист еилазаара «Пегас Инкаминг» анапхгаҩы Витали Пучкои.

Аԥсны атуристтә сезон шымҩаԥысыз, насгьы 2023 шықәсазтәи реихьӡарақәа уҳәа дырзааҭгылеит атуризи аиндустриа аҟәша аиҳабы Инара Бениа, уи   дазааҭгылеит атуристцәа Аԥсныҟа раагаразы иҟоу амҩақәа ишрыцлаз мшынлатәи ахархәарагьы. Сынтәа аӷба «Князь  Владимир» ала иаҳзааит имаҷҩымкәа аԥсшьаҩцәа», лҳәеит лара.

Аиԥылара хыркәшо ассоциациа «Турпомошь», «Абхазо-Россиская туристическая ассоциация» рнапхгаҩцәа Ҭарашь Хәытабеи, Алеқсандр Осауленкои рнапы аҵарҩит аусеицуразы аиқәышаҳаҭра. Аиқәышаҳаҭра хықәкыс иамоуп  Аԥсны иаҭаауа Урыстәылатәи атурист изинқәа  рыхьчара, насгьы урҭ рхыԥхьаӡара аизырҳара.

 

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me