Абжьы ссир – ауаа зхәышәтәуа

Ҳажәлар аҧеиҧш бзиа шрымоу азы угәаанагара  уеижьом, ашәаҳәара абаҩхатәра иаша злоу Гәдиса Қәычбериа иеиҧш иҟоу аҿар анаҳҧыло.

Данхәыҷыз аахыс амузыка иадҳәалоу Гәдиса, амузыкатә ҵара имоуп, иаирҳәоит аҧсуа  милаҭтә рҳәагақәа зегь рыхкы: ачамгәыр, аҿарпын, аҧхьарца, аҩымаа, ахымаа, амырзакан уҳәа убас егьырҭгьы. Уи Очамчыратәи ашкол-интернат аҟны иҵара иҽахаршәаланы, аҩбатәи акласс аҟны дантәаз нахыс дныҟәон Очамчыра ақалақь аҿы еиҿкаау амузыкатә школ аоркестр аҟәшахьы.

Ҳаиҿцәажәараан излазгәеиҭаз ала, рҵаҩысгьы, напхгаҩысгьы диман Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Мариана Шинелиа. Шықәсык ашьҭахь, асахьаҭыхратә ҟәшаҿгьы ихы ҧишәарц иӡбеит. Арҭ аҩ-ҟәшак рҿы 5-5 шықәса аҵара иҵеит, қәҿиара бзиалагьы ихиркәшеит.

Амузыка  инаҷыдангьы Гәдиса иҩуан ихатәы жәеинраалақәагьы. Ҳаиҿцәажәараан излеиҳәаз ала, ахәбатәи акласс аҿы аҵара аниҵоз ииҩыз «Аҧсуара» захьӡыз ажәеинраала, аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс имаз, Аҧсны зҽаҧсазтәыз арҵаҩы Заира Шьықәыр-иҧҳа Ҷакәуа лыбзоурала акьыҧхь абеит. Гәдиса қәҿиарала ашколтә ҧсҭазаара далагылан. Аиҳабыратә классқәа рҿы еиҿкааз, еиуеиҧшым алитературатә кружокқәа иҽрылаирхәуан, ихатәы сцена хәыҷқәа иҩуан, иагьықәиргылон. Хазы, аҧсуа бызшәа, аҭоурых, ахима, абиологиа амаҭәарқәа рыла ҳтәылаҿы араионтәи ареспубликатәи аолимпиадақәа рҟны изныкымкәан Аиааирақәа игахьан. 10- тәи акласс аҟны дантәаз акәзар, Аҧсны аҵара Аминистрра абзоурала Санкт-Петербург ақалақь аҟны имҩаҧгаз Жәларбжьаратәи афестиваль ахь дышьҭын. Уаҟа 1-тәи аҭыҧқәа 3- иҟаз, руак Гәдиса игеит. Х-ҳәынҭқаррак ирзыҧҵәаз актәи аҭыҧ рыцеиҩишеит.

Гәдиса ҳаиҿцәажәараан дазааҭгылеит ира убас, 11-тәи акласс аҿы аҵара аниҵоз, Очамчыра араион аҿы еиҿкаау Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи ансамбль «Ерцахә» аҟны тенерс дшаҟаз.

«Уаҟа ашәа зцысҳәоз зегьы сара сеиҳа акыр еиҳабацәаз, ашәаҳәараҿы абаҩхатәреи аҧышәеи злаз ракәын. Урҭ зегьы даара гәцаракрыла исзыҟан, саргьы аамҭа кьаҿк иалагӡаны сыҧсы исзалымхуа бзиа избеит, срышьцылеит. Зегь реиҳа исзааигәахаз, абдуҵас исшьоз иакәны дысзыҟалеит абжьы ссир зхоу ашәаҳәаҩ нага Нодар Быҭәба,»– дҳацәажәон Гәдиса раҧхьа ашәа зциҳәоз ансамбль аколлектив игәаларшәо.

Гәдиса амузыка, ашәаҳәара ус баша абзиабара акәым, далааӡоуп, иахьа ҧсҭазаарас имоугьы иара акәӡоуп.

Уи иажәақәа рыла, иҟамызт мышкы, хәылбаҽхала аҭаацәа зегь еизаны ахәышҭаара ианааҽҳәатәоз Гәдиса ачамгәыр аанкыланы акеиҩҳәа ашәа аацәырган ианыимҳәоз.

«Еиҳаракгьы, алашара аныҟам шәаҳәароуп сызҿу, аӡын ҵыхқәа раан, ишыжәдыруа еиҧш, лассы-лассы лашарада ҳаанхоит, усҟан ашәаҳәарада даҽа уск аҟаҵара уадаҩуп», – иҳәеит арҧыс дыччо.

18-шықәса ирҭагылоу Гәдиса Қәычбериа, ҳаиҿцәажәараан инаҵшьны иазгәеиҭеит, амузыка, ашәаҳәара игәы даара ишазыбылуазгьы, ҩ-шықәса раҧхьа, амедицина ахь ихы ирхарц, игәы ишҭеикхьаз, аҳақьым изанааҭ ашьҭхра шиӡбахьаз. Аха анаҩс уи иацәхьаҵра шьаҭанкыла изыҧсахыз ахҭыс аиҭаҳәарахь диасит.

«Очамчыра араион Акультура Ахан даҭааит Аҧсны жәлар рартист, адирижиор, аоператә шәаҳәаҩы Нодар Ҷанба. Уи абаҩхатәра змоу аҿар алиҧшаауан. Сара уи аҽны ада дсымбацызт. 16 шықәса зхыҵуаз аҷкәын, аҧхьаҟа исырҵаҩхараны иҟаз иҿаҧхьа афортепиано снадтәалан ашәа нацысҳәеит. Ус акәхеит, схы-сгәы иҭамкәан сразҟгьы уа иӡбахеит. Ашәа ҳәаны саналга ашьҭахь, Нодар Ҷанба инаимҩатәны ҽмыршьыгала дсазҵааит, «аҧхьаҟа занааҭс иалухырц иуҭахи, узҭаларц гәҭакыс иумоузеи, иалуххьоума» – ҳәа. Саргьы сеиҵамхакәан, аҳақьым изанааҭ алысхит, исҭахәуп амедицинатә ҵараиурҭа сҭаларц ҳәа аҭак исҭеит. Аха иара мчыла исыдымцалакәан: «аҳақьым изанааҭ даара ибзиоуп, ихәарҭоу занааҭуп. Уҳақьымхар – иалшоит мышкы жәаҩык ухәшәтәыр, аха уара ашәаҳәара абаҩхатәра улоуп, абжьы ссир ухоуп. Ушәаҳәаҩхар, убжьала, уашәаҳәарала мышкы зықьҩык ухәшәтәыр улшоит – уазхәыц…» – иҳәеит уи.

Гәдиса излаиҳәаз ала, Санкт-Петербург ақалақь аҟны, Киров ихьӡ зху Арратә Академиа аҭаларазы, ҩышықәса иҽыззыҟаиҵоз, аҽныҵәҟьа мап ацәикит. «Иахьагьы иџьасшьоит, знык ада исымбацыз ауаҩ иажәақәа шаҟа анырра сырҭаз, рымчхара сатәнатәыз. Аха, уиижьҭеи мышкгьы сахьымхәыцт ашәаҳәарахь сахьиасыз, уи занааҭс иахьышьҭысхыз», – иҳәеит ашәаҳәаҩ қәыҧш.

Гәдиса иахьа аҵара иҵоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, сынтәа ҿыц иаадыртыз, аҟазара афакультет аҿы, Н.Ҷанба еиҳабыс дызмоу ахор адирижиортә ҟәшаҿы, иара убас, ашәа иҳәоит Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә капелла аҟны.

«Аклассикатә музыкахь схьаҧшра зыбзоуроу Нодар Ҷанба иоуп. Уи аҵараҿгьы рҵаҩыс дсымоуп, аусураҿгьы – сахьаркыратә напхгаҩыс. Аҟазара, ашәаҳәара азанааҭ алысхзар аахыс, сымҩақәҵо, дсыхӡыӡаауа, гәцаракрала дысзыҟоуп. Хаҭала, сара насыҧ ду змоу аӡә сакәны схы збоит, ас еиҧш иҟоу аҟаза, ашәаҳәаҩ хатәра сыҧсҭазаара дахьахәҭакхаз, иааигәа аҟазаара ахьсразҟхаз,» –  дҳацәажәон Гәдиса ирҵаҩы дизгәдуны.

Гәдиса макьана абыжьқәа зегь рыла ашәаҳәара илшоит: абас, атенер, альт, асопрано, абаритон зегь рыхкы ҳзиҳәеит ҳаиҿцәажәара ахыркәшара ашьҭахь. Даара гәахәарыла ҳаизыӡырҩуан ҳаргьы.

Аиашазы, хаҭала, раҧхьаӡа акәны абжьқәа зегь назыгӡо ашәаҳәаҩ сиҿцәажәон. Уи  ибжьқәа шеиҭеикуаз  лакәаҳшьон.

 Агәра ҳгоит Гәдиса ибжьы, иашәаҳәара, иашаҵәҟьаны, иахәшәтәуа 1000 – ҩыла ишыҟало.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me