Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Илбон ишиашам араҟа аиаша»

Инна Аҳашба лпоезиа иақәнагоу ажәа аҳәара уадаҩуп, уи аӡәгьы дилаҩашьаӡом, аҧхьанатә аахыс лхатә ҳәашьа мҧсахӡакәа, есымшааирагьы лҽырҵауло, ганрацәала лҽырҭбаауа дааиуан.

Лсахьаркыратә ажәа агьама ахаан иухашҭӡом, избанзар лхаҭара аҳаракыра аныҧшуеит лырҿиарагьы…ус адагьы, ишҧа нас?! Аӡәгьы изы игәалсрамхааит, хә-жәашықәсак инарыцны, ҳдоуҳа иауасхыру ҳлитература ашҭа, џьоук реиҧш ҽырбашақә акәымкәа, гәыла-ҧсыла иҭахандеиуаз, акымкәа зҩымҭақәа реизгақәа аҧхьаҩцәа ироухьоу, лдунеи лыҧсахаанӡа, хәҭа-хәҭала еимыҵәҵәаны иршо аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иахьықәыргыламыз џьоушьартә иҟоуп, аиашазы. Апремиа иаҧсахаҭоу, ирхханы иаагоу акәымкәа, абаҩхатәра иашацқьа иахылҵуа арҿиамҭақәеи урҭ раҧҵаҩцәеи рхыҧхьаӡара рацәаҩхо Ҳазшаз иҟаиҵалааит есымшааирагьы…аха, аҵабыргҵәҟьа ҳаилкаарҭами?!

Ирыцҳарахаз араҟа, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ҳахдырра аасҭа ҳгәаҳәара ҧыжәара ахьаҳцәаго иахҟьаны, досу ҳхатәы «Сара» мыцхәы иҳараҳкцәалоит…Иахҟьогьы маҷымзар акәхап, ҳхазы ибзиоу, аха азеиҧш азы иҵырбгагоу?!

Ачҳареи ахы аҳаҭыр абареи ҳажәлар рхаҭаратә цәаҩа хадақәа ишреиуаз ҳхаҳмыршҭлар бзиан!!! Мамзар, ирацәам аамҭақәак рнаҩс, иибаз зегь зыҧшьаз апап ҳиеиҧшхар алшоит. Уи амилаҭтә хаҿра аиқәырхареи, аихаҳареи раасҭа, иареицакуазар акәхап…?!

Хәы-змам аҵабырг – здунеилкаараҿы ихадараз, зегь ирқәашьым АИАША иҳаракӡаны, зыҿҟьарақәа цаҕьцаҕьуа каҵәараны изыҧхьаӡоз, згәаҭагьы убасҵәҟьа иҟаз, ҧсаҭа шкәакәа Инна Аҳашба лҩымҭақәа аҵыхәтәантәи реизга «Аҧсыраӡа» еиднакылоит лыҧсҭазаараҿы акыр шықәса раахыс дзыниоз еиуеиҧшым абзазаратә ҭагылазаашьақәеи ахҭысқәеи илызцәырыргоз агәахәареи ахьааи зуасхырхаз ажәа еинраалақәа.

Ҳсахьаркыратә ажәа арҿиаҩцәа руаӡәк иажәақәа рыла иаҳҳәозар, «илбон ишиашам араҟа аиаша», аха, гәыҧҩык реиҧш ахныҟәгаразы уи зҽанызраалоз дреиуамызт. Аиашамра лҽамырхәынгакәа, лхаҭа ишылҳәаз еиҧш, «аҧсҭазаара зымха хьаа» ахац дкылсны иагьыналыгӡеит луахҭа…

«Аҧсыраӡа» аҧхьатәи адаҟьақәа инадыркны автор лажәа сахьарк уатәнатәуеит. Уи еиднакыло ажәеинраалақәа ридеиақәа ҳәаа рымаӡам, урҭ аҧсадгьыл аҧеиҧш, алахьынҵа, ауаҩы иҟазаареи иҟамзаареи аҵакы, уҳәа ҧсҭазааратә дац-ҧашәла иҳәаақәҵоу, «инаӡаӡатәу» хшыҩҵакқәоуп.

Араҟа ирықәӡбоуп ауаатәыҩса реиҵашьыцрақәа, рчарҳәарақәа, рыҧсымҭәрақәа уҳәа иахьа шаҳаҭс ҳазмоу зегьы. Иара убри алагьы аизга цәаҳәа хаданы иагәылсуеит ауаҩы ҧсыцқьала иҧсҭазааратә мҩа дшахысша.

«Аҧсыраӡа» иахыҩуа, аҧхьаҩ ицәа дҭазырӡыӡо апоезиатә шьҭыбжьы ҳарак, ажәа ҧшьала иҳәоу автор лиаша-ҵабырг,лгәыҿкаагажәа хашҭра зқәым гәҭыхажәоуп, гәжәажәароуп. Цқьарыла згәы-зыҧсы ҭәым ауаҩы ас еиҧш ажәа изаҧҵарым.

Инна Аҳашба лыҧсҭазааратә мҩа еихызшьало «Аҧсыраӡа», «Са саҧсыуоуп» ҳәа хдыррала зхы иззазҳәо дарбанызаалак дызлоу аҟыба-ӡыбақәа дрылганы, хадара злоу ашҟа ҳхьарҧшра, ҳамҩасшьа ашәаразы ааҧхьароуп ҳҳәар агха ҳахьуам ҵабыргны. Уи ҳмилаҭтә литература иамоу аҩаӡарақәа даҽазныкгьы ишьақәнарҕәҕәоит.


Ахра Анқәаб,

алитератураҭҵааҩы

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me