Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Аԥсны – Ҭагалан аԥшшәқәа»

Имҩаԥысит VIII – жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥсны Ҭагалан аԥшшәқәа».

Раԥхьаӡа акәны ари апроект еиҿкаан 2013шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы, Аԥсны акультура Аминистрреи, Амилаҭтә картинақәа ргаллереиеи рнапхгарала. Сынтәа уи амҩаԥгара алыршахеит Москва Аҩни, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети реиҿкаарала.

Ацәыргақәҵа аалыртит Ацәыргақәҵатә зал аиҳабы Ельвира Арсалиа. «Жәларбжьаратәи арт-пленар  ахыркәшара иамшуп иахьа. Ари зегь иреиӷьу ҭагылазаашьоуп Аԥсни Урыстәылеи ҳсахьаҭыхҩцәа реибадырразы. Ҳара Урыстәылатәи ҳасасцәа – асахьаҭыхҩцәа арҭ амшқәа рзтәи русура, рырҿиараҿы хымԥада ианырԥшхоит Аԥсны ахаҿра, уи ҳәарада аинтерес ду аҵоуп.»

Ауниверситет, аҟазара афакультет адекан Нугзар Логәуа асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо:  «Уаанӡа ҳпроект рҽаладырхәуан Нхыҵ-Кавказтәи Аладатәи Уаԥстәылатәи, сынтәа иаҳзааит, ааԥхьара заҳҭаз ҩыџьа асахьаҭыхцәа Москвантәи, ҩыџьа Санкт-Петербургтәи, ҩыџьа – ақалақь Нальчикнтәи, зынӡа аус ҳуан 5 мыш,  абри  аамҭа кьаҿ иҭагӡаны ҳколлегацәа аусура ду мҩаԥыргеит. Уи араҟа ижәбоит раԥҵамҭақәа рыла.

Анаҩс ажәа рырҭеит арт-пленер асасцәа: Аҟәа ақалақь, Москва Аҩны ахаҭарнак ирыдиныҳәалеит ацәыргақәҵа иалахәыз зегьы рырҿиаратә мшқәа.

 Ацәыргақәҵа дырԥшӡон арт-пленераҿы иалкаахаз аҭыхымҭақәа, урҭ рахьтә ирацәоуп угәы иалнахыша.  Асасцәа ирылдыршеит ахьы Ҭагалан Аԥсны иамоу аԥшшәқәа, аԥшӡара аарԥшра. Артпленер иалахәыз аҭааит Аԥсны иреиӷьӡоу аҭыԥ ԥшӡарақәа, Аҟәа, Афон-Ҿыц, аӡиа Риҵа. Иаԥырҵеит иблахкыгоу Ҭагалан асахьа. Ублақәа дыргәырӷьоит ԥштәы рацәала еиларсу ҳаԥсабара асахьақәа. Асахьаҭыхра зынӡа изламгьы даднаԥхьалоит, датәнатәуеит, игәалаҟазаара шьҭнахуеит. Сара хаҭала исҭахуп иалскаарц Лаша Габелиа иаԥҵамҭа ссирқәа, Руслан Чхамалиа иҭыхымҭақәа, Сергеи Микович, (Санкт-Петербург) Ольга Иванникова (Нальчик), Елизовета Атрышба, уҳәа рқыцә иҵырхыз апеизажқәа.

Зынӡа асахьаҭыхҩцәа ицәырыргеит аамҭа кьаҿк иҭагӡаны иаԥырҵаз иреиӷьӡаз 70-ҭыхымҭа,еиҳарак аҿыханҵа, аграфика рхырхарҭала. Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла иаҳҳәозар, асеиԥш апленерқәа рымҩаԥгара иарҭбаауеит ҳсахьаҭыхҩцәа реинырра, аҿар рылаԥшҳәаа ханарҭәаауеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me