Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Хашҭра зқәым

1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 30 ш. ахыҵреи, ҳхьыԥшымра азхаҵоижьҭеи

15 ш. аҵреи разгәаҭара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа ируакын иаҳхысыз амчыбжь азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны еиҿкааз ахәылԥаз.

Аханатәгьы ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ҽышәала иалахәыз, 1989 ш. аԥсуа-ақырҭуа еиҿыхарақәа раан иҷыдоу аҭыԥ аанызкылаз ҳҵараиурҭа, ишдыру еиԥш, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿгьы еицакра зқәым ашьҭа аннаҵеит. Шәҩыла уи ааӡамҭацәеи арҵаҩратә-профессортә еилазаара ахаҭарнакцәеи хацәнамырха аӷа иҿагылаз рахьтә 94-ҩык фырхаҵарыла ҳаԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп афилологиатә факультет зыԥсҭазаарақәа адызҳәалаз 15-ҩык аҵеицәа хьӡырҳәагақәагьы: Руслан Қапба, Жанна Ӷәынџьиа, Алик Ҵәыџьба, Иура Ҵулаиа, Иракли Шәқьериа, Ҭемыр Аҩӡба, Баҭал Аргәын, Едуард Хонелиа, Беслан Хоҷаа, Саида Делба, Геннади Чкок, Ҭамаз Ҳаџьымба, Дмитри Папасқьыр, Азамаҭ Амҷба, Резо Чачхалиа. Иҟоуп арҭ рахьтә ахыркәшаратә курсқәа рҟны аҵара зҵоз, иҟоуп аҵара хыркәшаны, аха еиуеиԥшым амзызқәеи аҭагылазаашьақәеи ирыхҟьаны ишзанаҭуаау шьақәзырӷәӷәо адипломқәа рнапаҟны акра иахьымӡаз, иҟоуп убасгьы иреиҳау аҵараиурҭа аҭаларазы аԥышәарақәа зҭииз, аха сааҭкгьы алекциа азыӡырҩха змаӡаз…

Арҭ аҵеицәа ргәалашәара иазку астенд ырмазеиуп, хара имгакәа уи аартхоит афилологиа афакультет аҭӡы лашақәа руак аҟны. Иара убас, лассы аҭыжьра иазырхиахоит урҭ рнысмҩақәа еидызкыло аизгагьы.

Аибашьра аамҭақәа раан, хатәгәаԥхарала иааны ҳаԥсадгьыл ҳацзыхьчоз аҵеицәа гәцаракрыла ирхылаԥшуаз, уи ашьҭахь иаамҭанымкәа зыԥсҭазаарақәа ҿахҵәаз афакультет арҵаҩцәа иреиуоуп: Емма Николаи-иԥҳа Анқәаб, Лиудмила Арзамеҭ-иԥҳа Хьыбба, Цира Смаил-иԥҳа Габниа.

Амилаҭтә ҵарадырра ахәышҭаара ду аҟны еиҵагыло абиԥарақәа гәацԥыҳәарыла аҵара рҵалартә аҭагылазаашьа рзаазгаз, бџьаршьҭыхла аибашьра мцабз иагәылсыз, иахьа аҿар реиҵааӡара иазааԥсо афакультет арҵаҩцәа-аветеранцәа иреиуоуп: афилософиа акафедра аиҳабы, аф. ҭҵ. рд., апроф. Иван Дарафеи-иԥа Ҭарба; аԥсадгьыл ахьчара аамҭақәа раан хацәнамырха иҳавагылаз Нхыҵ-Кавказ аҵеицәа мҩақәызҵоз аштаб аҟни, урҭ рыхьӡ акамыршәреи рзы зылшамҭа шьардоу апроф., ААР академик Лили Риза-иԥҳа Ҳагба; аибашьра аамҭазы Атәылахьчара аминистрра арратә корреспондентс иҟаз, афил. ҭҵ. рд., апроф. Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиа; аурыс бызшәа акафедра адоцент Лиудмила Борис-иԥҳа Марганиа; аурыс бызшәа акафедра арҵаҩы Илона Даҭикәа-иԥҳа Аџьынџьал; аԥсуа литература акафедра адоцент Адгәыр Паата-иԥа Какоба; аԥсуа литература акафедра арҵаҩы еиҳабы, В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филологиа Аҭыԥ хада аиҳабы Ахра Владимир-иԥа Анқәаб.

Имаҷҩым убасгьы афакультет иахьатәи арҵаҩратә еилазаара рахьтә ахәшәтәырҭақәеи, аштабқәеи рҟны уахи-ҽни ацхыраара ҟазҵоз реиԥш, Аҟәа иалаханы иахьынӡыҟаз маӡала хра злоу адырраҭарақәа ҳтәылахьчара анапхгарахь иназыцҳауаз.

Ахәылԥаз аиҿкааҩ-амҩаԥгаҩ аԥсуа литература акафедра арҵаҩы, аф. ҭҵ. рк. Инал Гиви-иԥа Гыцба зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз минуҭктәи аҿымҭрала ианыргәаладыршәа анаҩс ажәа риҭеит аветеранцәа: апрофессор Екатерина Бебиа, аамҭак азы аԥсуа литература акафедра арҵаҩыс аус зуаз, афил. ҭҵ. рк., Аԥсны Афырхаҵа Ҭали Џьапуа, академик Лили Ҳагба, адоцент Адгәыр Какоба, афилологиатә факультет адекан, адоцент Баҭал Хагәышь. Урҭ зегьы аҿар рахь рхы нарханы иԥшьоу Аиааира амш рыдныҳәало, ирзеиӷьаршьон агәабзиара, ажәҩан лаша, аҭышәынтәалара, аԥсадгьыл аԥеиԥш еихазҳауа, ахьӡ шьҭызхша аихьӡара ҳаракқәа, иахьакәызаалак аманшәалара.

 Анаҩс, ажәа рыман астудентцәа, урҭ инарыгӡон ҳсахьаркыратә ажәа еицырдыруа арҿиаҩцәа раԥҵамҭақәа реиԥш, аԥсадгьыл ахьчаразы зхы иамеигӡаз Саида Делба, Олег Ҷанба ражәеинраалақәеи, Аркади Кархалаа, Имам Алимсултанов… уҳәа рашәақәеи. Убас рхатәы ашәақәа рыла иқәгылеит «ажурналистика» азанааҭ астудентцәа, ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа: Инесса Григолиа, Илана Ԥачлиа, агитара ашәа ацнаигӡон «анемец бызшәа» азанааҭ астудент Владислав Уанача.

Афилологиатә факультет арҵаҩратә еилазаареи астудентцәеи реиԥш аиԥылара иалахәын ААУ аректор, академик Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа, аҵараиурҭа жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы апроректор Мақсим Ӷәынџьиа, егьырҭ афакультетқәа рнапхгарақәа рхаҭарнакцәа уҳәа иҵ.

«Ҽааныбзиала шәнеиааит, аибашьра аамҭа уадаҩ азы згәы меиҭаԥаз, уи ашьҭахьгьы ауадаҩрақәа ириааины, имаҷымкәа абиԥарақәа еиҵазааӡахьоу, иахьагьы уи аус зыԥсҭазаароу ҳарҵаҩцәа-аветеранцәа! Ҳара, еиҵагыло аҿарацәа ҳзы насыԥ дууп ҳахьшәылагылоу, аамҭак ҳахьшәыцану! Иҭабуп шәџьабаазы, Ҽааныбзиала шәнеилааит шықәсырацәала!» - ҳәа ажәа ԥхақәа рыла ихиркәшеит ахәыцреи, агәалашәареи, агәахәареи зцыз, ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуаз ахәылԥаз, уи аиҿкааҩ – амҩаԥгаҩ Инал Гыцба.

А. Амзацба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me