Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Инна лажәа еихсыҕьрада иааҩлоит!

Аҧсуа литература шаҟа доуҳала, ҩныҵҟала иҕәҕәоу аҟара, убри аҟарагьы ихьчам, иуашәшәыроуп: уи ахыҧша, анырра ҳаразкуа абжьырацәара, бжьык анагхалакь – иаразнак ианыҧшуеит, алахь еиқәнаҵоит, ашьара иқәнаҟьоит.

Убас иҟалеит аҵыхәтәантәи аамҭазы инеишьҭагыланы жәпаҩык ашәҟәыҩҩцәа рцара. Ҳҟазацәа, ҳҿахәҳәаҩцәа ҳсахьаркыратә дунеиаҿы досу иникылоз аҭыҧ, досу иҿахәҳәарҭа  ааигәа-сигәа ҭырҭәаашьа амамкәа иаанхоит. Убас иаҳныҧшуеит, ҳаиҵанарҕәҕәоит макьана аҳәатәы рацәаны измаз, ҳмилаҭтә поезиаҿы еиҧш, ҳауаажәларратә ҧсҭазаараҿгьы зажәа кыр ҧхылнадоз  Инна Аҳашҧҳа  лгәыхәтәхьымӡара.

Инна ҧсабарала, цәаҩала дпоетын, избанзар гәҭыхала, хьаала, абжьааҧнытәи  ҧсҭазааратә хабыхацрала  деибаркын. Лара лнапы злакыз атемақәа шырацәазгьы, урҭ рахьтә иаҳа ихатәран, иҵаулан, аҩныҵҟатәи адоуҳатә  мчхара аман Аҧсадгьыл иазкыз, ҳажәлар рлахьынҵа, рхеиқәырхара, рҧеиҧш азхәыцра, урҭқәа сахьаркырала ргәаагӡара  зныҧшуаз, изныҩуаз ахырхарҭа. Уи ахьаа акәын ллирика аҧсы ахазҵоз, уи ашьа-ада иҭаныҟәоз. Дарбан поетзаалакь иажәа аамҭа иақәҿнаҭыртә, быкьыбжьны ижәлар ирылаҩыртә дҟазҵо  уи иҩныҵҟатәи игәҽанызаароуп, игәырҵҟәыл амчоуп. Ҷыдалагьы убарҭқәа зырҿиамҭа ианыҧшыз поетцәаны иҳаман,  иҳамоуп ҳара Дырмит Гәлиа, Омар Беигәаа, Самсон Ҷанба, Леонти Лабахәуа, Миха Лакрба, Алықьса Лашәриа, Кьыршьал Чачхалиа уҳәа ҳдоуҳатә ҧхьагылаҩцәа дуқәа. 

Гәыҩбарагь сымам, Инна Аҳашҧҳа урҭ рхыҧша, рхылҟьа-ҿылҟьа, рырҿиаратә гәаҭеира, реибаха-еибафара  кырӡа ишылзааигәаз азыҳәан.  Сгәанала, иахьа адунеиаҿ апостмодернтә ҽырбарақәеи ахьаҳәхьачарақәеи маҷк ҽырхықәымҵарыла изызныҟәо аграждантә  пафос џьбара анацәмаҷха, ианаҟәыҧсаа  апоезиа, уи хәҭакахьала ибжаҩа-бжаӡамхар залшом.

Сара сызҿу ҧхаррак ҳзынмыжьӡакәа, иаразнак  афархьымцеиҧш  иааихәлацәо ажәеинраалақәа ракәӡам. Зыӡбахә сымоу зышьҭыбжьныҩрагь ҩашьара ақәым, зыхшыҩҵакгьы баша-машам арҿиамҭақәа роуп.  Сгәанала, убри  ахшыҩи ацәанырреи реинырра иарҵысыз асинтетика еилаҭәах ауп ҳара аҧсуаа ҳсахьаркыратә дунеигьы еибаркны измоу жәынгьы-ҿангьы.

Инна Аҳашҧҳа ллирика ахә ушьарцазын, аҵыхәтәантәи «Аԥсыраӡа» назлоу уи леизгақәа акакала инеихырҧхьо, цқьа унаргәылаҧшуа иҭыуҵаароуп. Убасҟаноуп кырӡа уаназааигәахо апоет лсахьаркыратә ҧшаарақәа ралгоритм, угәаҟынӡа ианнеиуа лоунытә лқәыҧсычҳарақәеи, алирикатә хҭыс иарҿиаз агәҭацәажәарақәеи.  Апоет еиуеиҧшым лырҿиаратә гәалаҟазаарақәа ирымшынҵа-ҩырақәоушәоуп  ишҳадаҳкыло, иаҳҳәозар, абарҭ ажәеинраалақәа: “Мҩакы сықәлан, сдырхынҳәит”, “Цыра-цырала”,  “Дунеик ҭахоит, дунеик нхоит...”, “Зегь ҳамҩасуеит нас ашьшьыҳәа...”, “Сымш цыршәа сгәыҵакны...”, “Адгьыл сыҧхьон”,  “Сара стәы”... “Агәырҕьаҿҳәаша...” “Саҳәшьцәа Нхыҵаа рҭыҧҳацәа..."

    Инна Аҳашҧҳа ллирикатә дунеигәынкылашьаҿы ҧшшәахәҷыдала аҽалнакаауеит  алирикатә фырҧҳәызбеи аҧсабареи реизыҟазаашьа, маӡа-аргама реигәныҩшьа. Араҟа апоет традициала аҧсуа поезиаҿы иалырдахьоу амҩахәасҭақәа днархыланы ашьҭрақәлара лҽалалыгӡом. Ҽа лаҧшык иалаҩашьом лара лылаҧш, лара лгәынхәҵысҭа-мҩа, дгьыли-жәҩани реигәныҩра лара лпоезиа иасакралтә  хаҿсахьаны иҟаларцазын лара лажәа, лара лҳәоу, лара лматанеирақәа. Усеиҧш иҟаз гәыҩ-ҿыҩ зҿлымҳарыла  аҧсабара аарҧшышьақәа рныҧшит иаазыркьаҿу ллирикатә притчақәа,  абар урҭ руак:

 

Адгьыл иахшәама са сгәы,

Ажәҩан лаҧшыла исҵәаҕәон.

Абаҩ иацрыхоз ацгәы

Иахьӡысҵо хәыцуа снатәон…

Ҩызара сзызуаз аӡиа,

Амра хыҧсалан иҧҽны.

Ҭагалантәи мшыкгьы каииа,

Иаҳҧырҵуан аҧҽыха ҟәшәаны...

Абасала аҧсабара амаӡақәа аҽыргәылахалара ҟазшьас ишьҭырхуеит зыуаҩыбжара инҭысны, зышықәсқәеи зхәыцрақәеи рхаҩаӡарахь зшьаҿа неихызго арҿиаҩцәа аӡәырҩы. Убасеиҧш иҟоу сахьаркыратә ҧшыхәрақәа-маӡақәа рнубаалоит Инна Аҳашҧҳа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҭыҵыз леизгақәа,  иналкааны аизга «Аԥсыраӡа»  иагәылоу  алирикатә нҵамҭақәа:

 

***

Шахә имҵәыжәҩа

                         сныҵеикызшәа,

Бла хаак сыкәырша сҭаҳәҳәан,

Жәҩан аҵкараҿ иаасыртызшәа,

Еҵәа-ццышәла сыхьӡ анҵан...

 

***

Амца сыцрасит, сыблырцаз–                                     

                                  сбылӡом.

Мҩабжа сынҿасит санзымца-  

                                     сцаӡом,

Аҵых сынҭысны, ашара сахьӡар,

Амра шәахәа-хаа

                      аҧрыцәқәа сызҧар,

Сышьҭахь идәықәлаз

                          сыхьӡаргьы ҟалап,

Сышықәсқәа ирҭамӡаз

                             схьаагь сагап...

 

Инна Аҳашҧҳа лпоезиеи, лыҧсҭазаареи, лгәынамӡарақәеи лгәыҕрақәеи  жәпаџьара еиқәҿырҭуеит. Арҩаш ахы ахьыҵнахуа инаркны иазыҧҵәоу амҩа ианысаанӡа иахылыҩуа абжьы еицакра шақәым еиҧш  лара лыҧсҭазаарагьы иагәылыҩуеит   уахи-ҽнитәи лдоуҳатә гәаҭеирақәа рыбжьы. Аҧсуа милаҭтә идеиа аныхьчатәха – лара дҳаҵҳаҵо  днарылагылт “Аидгылара” аҧҵаҩцәа. Ҧақәашьаа реибашьцәа ргәы анышьҭыхтәха – «ҳаит, амарџьақәа» зҳәоз рыжәҩахыр днаҵагылт, лажәа- еицҳафырқәа  афырхацәа рзын ихьаахҽыгаха. Инна лҟыбаҩи лыҧхӡашеи здылҵақәаз “Аҧсны Ҟаҧшьи”, “Амцабзи”, ашәҟәҭыжьырҭа “Алашареи”, Д.Гәлиа иҩны-музеии - зыда ҧсыхәа ҳамам доуҳатә ҿахәҳәагақәоуп. Ицап аамҭақәа. Апоет лажәа, лцәаҳәа ҭышәынтәала гәхьааганы иазыхынҳәуа аҿаргьы, аиҳабацәагьы шыҟало лакҩакрада  агәра згоит.


Владимир Занҭариа,

ААР академик

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me