Лаҵара 14, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Есыҽны аԥсуа бызшәа иамшзароуп

Аԥсуа бызшәа аҵара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа, иҿыцу аметодикақәеи абызшәа аҵара ирласу акурсқәа русуреи, уҳәа ртәы дазааҭгылеит  Аԥсныпресс акорреспондент дзыҿцәажәаз  аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниа.

Уи лажәақәа рыла, ҳтәылаҿы амилаҭтә хдырреи адемографиеи ирыдҳәаланы ӷәӷәала апроблемақәа ыҟоуп. Иахьатәи амш азы зхатәы  бызшәала ицәажәо, ихәыцуа, иара убас ҽышәала уи зхы иазырхәо еиҳа-еиҳа рхыԥхьаӡара иагхоит.

«Ҳара хыԥхьаӡарала ҳмаҷра, аурыс бызшәа ӷәӷәала анырра, уҳәа егьырҭ ирыхҟьаны аԥсуа бызшәа иахьатәи аҭагылазаашьа  шьақәгылеит. Ҳара ҳҿи-ҳнапи еиқәыԥсаны ҳтәаӡам, ари аҭагылазаашьа арҽеиразы иҳалшо ҳаҿуп. Ааигәоуп аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә Еилакы анаԥҵаз.  Уаанӡа аус ауан аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд. Анаҩс уи хазы иаԥҵаз аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Еилакы акәны ишьақәдыргылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь ари аҳәынҭқарратә Еилакы адепартамент азин ашьаҭала аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра иаларгалеит.  Ашьҭахь адепартамент Аминистрра алгареи аҳәынҭқарратә Усбарҭа аԥҵареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит, жәабранымза 2023 шықәсазы», –  лҳәеит уи.

«Ҳара активла аусура ҳалагеит лаҵарамза инаркны, уинахыс аамҭа митәык шымцацгьы, иҳалҳаршаз маҷӡам ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Абызшәа аҵареи арҿиареи рзы апрограмма еиқәҳаршәеит. Сара сгәаанагарала Аԥсны иқәынхо зегьы аелементартә ҩаӡара ала акәзаргьы, аҳәынҭқарратә бызшәа рдыруазар ахәҭоуп.  Уи азы ирласны абызшәа аҵара  акурсқәа хымԥадатәиуп.  Убри аан акурсқәа рацәазароуп, агәыԥқәагьы убасҵәҟьа» – ҳәа иазгәалҭеит Аусбарҭа аиҳабы.

«2024 шықәса инаркны ареспублика ақалақьқәа зегьы рҿы ахәыҷқәеи аиҳабацәеи рзы аԥсуа бызшәа аҵара Ацентрқәа раартра азԥхьагәаҭоуп.  Уажәы аҳәынҭқарратә Усбарҭа аҿы аԥсуа бызшәа аҵара азы ирласу, ихәыда-ԥсадоу акурсқәа аус руеит. Урҭ ирзоужьу аамҭа иалагӡаны ауаҩы аԥсышәала ацәажәара ирҵара алшоит. Ҳара ҳашҟа иаауеит атәылауаҩра аиуразы аԥышәара иахысырц, аԥсуа бызшәала ацәажәара зҵарц зҭаху ауаа. Ҳара акурсқәа рымҩаԥгаразы ааԥхьара иаҳҭеит аԥышәа змоу ААУ аҟынтәи арҵаҩы. Аметодика митәык иуадаҩӡам, агәыԥ иалоу зегьы аҽазыҟаҵарақәа гәахәарыла ирҭаауеит. Жьҭаарамза анҵәамҭазы актәи агәыԥ рҵара  хдыркәшараны иҟоуп, аԥышәара рҭиуеит, анаҩс урҭ асертификат рыҭахоит. Атәылауаҩра азы аԥышәара уи ашьҭахь, аиустициа Аминистрраҿы ирҭиуеит», – лҳәеит Гәында Кәыҵниа.

 «Ҳара ҳҽазаҳшәоит  убас ала ҳус аиҿкаара, ауаа акурсқәа рахь аныҟәареи абызшәа аҵареи ргәаԥхо иҟаларц. Абызшәа егьа иуадаҩзаргьы, уи аҵаразы агәазыҳәареи иахәҭоу аҭагылазаашьақәеи аҭыԥ роур, усҟан жәаҳәарада иарбоу ахықәкы нагӡахоит. Ҳара Аԥсны иқәынхо зегьы аҳәынҭқарратә бызшәа рдыруазарц  ҳҭахуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит аиҳабы.

  Аԥсуа  бызшәа  арҿиара иадҳәалоуп ихадоу ҩ-проблемак  – аԥаратә хархәагақәеи аспециалистцәа разымхареи. «Ҳара ҳҳәынҭқарра ус еиԥш алшара амаӡам аусшәҟәқәа реикәыршареи аусеилыргареи, аусуратә шәҟәеимадара зегьы аԥсышәала амҩаԥгара аиҿкааразы. Жәлар Реизара-Апарламент аилатәарақәа зегьы аԥсышәала имҩаԥысуазароуп, уи ззымдыруа рзы асинхронтә еиҭагара еиҿкаазароуп», –лгәаанагара лҳәеит Гәында Кәыҵниа.

Аусбарҭа аҿы амультфильмқәа аԥсуа бызшәахьы рдублиаж аҟаҵара ахшыҩзышьҭра ду арҭоит. Аԥсуа бызшәахьы здублиаж ҟаҵоу 11 мультфильм ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ахәаԥшыҩцәа рҟынӡа инаҳгартә алшара ҟалоит. Мультфильмк 12 минуҭ ирҭагӡоуп. Ҳаԥхьаҟа иазԥхьагәаҭоуп аԥсуа мультфильмқәа раԥҵара, аха уи акыр ахарџь аҭаххоит. 

Иара убас, Гәында Кәыҵниа аусбарҭа ахәыҷтәы сахьаркыратә литература, аметодикатәи лабҿабатәи ацхыраагӡақәа, аҵаратә интерактивтә ахәыҷтәы планшетқәа, ацҵақәа, аудиошәҟәқәа, ицәажәо анбан, алабҿабатә цхыраагӡақәа, уҳәа рҭыжьра иазку аусура шынанагӡо атәы даҳзалацәажәеит. Иааидкыланы 2023 шықәсазы аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Усбарҭа аҿы рынагӡара алыршахеит  анаҩстәи   апроектқәа:

– аԥсуа бызшәа ирласны аҵара акурсқәа;

– аофициалтә усшәҟәқәа реиҭагара, аусеилыргара, аусшәҟәқәа реикәыршареи иара убас иҷыдоу атерминологиеи аԥсуа бызшәахьы аиҭагара;

– анбан «Аԥсуа бызшәа ихәыҷӡақәоу рзы. Ицәажәо анбан» аелектронтә версиа аԥҵара;

– апрограммақәа раԥҵара, аинтерактивтә рҵагашәҟәқәеи аҵаразы атехникатә хархәагақәеи аҵаратә хархәага «Аԥсуа бызшәа» (имариаӡоу алагаратә ҩаӡара) рҭыжьра;

– ашколқәранӡатәи ахәыҷқәеи аиҵбыратә классқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәеи рзы аудиошәҟәқәа рҭыжьра;

– амульфильмқәеи асахьаркыратә фильмқәеи рдублиаж аҟаҵара;

– асахьақәа рыла еиқәыршәоу ажәар «Сара раԥхьатәи сышәҟәы» аҭыжьра;

– аԥсышәала алабҿабатә хархәага «Ахәыҷтәы планшетқәа» рҭыжьра;

– П. Бебиа ахәыҷқәа рзы иажәеинраалақәа реизга «Амра ԥхоит» аҭыжьра;

– А. Мықәба илакә-пиеса «Ажьа-фырхаҵа» аҭыжьра;

– Гә. Кәыҵниа ахәыҷқәа рзы сахьала еиқәыршәоу аизга «Асааҭи аамҭеи» аҭыжьра;

– В. Ҵнариа аиҵбыратә классқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рзы сахьала еиқәыршәоу ажәеинраалақәа реизга «Сыԥсадгьыл амра» аҭыжьра;

– Г.Х. Андерсен авторс дызмоу, сахьала еиқәыршәоу, аԥсшәахь еиҭагоу илакәқәа реизга  (еиҭеигеит С. Зыхәба);

 – Г. Сақаниа ԥшшәы еилаԥсала ашәыгақәа зцу ажәеинраалақәа реизга «Ашәҭқәа рашәа» аҭыжьра. 

Аусбарҭа аҿы аԥсуа тапонимика азҵаарақәагьы аус рыдырулоит. Атапонимикатә хьыӡқәа рзы иҷыдоу акомиссиа аԥҵоуп.

«Ҳара еиқәыршәаны иҳамазароуп агеографиатә хьыӡқәа рреестр, уи азы иаҭахуп аспециалистцәа. Ари даара иуадаҩу, зымҽхак ҭбаау усуроуп, уи аџьабаа маҷымкәагьы иацуп.  Аԥсныҟа иааз ауаҩы Аԥсны дшыҟоу еиликаауазароуп. Аԥсуа хьыӡқәа рытранскрипциеи реиҭагареи ирыдҳәаланы апроблемақәа маҷымкәа иҟоуп, избан акәзар ҳара аспецификатә ҟазшьа змоу ашьҭыбжьқәа ҳамоуп», -  лҳәеит лара.

Гәында Кәыҵниа атәыла аҿы аҳәынҭқарратә бызшәеи аӡыргареи  рзы азакәанқәа лассы-лассы ишеиларго дазааҭгылеит. «Аӡырга аларҵәара аҳәынҭқарратә бызшәала, иаҭаххоны иҟалар аурыс бызшәалеи англыз бызшәалеи имҩаԥгазароуп, аха убри аан аԥсуа шрифт егьырҭ раасҭа еиҳазароуп. Аҭыԥ хадаҿы икыдзароуп  аԥсышәала иҟаҵоу аҩырақәа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы акәзар, аилагарақәа даара ирацәаны аҭыԥ роуа иалагеит. Ҳара ахылаԥшратә фунциақәа ахьҳамам инамаданы, аилагарақәа раарԥшраан апрокуратура Хада ахь уи азы адырра ҟаҳҵар ҳалшоит, аха азакәан еилазгаз ахараԥса дыршәара азин ҳамаӡам», – лҳәеит Гәында Кәыҵниа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me