Мшаҧы 30, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсуа литературатә бызшәеи адиалектқәеи реизыҟазаашьазы гәаанагарақәак

Октиабр 27 – аԥсуа бызшәа амш азгәаҳҭоит, ишдыру еиԥш. Аха уи иаанагаӡом шықәсык ахьтә зны, рыцхәк алкааны убри аҽны мацара, мамзаргьы амзар аҟны ари амш згәылазыгӡаз ам-чыбжь иҭагӡаны ҳхатәы бызшәа аиқәырхареи арҿиареи ирызку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥаагар иазхоит ҳәа.

Зыхдырра аҭыԥ аҿы иҟоу дарбан аԥсыуазаалак изы ибызшәа гәакьа – Аԥсуа бызшәа – иамшныҳәазароуп есымшагьы.

Абызшәа еснагь иҿио системоуп. Аԥсуа бызшәагьы аҿиара хырҳагала амҩақәҵареи аиқәырхареи, еиуеиԥшым хырхарҭала аҭҵаареи рнапы алакуп Аԥсны анҭыҵгьы зыхьӡ еицырдыруа аӡәырҩы ҳҵарауаа – абызшәаҭҵааҩцәа. Урҭ аӡәырҩы ҳазну ашықәс азы рныҳәатә шықәсхыҵрақәа ыҟоуп. Убри аҟнытә, ари аҭыжьымҭа инаркны ҳгазеҭ адаҟьақәа рҟны аԥхьаҩцәа ишәыдаа-галалоит еиҳа шәзызҿлымҳахап ҳәа ҳгәы иззаанаго русумҭақәа.

Иахьатәи аҟны иаҳкьыԥхьуеит, сынтәа диижьҭеи 70 шықәса ҵуа, ҳбызшәа гәакьа аиқәырхареи арҿиареи зылшамҭа маҷымкәа иадыз, зыуаҩра ҳаракыз афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Емма Қьаамын-иԥҳа Кьылба лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы иаԥылҵаз, аԥсуа ли-тературатә бызшәа аҿиара иазку лусумҭа.

Ажәлар рзеиҧшбызшәа аҿиараҿы иҷыдоу аҭыҧ ааннакылоит алитературатә бызшәа ашьақәгылара. Абызшәадырратә теориаҿы алитературатә бызшәа ашьақәгылара ахаҭа аиҳараҩык аҩыра аҟалара иадырҳәалоит.  Аҧсуа литературатә бызшәа акәзар, уи шьақәгылахьан аҧсуа ҩыра ҟалаанӡагьы ҳәа иҧхьаӡон академик  Н.И.Марр. Уи хаҭала ари  азҵаара ҷыдала дазааҭгыланы ишҭимҵаацызгьы, иара ибзианы иидыруаз аҧсуа жәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәа убриаҟара ихатәран, ажәлар рыҧсҭазаара  анаӡа-ааӡара зегьы  шьҭыркаауан, ажәлар рзеиҧшбызшәа  аҿиарагьы  рымҽхаркыртә еиҧш ҳәа иҧхьаӡон аҵарауаҩ Н.И.Марр 1912 шықәсазы, раҧхьаӡа Аҧсны данаа инаркны, аҧсуа  бызшәа аҵареи ажәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәа  реизгареи даара дрызҿлымҳан. Уи иҵаҩцәагьы – инагоу абызшәадырҩцәа А.Генкои, В.Кәыкәбеи ишьҭа ихыланы ари аус даара ҧхьаҟа иргеит.

Убысҟантәи аамҭазы ауп (1916 ш.) Н.Марр ианазгәаиҭазгьы: «Устная литература  носит в себа все качества создательницы общего языка. В частности, в абхазской устной литературе и сейчас, когда работа только что начата собиранием ее памятников, мы находим, очевидно, давно сложившийся общий во многих отношениях литературный язык; что касается содержания, то оно отражает древнейшую религию кавказских коренных народов, астральный  культ с поразительной жизненностью» (Н.Я.Марр, «О языке и истории  абхазов», М, 1938, ад.126). «Литература не только бывает у народов без письменности, но часто она является более надежным и богатым источником для изучения языка, этой души народа, чем обширная искуственная литература с письменностью» (иара уа, ад. 125).

Ажәлар рзеиҧш бызшәа ҿырҳәалатәи аформа ашьақәгылареи аҿиареи рҟны иҷыдоу аҭыҧ  ааныркылоит жәлар рныҳәақәа, реизара дуқәа – Лыхнашҭеи Мықәашҭеи реиҧш иҟоу. Араҟа иқәгыланы ицәажәо ажәа азҟаза дуцәа, ҳәарада, ажәа асахьаркыратә ган инаваргыланы, идырҿион абызшәа аофициалтә стильқәагьы. Ажәала ахәрақәа зырҕьоз ажәаҳәаҩцәа  дуқәа ажәлар зегьы иеицырзеиҧшыз  аусқәа иахьрылацәажәоз, иахьырыӡбоз аҭыҧқәа алхны иҟан. Аҧсны ахи аҵыхәеи ирыхьӡон уаҟа иҳәаз Ажәа, уаҟа иӡбаз Аус. Ажәлар рзеиҧшбызшәа аҿиараҟны аизара дуӡӡақәеи ажәабжьҳәаҩцәеи ҭыҧс, рольс иааныркыло макьаназы иҭҵааӡам, хазы иззааҭгылатәу зҵаараны иҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит.

Ацәажәаҩ бзиа захьӡыз – уи дзацәажәоз ажәлар рхи рҵыхәеи дырны, ажәлар зегьы рхьаа ихьааны данцәажәоз, дзацәажәоз дызларацәажәоз абы-зшәа даара дазхәыцуан, ишәон-изон, даара ицәуан, абырҵкал икылихуан, ацәажәаҩцәа дуқәа ражәаҳәаҿы адиалекттә ҷыдарақәагьы маҷын еиҳа, иҟазаргьы иалкьны, ула ихгыло акәымкәа, зегьы ирзеиҧшны иеилыркаартә иҳәан, избанзар иажәаҳәа иӡырҩуаз зегьы ирзынархан – дладатәума, дҩадатәума. Уи гәасҭартә еи ҧш избеит 1974  шықәсазы ажәабжьҳәаҩ ду Сақаниа Маадан саниҿцәажәоз: уи иажәабжьқәа анысзеиҭеиҳәоз, сара сыма-цара  сакәымкәа, жәларык иаҧхьа итәоушәа, урҭ ираҳартә еиҧшҵәҟьа ибжьы ҩеиҵыхны дцәажәон: иинтонациа ҷыда ауп раҧхьа сыбла ихгылаз. Ашьҭахьы атекстқәа хҩылааны аус анрыдызулоз ауп иангәасҭа– ихаҭа дшыбзыҧтәызгьы (ақ. Дәрыҧшь дынхон, диит Аҷандара ақыҭан), иажәаҳәаҿы бзыҧтәи адиалект иазҷыдақәоу ашьҭыбжьқәеи ажәаформақәеи  шмаҷу. Иажәаҳәаҿы уамашәа иубартә  еиҧш еилеигӡон, иеинираалон бзыҧтәии абжьыуатәии адиалекттә ҷыдаҟазшьақәа. Абри ауп ҳәа сгәы иаанагоит ажәлар рзеиҧшбызшәа захьӡугьы. Ажәлар рзеиҧшбызшәа ауп  «ҿырҳәалатәи алитературатә бызшәа» ҳәа Н.И.Марр изиҳәозгьы ҳәа сазхәыцуеит. «Ҩыралатәи алитературатә бызшәа» ҳәа дызҿугьы, иахьа аҩыратә (аорфографиатә) ҧҟарақәа рыла инормарку алитературатә бызшәа ауп.

Жәлар рныҳәақәа, реизарақәа театр дуӡӡақәан, жәлар иракадемиан, аҧсуа бызшәа иакадемиан. Ацәажәаҩцәа дуқәа ракәзар, иакадемикцәан ҳәа уҳәар ауеит. Анцәа иџьшьоуп абас еиҧш иҟаз Жәлар ракадемикцәа ззуҳәар ауаз – Чаҵә Чагә. Сақаниа Маадан, Гьаргь Габечиа реиҧш иҟаз ажәаҳәаҩцәа рҳәамҭақәа зну ашәҟәқәа ахьҳамоу. Урҭ рхыҧхьаӡара иацлап ҳәа сгәы иаанагоит Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны иҳамоуи, егьыс еиқәханы иҟоу аудио-видео кассетақәагьы  абасала ахырхарҭа рыҭаны ус рыдулазар. Урҭ аҧсуа литерату-ратә бызшәа иауасхырны, иалагамҭаны иазыҧхьаӡатәуп ҳәа сгәы иаанагоит.

Аҧсуа литературатә бызшәа ашьақәгылареи, аҭоурыхи, уи аҿиара апроцесси ирыдҳәалаз  атеориатә зҵаарақәа ҷыдала аус рыдылулон аибашьра ашьҭахьҵәҟьа изаамҭанымкәа зыҧсҭазаара иалҵыз аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Конџьариа Валентина Ҳаџьмеҭ-иҧҳа. Уи иаҳзаанлыжьит лдоктортә диссертациа иахәҭакыз «Из историии  абхазского литературного языка»   захьӡыз аусумҭа шьахә (Аҟәа, 1986). Аха лара лышьҭахь ари атема аӡәгьы даҿӡам, ҳгәы иҵхоит аҵарауаа зегьы аха… Аҵарауаҩ лгәаанагарала, аҧсуа литературатә бызшәа ацәырҵразы уи аҭышәныртәаларазы жәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәа ирыҵаркуа даара ишырацәоугьы, алитературатә бызшәа аҭышәныртәалара  наӡа анаиуз, аҩыра аныҟала нахыс ауп. Ус еиҧш иҟоу али-тературатә бызшәа хацыркын 1862 шықәсазы, П.К.Услар ишьақәиргылаз раҧхьатәи аҧсуа алфавит анеиқәиршәа, уи ахархәара анаиу иҭыжьыз «Аҧсуа бызшәа» захьӡу ашәҟәы аҟны.

Аҧсуа литературатә бызшәа ашьақәгылара раҧхьатәи апериодқәа раан (1862-1921 шш.) ахархәара рыман Аҧсны иаҳҧылоз адиалектқәа рыҩбагьы: абжьыуатәигьы абзыҧтәигьы. Адиалектқәа ажәлар рзеиҧшбызшәаҿы реидҵара имариаз усмызт, избанзар, амҳаџьырра ашьҭахь урҭ рыбжьара иҟаз Гәымсҭатәи адиалект аныҟамла (Гәыма зегьы анахырга Ҭырқәтәылаҟа), дара ҧсабарала иеиҧызшьуаз, алитературатә бызшәа шьаҭас иаиураны иҟаз.

1919-1921шш. рзын иҭыҵуа иалагаз аҧсуа жәлар рзеиҧш газеҭ «Аҧсны» аҧсуа литературатә бызшәа ашьақәгыларатә процесс зегьы хнаркәшеит. Шамахамзар агазеҭ аномерқәа зегьы еидызкыло, иахьа ҳнапаҿы иҟоу ашәҟә шьахә «Аҧсны» 1919-1921шш.» захьӡу, Аҧсуаҭҵааратә институт иҭнажьхьоу иреиҕьӡоу аусумҭақәа иреиуоуп. Ҳнапаҿы иҟоуп аҧсуа литературатә бызшәа ашьақәгыларатә процесс аилкаара зырманшәало, зегь рыла аенциклопедиатә ҟазшьа шьҭызхыз ашәҟәы.

Абраҟа сазааҭгылар сҭахуп даҽа зҵааракгьы: аҧсуа литературатә бызшәа ашьақәыргылараҿы Аҧсны анҭыҵ инхо аҧсуаа ражәаҳәа ҭыҧс  иааннакыло аилкаара. XIX  ашәышықәсазы зыҧсадгьыл иахыргаз аҧсуаа ҩыралатәи аҧсуа литературатә бызшәа  ашьақәгылара апроцесс иалхәыдааны инхеит. Даҽакала иаҳҳәозар, аҧсуа литературатә бызшәа ҿырҳәалатәи аформа аҧсуа жәлар зегьы еицдырҿиазҭгьы, уи хаҭәааны, игәылҭәааны имҩаҧысуазҭгьы – Далаа, Ҵабалаа, Гәымаа, Самырзаҟанаа, Абжьаҟәаа, Ахҷыҧсаа, Ҧсҳәаа, Халҵысаа уҳәа Аҧсны инхоз аҧсуаа зегьы алахәны, урҭ амҳаџьырра ианага нахыс, аҧсуа литературатә бызшәа аҩыратә форма ҟаҳҵар акәхеит ҳара Аҧсны иаанхаз аҧсуаа ҳамацара, ахаҳә еиҩсеиҧш еиҩыршаз ажәлар рыхәҭак – бзыҧаа, абжьыуаа, зыҩны ишыҟаз «имҳаџьырхаз» Самырзаҟанаагьы. Ажәакала, ҩыралатәи аҧсуа литературатә бызшәа ашьақәгылара мҩаҧысуан, ажәлар рыбжара анырҟәырҟьа ашьҭахь. Ажәлар рыҧсы рзеивымго аҟынӡа  инаганы ишыҟаз ирыхьӡеит, жәларык раҳасабалагьы рыҧсы  еиқәнархеит аҧсуа ҩыра (шәахәаҧш: Алықьса Гогәуа Дырмит Гәлиа ишәышықәсхыҵра иазикыз ажәабжь «Амонолог»).

Ус анакәха, иааит аамҭа уажәшьҭа ҩырада аимадара анамуаз. Уи абызшәа аимадаратә, акоммуникативтә  функциа хада ныҟәызго акәхеит. Омар Беигәаа дугьы  мшыннырцәынтәи иааҩуан иҩырабжьы: «Ижәыҩла асалам шәҟәқәа, шәыбжьы ҳшәырҳала!» ҳәа. Уа иҟаз аҧсуаа дрылабжьон: «Ижәыҩла  Аҧсныҟа асалам шәҟәқәа» ҳәа. Ара Дырмит Гәлиа ижәлар дышрыҵагылаз еиҧш, амшын нырцә иҟаз аҧсуаа дрыҵагылеит Омар Беигәаа ду. Урҭ ирзеиҧшны ирыман рхатәы бызшәа – Аҧсшәа агәрагара. Уи агәрагара даара ианыцәгьазгьы, ианамуазгьы… «Ахатәы абызшәа агәрагарала иеиҧшӡамхеит Гьаргь Чачбеи Дырмит Гәлиеи», – иҳәон иеицырдыруа аҧсуа ҵарауаҩ Владимир Аҵнариа. Ҳбызшәа агәрагароуп  аҧсуаҭҵаара шьаҭас иамоу. Убри Агәрагара ахьынӡанаӡо инаӡоит ҳнапы злаку аусқәа зегьы – Аҳәынҭқарра Ахада инаиркны аҵеи дзааӡо Ан лҟынӡа.

Ҳаҧсшәа агәрагара ауп изырҟаҵа Омар Беигәаа, ҭырқәшәала иҩыз иусумҭақәа рыхәҭак аҧсшәахь иеиҭаганы Аҧсныҟа раашьҭра иқәрабжа дышҭысхьазгьы. Ҭырқәтәыла инхоз аҧсуаа рцәажәашьақәа зегьы ҭиҵаахьан, идыруан Омар Беигәаа. Ҿырҳәалатәи иажәаҳәаҿы д-Абжьаҟәатәын, ҩыра-латәи  иажәаҳәа акәзар, уи иақәшәомызт: Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа рзеиҧш бы-зшәа ашьақәыргылара илшеит уҳәартә еиҧш инормаркны иҟоуп аҧсышәала иҳамоу Омар Беигәаа инапылаҩыратә материалқәа. Урҭ рбызшәатә анализ излаҳанаҳәо ала, Омар Беигәаа иҩыратә традициаҿы иҳамоуп ҳлитературатә бызшәа ҩыралатәи авариант ҷыда.

Адиалектқәа ирымоу абеиарақәа зегьы аҩыратә литературатә бызшәа алагалашьа амаӡам, аха урҭ ҵәах бзиак (резервк) иаҩызоуп, идыртәуп, уи, ииашаны, ианахәҭоу иахьахәҭоу ахархәаразы атерминҿиараҿы, асахьаркыратә ҩымҭақәа рҟны аҭыҧтә колорит аарҧшразы уҳәа. Убри аҟнытә зхы иақәиҭу ажәаҳәа – абызшәа агәеисыбжь ауп; уи абызшәа организмк аҳасаб ала аҭагылазаашьа аныҧшуеит, згәеисыбжь бзиоу  аорганизмгьы асааҭ еиҧш аус аулоит.

Аҧсни уи анҭыҵи инхо аҧсуаа ражәаҳәа еизакхароуп организмкны, ҿырҳәалатәи ҩыралатәи аимадарақәа, аиҭанеиааира ҕәҕәахартә еиҧш.

Алитературатә бызшәа аиҳарак асахьаркыратә литературатә бызшәа, аизҳазыҕьараҿы ажәлар рзеиҧшбызшәа, ражәаҳәа азхьаҧшра ада ҧсыхәа шыҟам атәы иҩуеит Ш.Ҟ.Арсҭаа «Аҧсуа литературатә бызшәа аграмматика» захьӡу ашәҟәаҿы. (Аҟәа, 2002, ад. 11): «Иахьатәи аҧсуа бызшәа иамоу абеиарақәа уаҩы иџьеишьартә ахархәара рымоуп Б.У.Шьынқәба ирҿиамҭақәа рҿы. Ара еидкылоуп ажәлар рбызшәа абеиарақәа, аҧсуа литературатә бызшәа  уаанӡа иамаз аихьӡарақәа, урҭ ирзырҳауп, еиҵыхуп, ирҭбаауп.

Иахьатәи аҧсуа литературатә бызшәа (апоезиа бызшәагьы, апроза бызшәагьы) алексикатә, аграмматикатә, асахьаркыра-мчхаратә, астильтә беиарақәа излаҟоу Б.У.Шьынқәба ирҿиамҭақәа шьаҭасгьы, ҧшшәысгьы, гәыцәсгьы ирымоуп. Ари зыбзоуроу Б.Шьынқәба имоу абаҩхатәра мацара акәӡам. Аҧсуа жәлар рбызшәа абеиарақәа ҟәырҷаха-ҟәырҷаха иааицҵо реизгараҿы уи иаҟара аџьабаа дарбанызаалак ҧсыуа шәҟәыҩҩык имбац».

Абызшәа аҿиара мҩаҧысуеит еихсыҕьрада, еиҳарак уи ажәартә еилазаара. Абарҭ аизҳарақәа дарбанызаалак ашәҟәыҩҩы дрыхьӡалароуп, дырцәыхарамхароуп.

Ажәакала, ашәҟәыҩҩцәа, ажәаҳәаҩцәа реиҧш, ирылдыршароуп абызшәа ахьыҟазаалакгьы: ладеи-ҩадеи, иарбан ҷыдаразаалакгьы беиарас иҧхьаӡаны еиларыгӡароуп, ишьҭырхроуп, еихарҳароуп, жәларык зегь ирхьыргӡароуп. Ажәа «ацынҵәарах» иаҳхашҭырц, иаҳцәыӡырц акгьы агымкәа ишыҟаз, ажәлар зегьы ирзеиҧшны иааҟалеит, ароман «Ацынҵәарах» абзоурала. Убас ажәақәа «Аҽыкәаҳа, «Асду»,«Акәашамца» уб.иҵ. Уи зылшо, изуалу ашәҟәыҩҩцәа ракәзар, аҵарауаа иаҳуалуп ҳбызшәа иатәу ҟәырҷахак џьаргьы икамыршәкәа аизгара. Аҧсны аҩнуҵҟеи уи анҭыҵи иҳамоу ацәажәашьақәа зегьы Аҧсуа жәлар рзеиҧш бызшәа иахәҭакны иҟалароуп, уи ҿырҳәалатәи аформаҿ еиҧш, ҩыралатәи аформаҿгьы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me