Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Уи иҧсадгьыл ихьчон

 

Август  14,  1992  шықәса  амш  кахха  иҧхон  иҭынчын  аҧсабара,  досу  русқәа  ирҿын.  Ус  ажәлар  иаарылаҩит аибашьра  хлымӡаах  ишалагаз.

Аибашьра  иацуп  агәаҟра,  ахҵәара,  алаҕырӡ,  аҧсра.  Ари  ажәабжь  злымҳа  иҭаҩыз Аҧсны  ахьаа  зхьааз  аҧсуа  жәлар,  Нарҭаа  дуқәа  рҟәырҷаха  мцабзны  излаз,  игылт  аӡәк  иеиҧш  иҕәҕәаӡа.  Урҭ ирылан ашьха  ашьапаҿы  ишьҭоу  ақыҭа  Ҕәада   аҧацәагьы. Уи аҵеицәа гәымшәақәа дыруаӡәкуп  ҧшреи  сахьалеи  еинаалаз,  ҟазшьала  иаамысҭашәаз,  ҵарадыррала  инагаз  Даур  Шьаликәа-иҧа  Ашәба.   Шьаликәа  Ашәбеи  Наира  Ҧачлиаҧҳаи  ирааӡеит  ҧшьҩык  ахшара,  хҩык  аҭыҧҳацәеи  рҧазаҵә  Даури.  Ари  аҩнаҭаҿы  аҳра  ауан  аҳәатәеиқәшәара,  аилибакаара,  аихӡыӡаара.  Ани  аби  рыхшара  ирыларааӡон    аҧсуара,   аиҳаби  аиҵби  рыпатуеиқәҵашьа,  аҧсадгьыл  абзиабара.  Даур  иаҳәшьцәеи  иареи  еиуеиҧшым  азанааҭқәа  рыла  аҵарақәа   ирылгахьан.   Ашкол  даналга  дҭалеит  Урыстәыла  иреиҳау  аҵараиурҭа. Занааҭла  дматематикын.

1991  шықәса  рзы  аусура  далагеит  Очамчыратәи  аҧсуа  школ  аҿы  рҵаҩыс.  Иахьатәи  аамҭазы  уи  ашкол  аҟны  11-тәи  акласс  ихьӡ  ахуп.   Ас  еиҧш  иҟаз  арҧыс,  аҧсуара  иааӡаз,  ихәыцуаз,  зани  заби  рабжьгарақәа   гәык-ҧсыкала  издызкылоз,  заҳәшьцәа  ирыхӡыӡаауаз,  изалшозма  иҧсадгьыл  ахақәиҭтәра  иҧсы  ахҭнимҵар.

Даур  Ашәба  иеибашьратә  мҩа  ахы  акит  Гәдоуҭа.  Анаҩс  Тамшь  амҩа  хада  аанкылараз  абаржақәа  аныӡхыҵуаз  иҩызцәа  дрылагыланы  фырхаҵарыла  деибашьуа  диасуеит  иқыҭа  гәакьахь.  Далалоит  Ҕәадаа  рбаталион  «Аҧсны». 

Даур  аибашьра  ацәаҳәаҿы  иааирҧшуаз  ахаҵарақәа  дрылацәажәо,  ицәаҩа  ҷыдарақәа  дырзааҭгыло,  илгәалалыршәоит  зашьцәа  ирывагылаз,  аибашьҩы,  Ҕәада  ақыҭа  ахада  Циала  Ашәҧҳа:

-Даур  изы  ажәа  аҳәара  сцәыуадаҩуп,-  лҳәеит  лара,  лыблақәа  лаҕырӡыла  иҭәыз  илыдмырҳәо…  Даур  зыламыс  ҳаракыз,  заҧсуара  мыцхәы  иахӡыӡаауаз,  ахӡыргара  иашьҭамыз,  мыцхәы  ацәажәара  зҟазшьамыз  аӡә  иакәын.  Иара  Урыстәыла  аҵара  ахьиҵоз  аҧсуа  маҭәа  ишәҵаны  дызлаз  амилаҭ  дрылагылан,  акәашаратә  ансамбль  маҷ  еиҿкааны  иман.  Ажәыларақәа  раан  аҷкәынцәа  драбжьон,  ишәон  изон,  аҧсҭбарақәа  маҷхартә  еиҧш  аусқәа  шьақәиргылон.

   Аибашьра  анеилга  ашьҭахь  Даур Ашәба  ааҧхьара    ирҭеит  ҵарауаҩк  иаҳасабала  Аҧснытәи  аҳәынҭқарратә  университет  ахь  аусура.  Аха  иара  уи  мап  ацәикит.  Ҳаҧсадгьыл  макьанагь  ишәарҭоуп,  ҳгәы  ҳҽанызароуп,  – ҳәа ҽыҵгас иҟаҵаны.

Даур  хаҭала  Лабратәи  ахырҕәҕәарҭақәарҿ  дантәаз,  аамҭак  шааиаулак   иҩыга  аацәырганы  амшынҵа  иҩуан.   Абар  маи  10,  1993  шықәса  рзы  ианиҵаз.  «Абар  уажәшьҭа  мызки  бжаки  инеиҳаны  иҵуеит  ахырҕәҕәарҭа  кны  Лабра  ҳтәоижьҭеи.  Сгәы  иаанагоит  даҽа шьаҿак  ауп  иҳагу  Аҧсны  зҳәынҷарц  иааз  ақырҭуа  ир  ҧыххаа иқәаҳҵарц.  Убриазы  иаҭахуп  иахьынӡалшо  аидгылара  ҳажәҩақәа  реибыҭара.  Уажәшьҭа  иаамҭазар  ҟалап  иахьа  уажәраанӡа  зыҧсыдгьыл  азы  згәы  мыблыц,  аганахь  иавоу  ишәгәалашәыршәар  ҳ-Аҧсны  ашәарҭа  ишҭагылоу.  Аҧсадгьыл  ахьчара  иҧшьоу  уалуп  Аҧсны  иқәынхо  ауаа  зегь  ҳзыҳәан!  Шәхы  шәамеигӡан  Аҧсуаа  рыҷкәынцәа!» 

Д.  Ашәба  аиааира  ааигәахарц  азы  имч  илша,  зегьы  азикит  аҵыхәтәанынӡа,  Аиааира  амшгьы  иблала  ибеит.  Аха,  уи  анаҩсгьы  игәы  рҭынчны  аҩны  даанымгылеит . Аҧсны  ашьапы  иқәыргылатәын,  ихьчатәын  аҳәаақәа.  Уи  дҭахеит  имаҵуратә  уалҧшьақәа  рынагӡараан  Гал  араион  аҿы,  декабр мза   8  1996  шықәсазы. 

Даур  Шьаликәа-иҧа  Ашәба  аҧсадгьыл  ахьчараҿ  иааирҧшыз  агәымшәареи  афырхаҵареи  рзы  ианашьоуп  Леон  иорден.  Уи  дҭаацәаран,  дарҕьажәҩаны  дивагылан  иҧшәмаҧҳәыс  Нона  Воуҧҳа.  Даур  иаҳәшьа гәакьа  Аида  Ашәҧҳа  илгәаларшәо  илҳәоит.  – Анарха  шырмауаз  мҩашьо  иҟан  сашьеи  сҭацеи,  убас  рҳәатәы  еиқәшәо  еицынхон.

  Даур  анышә дамадоуп  Ҕәада.  Згәырҩа  иазымиааиз  уи  иаб  иҷкәынзаҵә  ишьҭахь  рацәак  нимҵит.  Иан,  Наира  Ҧачлиа-Ашәба  лакәзар,  лышықәсқәа  реиҳарак  гәырҩала  иҭәын,  ааигәа  лыдунеи  лыҧсахит.

 Аҧсадгьыл  ашәарҭа  ианҭагыла  уи  ахьчараз  абџьар  шьҭыхны  аҕа  иҿагылаз  зегь  фырхацәоуп.  Урҭ  рыхьӡқәа  хьтәы  нбанла  аҧсуа  жәлар  рҭоурых  иазныжьуп.  Ҳара, изызҳауа  аҿар,  иаҳуалуп  урҭ  ргәалашәара  анаунагӡатәра. 


Алхас  Ҧсардиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me