Лаҵара 14, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Абџьар-ҟазацәа рцәыргақәҵа

Аԥсуаа наџьнатә аахыс рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп абџьар аныҟәгара. Машәыршәа иҟалаз акы акәым абџьар-ҟазацәа рпрофессионалтә рҿиаратә еидгыла «Х-напы» аиҿкаарагьы.

Ҳажәлар рыԥсҭазаара, рҭоурых агәҭа иалагылоу, иахәҭаку аҟазацәа иаԥырҵеит, ҟазара дула рнапы иҵырхит аԥсуаа рабџьар. Урҭ рахьтә ихадоу цәырган Аԥсны асахьаҭыхцәа Рцәыргақәҵатә зал аҿы.

Абџьар-ҟазацәа реидгыла напхгаҩыс дамоуп Ҭемыр Ӡиӡариа. Раԥхьаӡа акәны абџьар-ҟазацәа реидгыла аԥҵан март мза 2021 шықәсазы. Ахықәкы – абџьар-азҟазара Аԥсны арҿиара ауп. Ацәыргақәҵа «Х-напы», аҩбтәи цәыргақәҵоуп. Ҭемыр Ӡиӡариа иажәақәа рыла, ара иҟоу аусумҭақәа зегьы аԥҵоуп шықәсык ахи-аҵыхәеи иҭагӡаны. 

Аҭааҩцәа задҵуамызт напҟазарыла иаԥҵоу аԥсуа иабџьар, ара иҟоуп аҟамақәа, араӡын иалху, еиуеиԥшым аҳәызбақәа, аихақәа. Аҭааҩцәа даара иазҿлымҳахеит, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа иаԥиҵаз VI ашәышықәса иаҵанакуа аԥсилаа (абазгаа) ркәылӡымаҭәа. Иара аԥҵоуп 1977-1978 шықәсқәа рзы, Ҵабал ақыҭан имҩаԥгаз археологиатә ԥшаамҭақәа рышьҭрала. Урҭ аԥшаарақәа мҩаԥигеит аҵаруаҩ Иури Воронов. Усҟан ирымԥыхьашәаз аихалыхқәа шьаҭас иҟаҵаны, Баҭал Џьапуа илшеит акәылӡымаҭәа ашьақәыргылара. Асахьаҭыхҩы иажәақәа рыла, «иԥшааз ахәҭақәа рахьтә зегь реиҳа аинтерес цәырнагеит даԥла еиласаз аихатәы кәылӡымаҭәа, иара даҽакы еиԥшым. Уи аԥҵараан иҟаҵан 1367 даԥа, дара зегьы бырфын рахәыцла еидҳәалан. Ари акәылӡымаҭәа аҟаҵара иагеит шә-метрак рҟынӡа аҟаитан. Акәылӡы ахаҭеи акәылӡхылԥеи еизаку рыкапан ишьақәнаргылоит 14,5 кьыла. Аибашьҩы иабџьармаҭәа шьақәгылоуп, аҳәаса, ахыци ахәымпалқәеи, ахыцҭреи, ахҿаҭреи рыла. Иара ишахәҭоу бџьарла аиқәыршәаразы ара иазхом аҳәызба, ацәыгаеиха (ҩ-ҿык змоу аҳәызба), насгьы аԥсақәа ҩба.

Аибашьҩы иабџьармаҭәа аилазаараҿы иҟоуп аромб иеиԥшу, аихатәы мҳасҭа змоу, аибашьҩы инапы зыхьчо аԥырага. Аԥырага ҩ-ҿыгҳарак амоуп, иара амҿы иалхуп (ал ҵла ахархәара амоуп) аганқәа 60х 62см. иҟоуп. Аԥырага акьыԥшьқәа асахҭан ала ихҟьоуп. Насгьы, амҩангареи, аныҟәгареи рзы аҩнуҵҟатәи ахәҭақәа амаҟақәа рыла еиқәыршәоуп.

Иазгәаҭатәуп, ари абџьар-ҟазацәа рцәыргақәҵа даара аинтерс кны иаҭаауаз шырацәаз. Сара хаҭала срыхҭыгәлеит аҩбатәи амшазы хыԥхьаӡара рацәала аҿар. Урҭ иҭырҵаауан ахааназ ирымбацыз, аҭоурых ду згәыҵаҵәаху аԥсилаа ркәылӡымаҭәа.

Асеиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа шьаҭамырӡгоуп, ҭоурых ҿахәҳәагоуп абиԥарақәа рзы.

Ацәыргақәҵаҿы иҟоу аусумҭақәа зегьы рахьтә иаԥҵоу акомиссиа иалыркааз нагахоит настәи, иашьҭанеиуа ацәыргақәҵахьы.

Иахьазы абџьар-ҟазацәа иреиӷьаҳшьоит акырӡа иҵаулоу рус аҿы аихьӡарақәа.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me