Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиаша иашьҭаз апоет

Мышқәак раԥхьа  Д.И.Гәлиа имемориалтә музеи аҟны имҩаԥысит, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиахь иқәыргылоу, ааигәа здунеи зыԥсахыз Инна Аҳашба лпоезиатә еизга «Аԥсыраӡа» аӡыргара.

Аԥхьаҩцәа ишәыдаагалоит апоет лышәҟәы ахцәажәараан Инна Ҳаџьымба лықәгылара. Апоет иаша ибаҩхатәра ду иацназго апоет иразҟы имазароуп. Аԥсуаа ҳҿы иугозар, уи иуаҩра, иаԥсуара, ихақәиҭра аԥхьа игылазароуп. Мап анакәха аԥсуа ԥхьаҩы есымша агәынамӡара, аҽыԥныҳәа имазаауеит. Ибаҩхатәрагьы дахәамԥшыр ҟалоит.

Зегьы рыла инагаз, инаӡаз, инагӡаз Инна Аҳашԥҳа ҽыԥныҳәа лымамызт. Аԥсуа жәлар рхьыԥшымразы ақәԥара иахьеи-уахеи далагылан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, аибашьцәа рыцхыраара дашьҭан, агәыԥжәарақәа рацәаны илхылгон. Лыжәлар злагылаз, лыкәша-мыкәша иҟаз, лааигәара игылаз зегьы рзы зхы иамеигӡоз уаҩын. Урҭ ргәырӷьара еигәырӷьоз, реизҳара иахылаԥшуаз, аԥсуа доуҳа ашҭаҿы иахьеи-уахеи имыцәоз, имтәоз Инна Аҳашԥҳа.

Инна дпоет хатәран. Лара лзы зегьы ирыцкын ажәа еинраала, ажәа хатәра, ажәа наӡа.  Шаҟа исимволузеи Дырмит иашҭаҿы, Инна Никәала-иԥҳа лыԥсы шҭаз Дырмит Гәлиа имемориалтә музеи аусзуҩцәа иахьықәдыргылаз уи ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа иаԥсоуп ҳәа лышәҟәы «Аԥсыраӡа». Ари ашәҟәы ҵыхәтәантәин лара лыԥсҭазаараҿы. Лцамҭазы, лхы-лыԥсы раӡо, аҵыхәтәантәи лымҩа даназхәыцуаз илкыз, илбаз шәҟәуп иара.  Инна апремиақәа ирышьҭамыз, ажәытә ажәа иашьҭаз, изыԥшааз.

«Ҳашҭа дагмыз Аԥсыраӡа, зықә  зхагылоу ауаҩы наӡа, ҳауа ҿыхәан, доуҳа ныхан, жәларык рымцахә еиҿазкыша, лҩа лашьцеи мцалашеи еиҟәызкыша» – абас иаатуеит апоет Инна Аҳашԥҳа лышәҟәы «Аԥсыраӡа».

Лара акәасҭӷа деиԥшуп, амца зку акәасҭӷа. Акәасҭӷа ахьыҟоу амцаԥхарра угхаӡом. Закә разҟыузеи, ужәлар рхәышҭаара ахьеиҿаку кәасҭӷаны аҟалара. Инна дызбылуаз рацәан.

Инна Аҳашԥҳа дызнысыз амҩа ҭынчрак аманы иҟаӡамызт. Аха лпоезиа  лгәыҵакны данысит уи амҩа. Иҭлыжьит 18 шәҟәы. Раԥхьатәи иахьӡын  «Имаӡоу адунеи». Аҵыхәтәаны дааӡеит «Аԥсыраӡа» аҟынӡа. Лышәҟәқәа рыхьӡқәа рылагьы иубоит лара лпоезиа аҿиашьа, лҽыԥсахшьа, леизҳара. Дахьынтәаауа, дахьнеиз.

«Аԥсыраӡа» иагәылоуп есымшатәи Инна лпоезиа: иласу, идоуҳау, ритмлеи рифмалеи еиҿкаау ажәеинраалақәа. Аха аҵыхәтәантәи аамҭазы Инна иаԥшьылгеит, илыԥшааит, илызҳәеит ажәытә ажәа. Ус сашьҭоуп сара Инна лхырхарҭа ҿыц. Уи лара лҟынӡа иҟамызт, ицәырылгеит. Уи еиларҭәоу, аламала зҵакы цәыргам, ажәа агәаӷь заҵәык ала иаарԥшу поезиоуп.

«Аԥсыраӡа» аҿы ажәытәи аҿатәи хырхарҭақәа еиҳагьы ҟазарала еилаӡҩоуп. Иласӡа иҟаз лажәартәашьа иалалоит ахырҭәага икылху, ижәытәӡатәуп ззуҳәаша ажәақәа, ажәеицааирақәа. Урҭ гәылԥшаауп, сара сгәаанагарала, абызшәеи, ақьабзи, аҵаси, афольклори реихысырҭақәа рҿы. Избанзар, урҭ ажәақәеи, ажәеицааирақәеи – апоезиатә цәырҵрақәеи, ахаҿсахьақәеи рыдагьы – ауаҩы, аԥсуа идунеихәаԥшышьа иаҵанакуеит, иҭоурых иагәылху аҵакы рымоуп. Убри аамҭазгьы ауаҩы ихатәы гәҭыха, ихатәы ԥсҭазаара иазкуп. Дунеи дуӡӡак цәырыргоит.

 

Ҳамч абақәхо, дыҟоуп аӡбаҩ,

Ҳақәгьы ҳшәароуп хаз-хазы.

Башак ҳаҭам мал  рҳагас,

Ԥсыла иҿыхуп дгьыл ҳазну.

 

Ажәақәа «Сықә, Сыхь, Сшәа, Маӡа, Ԥсыгәаҭеи, Ҵаҳәа, Хшәаӡшәа…» арҭ ажәақәа жәа цырақәам, урҭ рҵакы акыр ирҭбаауп, философиатә дунеихәаԥшышьоуп.

Инна лбызшәа – Ҳақә – уи иҳақәу Анцәа иҟынтәи. Ирымҳәои Абзиара шәықәзааит ҳәа. Дҵас иҳамоу, ҳамч зықәхаша, ҳашьҭазар иара. Иҟалап уи Анцәа иџьар акәзар, аԥсуа иуалны иқәу акәзар, ҳани ҳаби иҳадырҵаз акәзар, инажәгала ҳәа.

Сыхь – уи лара илхылгаз, илыхьыз, дыззыгәырҩаз, илылымшаз, илҭахыз, дзыхьӡаз, дызҭаӡаз. Абас ажәа ахархәашьа ҽакны, иҳаракны, аргама ицәырганы иҳалҳәоит, ҳалалырԥшуеит.   Мамзаргьы ажәақәа рҵакы еицышьҭыхны, поезиатә хҭысны иҟалҵоит.

Еҵәа-кыдшәа блаццышә-

                                   камшәа,         

Изыншәалаз хәышҭаароуп.

 

Ари Дырмит ихәышҭаара иазуҳәаргьы ҟалоит. Аеҵәа кыдыршәан,  Сасрыҟәа иеиԥш, икамыжькәа днаҵаххны икны, иашьцәа рыгәҭа ахәышҭаара еиҵыхны, ирԥхеит. Лара илҳәеит «Еҵәа-кыдшәа-блаццышә-камшәа». Ажәақәа еинаалоит, ажәак рылҵуеит, ахшыҩҵак доуҳала ихыхәхәо иҭәуп. Икыдшәаз аеҵәа ибылны иццышәхеит, аха икамшәаӡеит.

 

Сықә-лашара-цәымза-мкьаҭа,

Шәахәа лаша амҩа гәаҭа.

 

Илықәу абзиара ду имкьаҭо цәымзоуп. Ишәахәоуп. Разҟны, ашәаны илзыԥшуп. Арҭ ажәақәа ҳабызшәа иатәуп, ус ауп еиҳараӡак ҳаԥсуа жәақәа шышьақәгыло. Инна Аҳашԥҳа уи поезиатә хархәаган, поезиатә хҭысны иҟалҵеит.

 

Гьежьхыкәшак аҩныҵҟа сҭатәан,

Амш хыԥраақәа среиуан.

 

Гьежьхыкәшак  – ари поезиатә терминны лара лаԥхьа уаҩы иҳәеит ҳәа сыҟам. Абызшәа аганахь ала убас лара лбызшәа ҵаула, ллабораториа дҭатәаны аус луан, ажәа лырҿион, ажәа гәылылхуан. Ахьа цәҟәыншьеиԥш иаалырԥшуан.

Абызшәаҿы еилкаарак уҳәарц азы иара нҭкааны иаазырԥшуа атермин ыҟазароуп. Ныҳәа-ныҩбжьы – иаанаго харантә иааҩуа ныҳәак абжьы адагьы, Инна Аҳашԥҳа лҿы уи еилкаароуп, дунеихәаԥшышьоуп.

 

Амахә ӡыӡоит аԥша анасуа.

Аԥеиԥш харада иҿаҟәоуп.

 

Иҳәаны иануаҳалак, «аԥеиԥш харада иҿаҟәоуп» ҳәа, зынӡа имарианы иубоит. Убас иҟоуп игәылыршәоу ажәа, уаргьы иуӡбар ауазшәа. Асахьа ицәырҵуа ҵаулоуп, агәжәажәара ацуп, анаҩстәи ацәаҳәа шәоуп, изоуп.

 

Амра рҭаччеит ҿатын гәилқәа,

Апатҟәырқәа маӡа ргәылҵуан.

Сшәа лабашьа кыдсыргылан,

Снапы еиҭаркын,

                  ҿыцны сдәықәлеит,

Аԥхыӡ бааԥс акәаԥ ргылан,

Сыԥсыуарҳал сеиҭанықәлеит!

 

Цәаҳәа цыԥхьаӡа  акәасҭӷақәа рхы еиҿакыуп, цәаҳәа цыԥхьаӡа маӡак цәыргоуп, хаҿсахьак аарԥшуп, лхатәы лкаак ҟаҵоуп. Ҿатын гәилқәа – игәылҵхьоу агәилқәа, амра иахәлаччо, рыԥшӡараҵәҟьа анцәырҵуа. Урҭқәа анылба, лшәарақәа, лгәыҩбарақәа ааныжьны, лыԥсы дақәиҭны, аԥсыуарҳал даашьҭнаԥааит. Абас, доуҳа-ԥсҭазааратә хҭысқәак еиҭалҳәоит.

 

Инапсыргәыҵа иҿаҭахьан,

Иаша ԥсықәха иҽеиҭахьан.

 

Анапсыргәыҵа атәы жәдыруеит, уи аԥсыуа символуп, уи ҿаҭахьас иҟазҵо диашаҳәаҩуп. Иаша ԥсықәхагьы уи ауп, зыԥсы аиаша иалахаз, иацәхьамҵуа, изацәхьамҵуа. Лара лхаҭа леиԥш.

 

Сыхь сынҩыла иаԥхьо дмаҷуп,

Зымԥыр ԥсаатәны ҵаҟа итәоуп.

 

Сыхь сынҩыла ! – иулахьынҵоу, иузыԥҵәоу, уаниуаз иуцыршаз аразҟы. Инна лҿы абас аҳәашьа аиуит, сыхь сынҩыла.

 

Егьы жәа-ԥшӡала иуҳәазаргь

Ихьчам ԥсадгьыл еиқәхаӡом. 

 

Аԥсадгьыл – зегьуп. Аԥсадгьыл ззымыхьчо лара лзы дыҟаӡам. Избанзар, ихуп, иҵыхәоуп лара лзы.

 

Маӡаҭаӡла сгара зҩычаз

                               Шалаша…

Маӡаҭаӡлаҳәа шәаҳахьазма? Ша лаша еилкаауп, ҳәарада.

Амшқәа руаҩа сҭаӡомызт, сыҭҟьоит… Абригьы гьама ҿыцуп, ажәа ҿыцуп, амшқәа руаҩа.

Заҟа иҿыцны, аӡаӡа рҿықәыҳәҳә иҟоузеи  ацәаҳәақәа –

 

Зқәақәра згаша сааԥын ныҳәа,

Нцәа данҿыхаз с-Мшаԥы.

Шәахаак ааҩуеит сара сзыҳәа,

Амра хыҵит Ашьхарԥы.

 

Заҟа хҭыс, аныҳәа, ааԥынра, лара дшеигәырӷьо уамакала, ахаҵкы дышцо, Анцәа данҿыхаз амш шакәу,  амра шгыло, лара лзы аӡәы ашәа шиҳәо, убас ирацәаны…

Абас еиԥш ацәырҵра, абри ахырхарҭа, ажәа еицааирақәа, ажәа гәылхқәа даара иџьашьахәуп, ҳәарада. Урҭ ажәеицааирақәеи ажәытә ажәақәеи иҿыцҳаҳараӡа иаацәырыргоит иудыруаз, аха ҿыцны зышә аауртыз ажәа дунеи. Уаҟа ицәырҵуеит ишәу, игәылҭәаау, иаԥсыуоу, дунеи дук згәылаӡо аилкаарақәа.  Уаҟа иубоит Инна ишьҭылкааз, амҩаҿы иҟалҵаз аарԥшрақәа. Урҭ уаанӡатәи лышәҟәы «Хшәаӡшәа» аҿгьы ибзиаӡаны иааԥшхьан уи ахырхарҭа. Аха аизга «Аԥсыраӡа» аҿы урҭ ажәеинраала форма еиҳа иазааигәахеит, игәылшәахеит.  Автор аханатә дадҳәалоуп Анцәа иажәа. Есымҽыша ацәашьы азыркуаз апоет, лпоезиаҿгьы Анцәа изку ажәа иххаӡа иакуп аханатә аҵыхәанӡа. Агәра лгоит еиԥшны, ажәагьы ахымҩаԥгашьагьы еицышьҭыхтәуп, убригь Анцәа ду иуиҭароуп. Убри амҩаҿы уара ухы-уԥсы цқьаны иныҟәугароуп, иуқәу ушәароуп, ушәарақәа уриааины, иухьыз удкыланы, уԥсыгәаҭеи унапы ианҵаны, амҩа уқәзароуп. Апоет лырҿиараҿгьы лнысымҩаҿгьы убри ацәашьы ххаӡа иакуп. Лпоезиаҿы еилыкка еилыргоуп ацәгьеи абзиеи. Абарҭқәа зегьы апоет лымҽхак дырҭбаауеит, лыжәлар рыҩнуҵҟа дрылыҳәҳәо дҟарҵоит.

 

Аԥсыраӡа дызбон дцәырҵны,

Гәыӷрак ҿыхон сара сшәараҿ.

Аԥсҭазара ахыц сынкылган

Зынӡа иҿыцыз дунеик сықәын.

Ҳәашьа узамҭо арахь ицәырган,

Сдунеи хсаала саԥхьа иқәын.

 

Абар лара лпоезиатә форма, аханатә ицәырылгаз. Деикәшаны, лԥышәарақәа шьақәыргыланы даныхынҳәуагьы, уи аформа гәыллыршәоит. Ажәытәгьы аҿатәгьы.

Сгәанала, алитератураҿы зышьҭа ӷәӷәала инзыжьуа ашәҟәыҩҩы, џьара даԥхьагылазароуп, иҿыцу хырхарҭак ылихуазароуп. Инна Аҳашԥҳа, урҭ зегь лыцын. Лара лашәақәа ажәлар ирхыҵәон, лпоезиа наӡан, ҳәашьала, формала, ритмла иҟаимаҭын. Лаамҭазтәи апоетцәа дрылукаауан, уи аҳәашьа ҳақәымшәазаргьы. Лара илылгаз амҩаду, ахырхарҭа – ажәытә ажәа ԥшааны, поезиатә формала ицәырган, поезиатә, литературатә, философиатә терминқәаны иааныжьны, ҳаԥсуа еилкаарақәа узаалыртуеит. Иаҳцәыӡуаз ҳазлырхынҳәуеит. Апоезиа Ажәа зегьы раԥхьа изыргылоз, зегьы реиҳа апоезиа Ажәа иацәшәоз Инна Аҳашԥҳа.


Инна Ҳаџьымԥҳа,

апоет

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me