Донтәи адгьыл аҟны аԥсуа диаспора

Жәлар ракзаара Амш аҳаҭыр азы Ro.TODAY ажурналист диԥылеит Донтәи адгьыл аҟны ааигәа иаԥҵоу аԥсуа диаспора анапхгаҩы Иракли Бжьинаа. Уи Ростовтәи аобласт аҩбатәи иԥсадгьыл акәны иԥхьаӡоит, ҳаҭыр дула дырзыҟоуп Донтәи арегион иқәынхо ажәларқәа зегьы.

– Изаҭаххазеи Дон аԥсуа диаспора аиҿкаара?

– Адиаспора аԥҵара ҵакыс иамоу Дон ихықәгылоу Ростови Ростовтәи аобласти рҟны инхауа аԥсуаа реидкылара ауп. Ганкахьала, ҳарҭ имаҷзаргьы лагаламҭак ҟаҳҵоит аказакцәа ркультуратә хаҿра арбеиараҿы, убри инаваргыланы милаҭрацәала еилоу Донтәи атәылаҿацәаҿгьы. Даҽа ганкахьала – ҳхаҭақәагьы культурала ҳаҽҳарбеиоит. Адиаспора иалнаршоит ахатәы бызшәеи амилаҭтә культуреи рырҿиаразы, реиқәырхаразы аҳәынҭмчра аусбарҭақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәеи рганахьала адгылара аиура. Иара убас ҳаимадоуп, ҳаиҿцаауеит Дон аҵара зҵо аԥсуа студентцәеи ҳареи.

́Абри инаваргыланы, ҳхаҿы иааҳгоит Дон ҳажәлар ишахәҭоу, ишраҭәоу рӡыргаразы ҳхаҭақәа ламысла иҳаду аҭакԥхықәрагьы. Дон аԥсуаа рхеидкыла иаҵанакуеит аҳәынҭмаҵзуҩцәа, аргылаҩцәа, аҵарауаа, иаԥхьагылоу иреиҳау аҵараиурҭақәа русзуҩцәа, абизнесуаа, аҳақьымцәа, аиуристцәа, зыхьӡ-зыԥша гахьоу аспортсменцәа, иааидкыланы иуҳәозар, зыжәлар рхаҿра змырԥхашьо ауаа бзиақәа.

Акыр шықәса раахыс ишьақәгылахьоу аиҩызаратә еизаҟазаашьақәа иалдыршахьеит, ҿырԥшыс иаагозар Донтәи абизнессуаа рганахьала Аԥсны рхатәы бизнес арҿиара, ҷыдала атуризм аусхк аҟны. Ҳақәгәыӷуеит аҭыԥантәи амчреи аҳәынҭусбарҭақәа русбарҭақәеи рҟны аусеицура иалнаршап ҳәа амуниципалтә, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа инарыгӡауа ауаажәларратә, акультуратә усмҩаԥгатәқәа рҟынгьы ҳхы ацәыргара.

–Шәаҳзалацәажә, Дон аԥсуаа анбацәырҵи? Шәара шәхаҭа шаҟа ҵуазеи абраҟа шәынхоижьҭеи? Шәыжәлар ҟазшьа ҷыдақәас ирымоузеи?

– Сара исцәыуадаҩуп Дон раԥхьаӡа акәны аԥсуаа анцәырҵыз атәы аҳәара, аха издыруеит шәышықәса инарыцны уажәаԥхьа, Актәи адунеитә еибашьраан Ачерқьесцәа рполки Донтәи аказакцәа рартиллериатә дивизиони рҟны «аԥсуаа шәҩыуаа» Кавказтәи ҽылатәи адивизиа иаланы ишрыцеибашьуаз, уи иаҳарак ишырдыруа «Ибнаку адивизиа» ҳәа ауп.

Хаҭала сара Ростов сынхоит 1992 шықәса раахыс, 14 шықәса анысхыҵуаз инаркны. Убасҟан сыԥсадгьыл ақырҭуа-аԥсуа еибашьра амцашыра ықәын, ҳҭаацәарақәа ирацәаҩны Дон иаднакылеит. Шьоукы нас шьҭахьҟа ихынҳәит, аӡәырҩы араҟа иаанҿасит. Донтәи адгьыл иадҳәалоуп сыԥсҭазаараҿы акырӡа зҵазкуа ахҭысқәа, абраҟа имҩасит схәыҷра, абраҟа исоуит аҵара бзиа. Аибабара, аиқәшәара ҳалагеит инықәырԥшшәа 2000 шықәса инаркны.

Мызқәак уажәаԥхьа ҳгәы иҭаҳкит адиаспора аԥҵареи ашәҟәы аҭаҩреи. Ишьақәыргылан асиақәа, иаԥаҳҵеит ҳчат, аиԥыларақәа аԥшьаҳгеит. Октиабр 28 азы аизара мҩаԥаагеит, иҳаӡбеит ауаажәларратә хеидкыла ашәҟәы иҭаҳҩырц. Уажәы иаҭаху аусшәҟәқәа зегьы рырмазеира ҳаҿуп. Ҳхеидкыла ахаҭарнакцәа даара иҳаҵҳаҵо уаауп, зегьы рганахьала ацхыраара ҳаҭара рҽазыршәоит.

Ҳарҭ зегьы иаҳзааигәақәоу рықәҿиарақәа ҳреигәырӷьоит, ахаҵара, ахӡырымгара, ааӡара, аиҳабацәа рхамышҭра уҳәа аҟазшьа бзиақәа ҳаҭыр рықәаҳҵоит.

– Иҟоума Аԥсны аурысцәа рхеидкыла, уи аԥсы шԥаҭоу?

– Ааи, жәаҳәарада, иҟоуп, хьӡысгьы иамоуп «Аԥсны аурысцәа рхеидкыла». Ноиабр 4 азы убри ахеидкыла Урыстәылатәи Афедерациа атәылауааи Аԥсны инхо аџьынџьуааи ирыдырныҳәалеит жәлар ракзаара Амш. Аха ари ижәытәӡоу,  иара убри аамҭаз иқәыԥшу ҳҳәынҭқарраҿы аурысцәа еидызкылауа иакызаҵәыку еиҿкааарам. Ҳҳәынҭқарра 1993 шықәсазы асуверентә статус архынҳәит, ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеит 2008 шықәсазы. Аурысцәа ыҟан, иагьаанхоит милаҭ рацәала еилоу Аԥсны ажәлар иузырҟәымҭхауа рыхәҭа акәны, ҳауаажәлар рыԥсҭазаара активла иалахәуп.

– Идыруп, аԥсуаа аиашахаҵара ныҟәызго жәларны ишыҟоу. Ростовтәи аобласт аҿы урҭ Аурыс иашахаҵаратә уахәама иамадоума, мамзаргьы шәара шәхатәы шәымоума?

– Амадарақәа ҳабжьоуп хаҭа-хаҭала – ауахәамақәа ҳарҭаауеит, Анцәа ҳиҳәоит. Аизыҟазаашьа бзиаӡақәа ҳабжьоуп Ацқьа Гьаргь Аиааирагаҩ иуахәама ахылаԥшҩы аб Валерии сареи. Дон аԥсуа иашахаҵаратә уахәама ыҟаӡаҵәҟьам. Иҟалап, знымзар зны ицәырҵыр, аха уажәы уи азҵаара ықәгылаӡам. Аԥсны акәзар, ауахәаматә иурисдикциа аганахьала аҭагылазаашьа макьаназ аҭыԥ иқәҵам. Адинмаҵзуҩцәа ихьыԥшым Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама аԥҵаразы аусурақәа мҩаԥыргоит. Иара убри аамҭазы Аурыс иашахаҵаратә уахәама Аԥсны иахәаԥшуеит Ақырҭуа иашахаҵаратә уахәама иатәуп ҳәа. Аха ақырҭуа уахәама аԥсуа уахәамақәа рахь амҩа аркуп. Ҳара аус зцаауа Аурыс патриархат ауп. Сгәыӷуеит, абри аҭагылазаашьагьы ааигәаӡатәи шықәсқәак рыҩнуҵҟала аҭыԥ иқәҵахап ҳәа.

– Гәҭакқәас ишәымоузеи Дон аԥсуа диаспора арҿиареи ҳаԥхьаҟагьы аҟазаареи рганахьала?

– Макьаназ аиҿкаареи ашьақәгылареи рымҩа ҳануп. Раԥхьаӡа иргыланы, абыржәы напы аҳаркуеит амилаҭ-культуратә автономиа аформа аҭаны ауаажәларратә хеидкыла ашәҟәы аҭаҩра. Ҳгәыӷуеит абри азҵаара аганахьала амчрақәа ацхыраара ҳарҭап ҳәа.

Анаҩс иҳаӡбоит ахыбра азҵаара, нас напы аҳаркуеит аԥсуа бызшәа аҵаразы онлаин-курсқәа реиҿкаара. Ҳгәы иҭоуп астудентцәа рсиа ашьақәыргылара, урҭи ҳареи ҳаимадарақәа реиҿкаара.

Аҵыхәтәаны иаҵысшьырц сҭахуп Донтәи адгьыл, ашьагәыҭ уааԥсыра рыбзазара, ртрадициақәа, егьырҭ адиаспорақәа рхаҭарнакцәа ҳаҭыр шрықәаҳҵауа, иара убас шәредакциа ашҟа ҭабуп ҳәа сҳәоит иаашәырԥшыз азҿлымҳаразы.

Бжьинаа Иракли Валери-иԥа диит 1978 шықәсазы, Аԥсны Очамчыра ақалақь. 14 шықәса анихыҵуаз инаркны Дон ихықәгылоу Ростов ақалақь аҟны дынхоит. Ибзиаӡан далгеит Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет. Аиуристтә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп, адиссертациа ихьчеит Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҳәынҭқарреи азини Ринститут аҟны ахатәҳәаақәҵаразы ажәларқәа рзини ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитет ашьаҭаркреи ртемала. Аладатәи афедералтә университет акафедра дадоцентуп. 


Акьыԥхь иазирхиеит Б.Қаџьиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me