Лаҵара 17, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аб ихҭырҧеиқәаҵәа

Аҧсуа имилаҭҭә цәамаҭәа аҟны аҭыҧ ду ааннакылоит ахҭырҧа. Хҭырҧа шкәакәа – Ҳаџьараҭ ифырхаҵаратә хаҿсахьа ззымдыруа аӡәы дыҟоуп ҳәа сыҟам. Хҭырҧа шкәакәа илаз афырхаҵареи агәымшәареи аадырҧшуан Ҳџьынџьтәылатә еибашьраҿы аҕа иҿагылаз ҳҵеицәагьы.  «Аибашьра ианалага инаркны саб ихҭырҧеиқәаҵәа схасҵеит. Убри ахҭырҧа шысхаз аибашьра амҩа санысит. Сыҧсы еиқәханы аибашьра амцашыра салҵра зыбзоуроу иара акәушәа збоит. Кәылӡык еиҧш сахьчон», – иҳәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Агәымшәараз» амедал занашьоу Зураб Адлеиба ҳаниҿцәажәоз.

Зураб Адлеиба 1986 шықәс рзы нхара ҳәа диасит Шәачаҟа. Аҧсны аибашьра ишалагаз аниаҳа, иуадақәа, имашьына иааимаз зегьы ҭины, иахҭныҵыз аашьҭыхны дцоит Чечниаҟа. Грозныи ақалақь аҟны даннеи, уаҟа иқәшәеит Аҧснытәи аҷкәынцәа. «Исҭииз иаҭныҵыз ала џьара бџьарк сзаахәозар ҳәа сгәы иҭан. Насгьы аҧсуаа уаҟа аштаб еиҿкааны ишрымаз саҳахьан. Гена Аламиа ҳаҷкәынцәа драҧхьагылан. Абџьар азҵаара аӡбараҿы ацхыраара риҭон. Исымаз аҧарақәа рыла иаасхәеит агранатаршәгеи, апулемиот уи иақәнагоз аџьаҧҳаны», – иҳәоит аветеран.

Аибашьра иалагеижьҭеи жәамшҟа ааҵхьаны еиҧш, Зураб ддәықәлоит Аҧсныҟа ҳаирпланла. Ишиашоу Тҟәарчал ақалақь аҟны итәарц ргәы иҭан. «Кукурузник» ала амҩа ҳақәлеит абџьар ҳаманы. Аха аҳаирплан иазышьҭымхәуаз аидара ахьақәыз азы, аҧырҩцәа егьа рундазгьы изалмыршахеит ашьхақәа рхыҧраара. Ҳҭахар алшон, убри аҟнытә, Тҟәарчал акәымкәа, Гәдоуҭа итәеит ҳазҭаз аҳаирплан», – иҳәоит Зураб.

Аибашьҩы абри ахҭыс аиҭаҳәара даналага, иаразнак издырт еиҭеиҳәоз џьара ишсаҳахьаз. «Саҭамыз аха, убраҟа дшәыцызма зыуаҩыбжара инҭысхьаз Радион Торчуа?» ҳәа сиазҵааит. Зураб дшанханы даанхеит. Адунеи гьежьуп, рымҳәои! Абри аҳаирплан дақәтәан сабгьы. Уигьы аибашьра ианалагаз амш аҽны дцеит Урыстәылаҟа. Абизнес инапы алакын. Зураб иеиҧш иигоз атауар ҭины, иаҭныҵыз џьара бџьарк сзалаагозар ҳәа Грозныиҟа дцеит. Абасала, сзыҿцәажәоз аибашьҩи иареи абџьар рыманы ианаауаз, ҳаирпланк аҟны еиқәшәазаап…

Аибашьра ианалагоз 30 шықәса зхыҵуаз Зурик иааигаз абџьар иманы ҳаирпланла дыҧрит дахьиз, дахьааӡаз Тҟәарчалҟа. Иқалақь гәакьа аҟны даннеи, хымҧада иҩызцәа, иқәлацәа зегьы еигәырҕьеит. Насгьы ашәарыцага шәақьқәа рыда акгьы зкымыз ҳаибашьцәа, Зурик иааигаз абџьар даара ргәы архаҵеит. Ҩаҧхьа ирҭеит адҵа Грозныи дцаны абџьар ааигарц азы. «Аҧара сырҭеит, х-кьылак бжаки ахьы еизыргеит. Абри сыманы ҩаҧхьа сцеит Грозныиҟа. Уаҟа дыҟан Виталик Адлеиба. Дудаеви иареи еиҩызцәан. Убри дсыцхраан, ҩымчыбжь рыла ҩ-вертолиотк аартә иҟаҳҵеит, ахҧатәи авертолиот сара сацааит», – иҳәоит Зурик.

Зурик Адлеиба раҧхьаӡа абџьар иманы данааз ауха акәын. Аибашьҩы иажәақәа рыла 45-ҩык инарзынаҧшуа Тҟәарчалаа рҽеидкыланы Ҧақәашь инеит. «Охәреи ахырӷәӷәарҭаҿы ҳцаны ақырҭқәа ахьгылаз ҳрықәларц азы адҵа ҳаман. Амҩа ҳанықәыз ҩынтәҟа аӡы ҳарит. Аиаша шәасҳәап, аибашьра ахы-аҵыхәа ахьцоз ҳәа акгьы ҳаздырӡомызт, аиашаз. Даргьы уаҩҵас иҟаз аӡәы дҳақәшәазҭгьы ҳазегьы ҳанирҵәон ауха», – иҳәоит Зураб. Уи иажәақәа рыла еицыз рахьынтәи аӡәызаҵәык дхысит. Убасҟан уаҩы ишимбац ала бџьархкыс иҟоу зегь рыла реихсра иалагеит. «Ҳанцоз ҩынтә аӡы сырзар, ҳанаауаз зныкгьы аӡы смырӡеит», – иҳәоит аветеран длафуа. «Ас еиҧш ҳаибашьуазар, акгьы ҳзыҟамҵеит», – сҳәеит сҩызцәеи сареи ҳанеиқәшәа. Аха анаҩс, ҩаҧхьа Грозныи дцаны абџьар иманы данаа, аҭагылазаашьа даҽакала аҽаҧсаххьан. «Ныџьнатә аахыс еибашьуазшәа рхымҩаҧгашьа даҽакала иҟан ҳаибашьцәа», – иҳәоит Зурик.

Зураб Адлеиба дызлаз агәыҧ жәыларатә гәыҧын. Аибашьра ианалага Зураб абџьар иманы Грознынтәи данаа иҩызцәа еицҿакны идырҵеит агәыҧ акомандирс дҟаларц азы. Аха иара мап ацәикит.

«Ҳгәыҧ аҿы дыҟан ешьа гәакьак еиҧш пату зқәсҵоз, насгьы қәрала исеиҳабыз, уи дшыҟаз аҧызара сара сдҵара иашамызт. Убри аҟнытә ҳгәыҧ командирс дҟаҵан Сурам Адлеиба», – иҳәоит аветеран. Тҟәарчалаа рыҷкәынцәа еиҿыркааз агәыҧ иахьӡын «Еслам». Ари агәыҧ алахәын абаталион «Сова». Уи еиднакылон авзводқәа фба. Зураб дызлаз актәи авзвод акәын. Уи еиднакылон жәаҩык- жәаҩаҩык аибашьцәа.  Мрагыларатәи афронт аҟны иарбан хырхарҭазаалакгьы ажәылара ахьцоз дара алахәын.

Аибашьҩы иажәақәа рыла, раҧхьатәи аиҿагылара ҟалеит Мықә ақыҭан. «Аҕацәа атанкқәеи, БМП-қәеи ирықәтәаны ҳара аҭыҧ нкыланы ҳахьтәаз, зыргылара хыркәшамыз ачаифабрика азааигәра аҟынӡа иааӡеит. Абраҟа иҟалеит аиҿагылара ҕәҕәа. Ҳара ҳганахь ала аснариад ивараҟны иахьҧжәаз азы аконтузиа иоуит Вахо Кәакәасқьыр, уаҳа аӡәгьы кьыс имаӡамызт», – иҳәоит Зураб. Аибашьҩы иажәақәа рыла, адырҩаҽны излеилкаахаз ала, ижәылоз аҕацәа рхыҧхьаӡара 120-ҩык инарзынаҧшуан. Урҭ рахьынтә ма ишьын, мамзаргьы ихәын, еибгаз ҳәа аӡәгьы даанымхаӡеит аиҿагылараҿы. Ҳаруаа ракәзар, шьаҿакгьы рҭыҧ иахымҵӡеит, ирылшеит напышьашәала атанкқәа раанкылара.

Зураб Адлеиба ахаан ихамышҭуа мшны иаанхоит февраль мза 27. Ари аҽны Мыркәылатәи ахырхарҭаҿы ицон ажәылара. Ажәылара иалахәын агәыҧ «Еслам». Агәыҧ иалаз зегьы знык еиццаӡомызт. Зны ицон хҩык ма хәҩык, адҵа шроуаз еиҧш.  Насгьы Зураб ари аҽны ажәылара шыҟалоз издырӡомызт, дара рҽазыҟарҵон даҽа хырхарҭак.

Февраль 27 аҽны, Маркәыла аҳаблақәа руак ҭарцәтәын. Аҕа ааха ҕәҕәа риҭон ҳхырҕәҕәарҭақәа. Ажәылара ҟалаанӡа имҩаҧган аҧшыхәра. Аха ҳаруаа ирымаз аинформациа иашамхеит. Ишақәгәыҕуаз еиҧш акәымкәа, аҕа имчқәа акыр еиҳахеит. Абри аҽны ашарҧаз жәылара ицаз ҳаибашьцәа аҕа импыҵашәеит. Ихәны иҟаз, ҧсышьацәгьа рыҭаны, аиҭныҧсахлара аламҭалаз ишьны, аҧсҧха шрылаз идырхынҳәит.

Жәылара ицаз агәыҧ амацәаз ишҭаркыз збаз ҳаибашьцәа хымҧада цхыраара идәықәлеит. Ҷлоу аштаб аҟны иҟаз Зураб Адлеиба иҩызцәеи иареи иаразнак уахь инеит. Аиҿагылара ҕәҕәа ҟалеит, напышьашәала аҟынӡа инеит. Ажәылара лҵшәадамхеит, аҳабла рнапахьы иааргеит ҳаибашьцәа. Аха мшы- хламӡаахны иҟалеит ашарҧаз ицаз агәыҧ иалаз шамахамзар, зегьы ахьҭахаз.

«Жәылара ицаз аибашьцәа дрылан аешьа гәакьа еиҧш исыҧхьаӡоз, исыжәлантәыз Рудик Адлеиба. Иара дыхәны дшыҟаз дытҟәаны дыргеит. Иара убас ихәны итҟәаны иргеит ҳкомандир Алеқсандр Жук, Џьамбул Адлеиба, ҳмедеиҳәшьа Ира Курскаиа уҳәа жәҩык ауаа. Дара ржәылареи, ҳара ацхыраара рыҭаразы ҳнеиреи сааҭк-ҩсааҭк раҟара ауп иҳабжьысыз. Ажәылара аихсыҕьра иалагеит. Аиҿахысра анцо уааигәара иҟоу ауп иубо мамзар, егьырахь ицо убаӡом. Ахәы анаҳга, ахысрақәа анеиқәтәа, иршьыз, инхаз, иҟалаз убасҟан ауп еилаҳкаауа ҳаналагаз. Даара ихьаа духеит хаҭала сара сзы гәыҧк исыцалаз, исывагылаз сашьцәа, сҩызцәа аӡәгьы рыҟамзаара…».

Зураб иажәақәа рыла, аҽны амш даара ицәгьан. Ажәылара анеихсыҕь, аҷкәынцәа аӡәыр џьара дыхәны дкажьзар ҳәа ирышьҭан. Абри аҽны Зураб икаҳаз аснариад дахәит, иоуит аконтузиа. Аха ихәрақәа уамак иахьшәарҭамыз азы, иаахаз аснариад аҧҽыхақәа ихала илхны, ахәышәтәырҭахь дымцакәа иҭыҧаҿ даангылт. «Ҳашьцәа иршьыз, инхаз узмдыруа, ҧҽыхак уаахеит ҳәа ахәышәтәырҭахь анеира иаҧсамызт», – иҳәоит аибашьҩы.

Аветеран иажәақәа рыла, ари аҽны итҟәаны иргаз ҳаибашьцәа рахьынтә ҧшьҩык рыҧсы ҭоуп ҳәа раҳаит. «Агәыҕра ҳаман зыҧсы ҭаны иҟоу ҳзырхынҳәуазар ҳәа. Дара рганахьала иҭахаз рыҧсыбаҩқәа рацәан. Итҟәаны иаҳгазгьы ыҟан. Аиҭныҧсахлара амш аҽны, уахь ааигәа узнеиуамызт аҟнытә, ланарҧшыгала сыҧшуан, иҟоу збарц азы. Ажәабжь саҳауеит ҳәа аштабаҿ тәашьа сымамызт… Ҳара дытҟәаны дҳаман рмедиаҳәшьа, даргьы убри леиҭныҧсахлара иаргәаҟуан, раҧхьагьы иаҳашьҭыз лара лоуп. Ус сшыҧшуаз, избеит лхаҭыҧан ҷкәына хәыҷык дшаарышьҭыз. Ҧсыуа хәыҷык дытҟәаны дрымазаарын… Убри ахәыҷы данаарышьҭ ашьҭахь аамҭа ҧыҭк цеит. Анаҩс, дара рганахьала аидарамҩангага машьына дук аагьыжьын, ҳара аиҭныҧсахлараз ишахәҭоу еиҧш ирыцқьаны инаҳашьҭыз рыҧсыбаҩқәа зқәыз атрактор ианавагылеит. Убасҟан еилыскааит, ҳара ҳтәқәа рахьынтәи аӡәгьы иҧсы ҭаны дышҳарымҭаз…».

Сзыҿцәажәоз аибашьҩы Зураб Адлеиба, напышьашәала аҕа иҿалоз, ашәара ҳәа ззымдыруаз абарҭ афактқәа игәалаиршәо даналага, илаҕырӡ изнымкылеит. Ихаҿсахьа ианубаалон иҩызцәа рҭахара шхьааигоз, иара убасгьы аҕацәа рышҟа имаз агәаҕгьы аҽаҵәахуамызт ихаҿаҧшылараҿы.

Рудик Адлеиба игәыҧ иалаз аибашьцәа шамахамзар зегьы ирхан ахҭырҧа еиқәаҵәа. Урҭ ҽырбашақә иныҟәыргаӡомызт. Убри ала иаадырҧшуан раҧсуара, ргәымшәара, рҟазшьа, рцәаҩа. Аҕа иҿаҧхьа аҭеиҭҧшгьы акраанагоит. Адауаҧшьқәа ирҩызаз арҧарцәа бџьарла еиқәных, рыхҭырҧа еиқәаҵәақәа рхаҵаны ианаацәырҵлак дарбан аҧсыуаз згәы шьҭнамхуаз. Аҕа днарҿаҳаргьы рҭеиҭҧш мацара дацәшәон.

Ахы инаркны аҵыхәанӡа аибашьра амҩа ианысыз аибашьҩы, аветеран Зураб Адлеиба изеҕьаҳшьоит иахьа зааӡара даҿу ихшара рчараҿы ахҭырҧа шкәакәа ихаҵаны дықәқьежьааны акәашара!


 Шарида Торчуа

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me