…Иура Аргәын иеиԥш аԥсуа ҭаацәара бзиақәа рҿы ааӡара зауз, Аԥсуара злааӡаны Аԥсны иаҵагылаз аԥсуа ҵеицәа-ахьырԥарцәа ирыбзоуроуп иахьатәи  ҳақәҿиарақәа зегьы!

VIII-X-тәи ашәышықәсқәа раан Кавказ зегьы ырхыџ-хыџуа аԥсуаа иаԥырҵаз Аԥсуа ҳәынҭқарра ахаан акәымзар, иахьа еиԥш аԥсуа-Аԥсынтәыла даԥшәыманы дҟамлацт!..

Игор Марыхәба 


С.Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә музеи ахыбраҿ Жьҭаарамза 30 рзы имҩаԥысит. «Ҳҵеи лаша» захьӡыз аиԥылара. Уи азкын Аԥсны ахы-аҵыхәа еицырдыруаз, зыхьӡи зыжәлеи еидкыланы  иахьагьы ирҳәо Аргәын Иура Гәыдиса-иԥа диижьҭеи 85 шықәса аҵра.

Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, аетнограф, ААУ апрофессор, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат, аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩы Аргәын Иура Гәыдиса-иԥа  Аҟәатәи арҵаҩратә институт доушьҭымҭоуп. Миклуха-Маклаи ихьӡ зху аетнографиа аинститут аҟны аспирантура далгеит. Икандидаттә диссертациа «Иахьатәи аамҭазтәи Бзыԥтәи аԥсуаа рыбзазашьеи ркультуреи» ахьӡын. Еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны аус иуан: агазеҭ «Советскаиа Абхазиа» аҟны еиҭагаҩыс, Аҳәынҭқарратә музеи аҟны ареволиуциа ҟалаанӡатәи аҟәша деиҳабын, нас адиректор ихаҭыԥуаҩыс, анаҩс акыршықәса инеиԥынкыланы директорс даман.

Аргәын Иура Гәыдиса-иԥа Аԥсны имҩаԥсуаз ауаажәларратә-политикатә хҭысқәа еснагь дрылахәын, ажәлар рҿахәы аҳәаразы изылшоз зегьы ҟазҵоз, уаҩы хатәран. 1978 шықәсазы 130-ҩык «Аԥсуа шәҟәы» ззырҳәоз знапы аҵаҩыз рахьынтә х-ҩык: Аргәын Иура, Џьениа Алықьса, Ахьиба Есыф русурақәа ирымырхуеит, акоммунисттә партиагьы иалырцоит.

Аргәын Иура Гәыдиса-иԥа аԥсуаа рҵас, рқьабз, рыламыс иазҿлымҳаз, иҭызҵаауаз, еизызгоз ҵарауаҩын. Ҭынч-ҭынч ицәажәашьа, ихәыцшьа дарбанызаалакгьы дыхнахуан. Зегьы раԥхьа иара изы иԥсадгьыли ижәлари хадан. Асовет аамҭазы ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра аҵакы дуӡӡа шамаз агазеҭқәа, арадио аҟны иҩуан, дцәажәон. Усҟан  уи аус арцыхцыхразы иаԥиҵаз ахеидкыла «Аԥсадгьыл»  ахьӡын.

1989 ш. рашәарамза хԥа рзы Аҟәа Аҳәынҭқарратә филормониа аҟны, ажәлар азымкуа еизеит. Шьамтәылантә Аԥсныҟа раԥхьаӡа нхара иааз Чычба Зиуари Кәыҿба Амери рыгәҭа дгыланы рнапқәа кны асценахь иааигеит Аргәын Иура. Урҭ ртәылауаҩра шьақәзырӷәӷәоз апаспортқәа шьҭыхны ажәлар идирбеит. Азал аҟны итәаз зегьы игыланы, акыраамҭа рнапқәа еинырҟьон. Ианааҭынчха, Иура Гәыдиса-иԥа, ажәлар зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз рҭоурыхқәа реиҳәеит. Иажәақәа абас ихиркәшеит: - Иахьа, Шьамтәылантә Аԥсныҟа нхара иааз Амери Зиуари мышьҭабзиала рышьҭа рыԥсадгьыл ианырҵеит. Урҭ мшынла, ӷбала иааит. Уи аиԥылара иалахәыз, ахааныз ихамышҭуа ихаҿы иаанхеит. Иура Гәыдиса-иԥа игәырӷьара ҳәаа амамызт.

Аиԥылара  аҟны, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз, «Леон» иорден занашьоу Қәыҭарба Ерқан, Иура Гәыдиса-иԥа дигәаларшәо,  иҳәеит: -Иара  иоуп аԥсадгьыл абзиабара ҳзыркыз, ауниверситет ахь ҳаазгаз, аҭалараҿы иҳадгылаз, зылаԥш хаа ҳхыз, иаҳдыруаз аԥсуаа зегьы ирылаҳкаауаз, бзиа ҳазбоз, ҳахынҳәра гәырӷьарыла издызкылаз, инапқәа ааиҵыхны ҳазгәыдызҳәҳәалоз,иаҳзааигәахаӡаз аԥсуа хаҵа Иура Гәыдиса-иԥа дуаҩы дуун.

Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуаҩы, аетнолог Барцыц Марина Иура Гәыдиса-иԥа инысымҩа инарҭбааны дазааҭгылеит: Иура Гәыдиса-иԥа еиԥш иҟоу рацәаҩӡам. Ажәлар рҿы ԥынгыла имамызт уи, дырзааигәан, еснагь рыгәҭа дгылан. Ижәлар ргәы иҵхоз азҵаарақәа рҿы дарӷьажәҩан, игәаанагара иҳәон ианаҭахыз раԥхьа дгылан. Ижәлар зызхьаауаз, ирыхәашаз дазхәыцуан, иӡыригон. Аҳәынҭқарратә музеи данахагыла амузеи ԥсыуатәны иҟаиҵеит… Анаукаҿы дзыхьӡаз рацәаӡоуп.  200- инареиҳаны анаукатә усумҭақәа ҭижьит. Амонографиақәа фба авторс дрымоуп.

Адисапора аганқәа зегьы ибон. Урҭ ирызкны дықәгылон, астатиақәа иҩуан. Аԥсуаа реиқәырхара амилаԥтә идеианы иҟазароуп-иҳәон.

 Иура Гәыдиса-иԥа деилызкаауаз иԥшәма Қәарсиа Ҭинеи иареи ахшара бзиа рааӡеит. Уи анасыԥқәа зегьы иреиҳауп…

Иура Гәыдиса-иԥа истудентыз, нас кафедрак аҟны аус ицызуаз Аҩӡба Виктор иазгәеиҭеит: - Ҳанстудентцәаз Иура Гәыдиса-иԥа, иҷыдоу акурс ҳдиаспора иазкыз даԥхьон. Урҭ алекциақәа ирыцын иҵаулаз агәыбылра. Аекспидициақәа еиҿикаауан. Ҳаҟан: Тҟәарчал, Очамчыра, Гәылрыԥшь… Абазацәа Аԥсныҟа рымаара игәаҵанӡа инаганы иҳаиҳәон, иҳаилиркаауан. Уи еснагь игәы иҵхоз зҵааран. Аетнографиа аҟәша аҿар радԥхьалара, реиҵааӡара дазҿлымҳан. Еснагь  ажәлар ирыдҳәалоу аҭоурыхқәа ҳзеиҭеиҳәон, агәыбылра ҳиркуан. Анаукаҿы аҿар рацәазароуп, ҳәа дхәыцуан… Зегьы дрызҿлымҳан, лассы-лассы сзызхәыцуа ҵарауаҩуп…

Иура Гәыдиса-иԥа аԥсуа культура аиқәырхара дазааԥсон. 1996 ш. апарламент аҟны аус еицаауан. Есымша акы дашьҭан, иҵарыз азҵаарақәа шьҭихуан.  Ачыгәба Ҭемыри иареи иарбан закәанзаалакгьы рылаԥш ахын. Дара рҩыџьегь иаларгалаз, иаԥырҵаз азакәанқәа маҷӡам. Сгәы иалоуп, – аԥсуа абаза аконгресс аиҿкаара зыбзоураз Иура Гәыдиса-иԥа иоуп, аха аиҿкааҩ иӡбахә рҳәаӡом лҳәеит Џьопуа Ҭали…

Аԥсны жәлар рартист Ҳагба Кьосоу: - Уи зыԥсуара иахӡыӡаауаз, иныҟәызгоз, зыжәлар рыԥсҭазаара зыԥсҭазаараз ҵарауаҩын, интеллегентын. Аԥша иҿанагалоз иҳәаӡомызт. Иажәа иазыӡырыҩуан. Иуреи Ҭемыр Ачыгәбеи иҟарҵаз, ирылаз аӡәгьы изыҟамҵеит, иагьрылымшеит. Ахааназ гәамҵрак здумбалоз, еснагь зыблақәа аччаԥшь хыз, зыжәлар рыбзиабара зцыз ҵарауаҩын. Дыздыруаз, дыззааигәаз зегьы ус даҳзаанхеит…

Леон иорден занашьоу, Ҟәланырхәа ақыҭа анхаҩы, Аҩӡба Џьамал иқәгылараҿы иазгәеиҭеит: - Иура Гәыдиса-иԥа иҵара, иусура, иҟәышра, иаԥсуара, инаука зегьы шәҳәеит. Шәара аусура даналага, ажәлар рус дахаҵгыло, ибжьы ақәирго даналага ауп даныжәдыр. Сара маҷк сырзааҭгылоит, дзааӡаз иаби иани. Урҭ ахьӡ ҳаракыла изыхцәажәо ҭаацәаран. Иан Ӡыӷә-ԥҳа (Гагәулиа) Елана Алексеи-иԥҳаи Гәыдисеи жәаҩык ахшара рааӡеит. Урҭ зегьы Аԥсны аӷьараҳәа иаҵагылаз, зхәышҭаарақәа еиқәу ҭаацәарақәоуп!

Иура ипатриотра агәыбылра цқьа аҵан. Ауаа дуқәа ауаа нагақәа, ҳҵарауаа, ҳажәлар реиқәырхара иашьҭаз дрылагылан. Иразҟы, илахьынҵа бзиан. Ажәлар рыбзиабара иалнахыз хаҵоуп. Иқыҭа дахәҭакны дҳалагылан. Ҳабзиеи ҳацәгьеи  далахәын. Аибашьра анеилга Ҟәланырхәа ақыҭа иалҵыз, иҭахаз рбаҟа анааҳартуаз, иара имҩаԥигон… иқыҭа дахӡыӡаауан, дҳалагылан, дҳашьҭан…

Аргәын Иура Гәыдиса-иԥа игәалашәаратә еиԥылараҿы еиҿкаан рҭаацәаратә архив аҟынтә афотоцәыргақәҵа.

Аргәын Иура Гәыдиса-иԥа Аԥсны иазгәарҭо аныҳәақәа «Лыхнашҭеи» «Мықәашҭеи» авторс дрыман. Ари амилаҭтә ныҳәа абиԥарала еимдо иааргоит. Иара иҭынчра, иҟәышра, иԥсадгьыл ахь имаз абзиабара имыцәаӡо мцабзны дарбанызаалакгьы изаанхоит.

Аргәын Иура Гәыдиса-иԥа ҳџьынџьуаа рырхынҳәра «Мышьҭабзиала» ҳәа иақәныҳәаны амҩахәасҭа иалидаз есааира иҭбаахалааит,  иазҳалааит. Аԥсуа жәлар «рҵеи лаша» Иура Гәыдиса-иԥа ҳажәлар ргәаҵаҿы еснагь дыҟазаауеит.


Гугуца Џьыкырба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me