Лаҵара 04, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Асабша ашьыбжьышьҭахь»

Шәарах Ҧачалиа  ихьӡ  зху  Тҟәарчалтәи  аҳәынҭқарратә  акомедиатә театр аҿы  имҩаҧысит Мар Баиџьиев  иҩымҭа  ала  иқәыргылаз «Асабша  ашьыбжьышьҭахь»  захьӡу   аспектакль  аҧхьарбара.

  Ари аспектакль ала иаартуп Ткәарчалтәи атеатр ақәыргыламҭа ҿыцқәа рырбара асезон.   Мар  Баиџьиев  еицырдыруа   кыргыз  драматургуп, иара  ихьӡ  атеатр  абзиабаҩцәа  уажәадагьы  ираҳахьеит.  Ткәарчалтәи атеатр аҟны уажәаҧхьагьы иқәдыргылахьан даҽа иҩымҭак алагьы  аспектакль «Дуель».   

 «Асабша  ашьыбжьышьҭахь» трагикомедиоуп, иара шоуп хы-хәҭакны.  Мар  Баиџьиев  иҩымҭа аҧсшәахь еиҭеигеит   атеатр асахьаркыратә напхгаҩы,  арежиссиор – ақәыргылаҩ  Сырбеи  Сангәлиа. «Асабша   ашьыбжьышьҭахь  аҧсуаа   ҳабзазара   акыр  иазааигәоуп.   Аҧсуаа ҳҵсақәеи,  аспектакль аҟны иаарҧшу ақьабзқәеи  еиқәҿырҭуеит, џьара-џьара даара еиҧшуп.  Асиужет аҿиашьа  инақәыршәаны,  ақыҭаҿ   ашкол арҵаҩыс аус зуа  Қарбеи,  Москва  аҵара  зҵоз  иҷкәын  аҧсшьарамшқәа  рзы  аҩныҟа  даауеит.  Рҧа иаара иазыҧшыз  аҭаацәа    ргәырҕьара   ҳәаак   амам. Аха, иара  данаауаз   дааигеит  аҵара   ицызҵоз  игәы дақәшәаны   хатәҩызас  иигаз     Ашьна.  Лара  лҭаацәа  ирҭаххоит   рыҧҳазаҵә  дызланагалаз ауаа,  уаҩ   ибла иамбац   ачара    лзырурц.  Аспектакль   арежиссиор  Сырбеи  Сангәлиа  иҳәоит,    атрагикомедиа  аҧсшәахь     ианеиҭеигоз,   гәыҩбара  шимамыз   ақәыргыламҭа   ахәаҧшцәа    ишыргәаҧхо  азы. Арежиссиор иажәақәа рыла, атекст аиҭагараан ауадаҩрақәа ыҟан, избан акәзар уи  аҧсшәа анырнаалара ус имариаӡамызт, аха ахықәкы нагӡан, адиалогқәа  гәеихьшьрада ҧсышәала ирцәажәан.  Аспектакль  аҧхьарбара  рҽазыҟарҵон   шықәсык   аҩныҵҟа.  Иара азыҳәан мацара ҿыц  иҟаҵан   адекорациақәа. Ақәыргыламҭа иадыҧхьалан  ааҧхьара  зырҭаз   актиорцәа   ҿарацәагьы. Убри аан иҳәатәуп, Ткуарчалтәи  атеатр атруппа ишеиднакыло жәохәҩык инарзынаҧшуа актиорцәа. Урҭ рыбжьара иҟоуп Аҧсны Жәлар рартистцәа реиҧш  актиортә ҟазара знапахьы макьанагьы иаазго аҿаргьы.

Сырбеи Сангәлиа иҳәоит, аколлектив рыбжьара аҭыҧ ду шааннакыло аҳәоуеиқәшәара, аицхыраара, аҧышәеимдара. Ишдыру еиҧш, зҳәоу еиқәшәо аҭаацәара еснагь аихьӡарақәеи, алҵшәа бзиеи рымоуп.

Ткәарчалтәи Аҳәынҭқарратә  акомедиа атеатр аҧҵан зқьи жәшәи ҩынҩажәи  жәохә шықәса рзы. Асценаҿы идырбаз раҧхьатәи спектакльхеит  Асовет Еидгыла Жәлар рартист, арежиссиор, аҧсуа драматург  Шәарах Ҧачлиа  икомедиа «Ачара ду». Актиор ду идунеи аниаҧсах ашьҭахь, атеатр иара ихьӡ ахҵан. Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан атеатр аусура аанкылан. Аибашьра ашьҭахьтәи раҧхьаӡатәи қәыргыламҭахеит Самсон Ҷанба иажәабжь «Аҭоуба». Ҳаамҭазгьы аусура цоит иааиҧмырҟьаӡакәан. Планла акультура аминистрра аҟынтәи атеатр иаду аспектакльқәа инарҷыдангьы, Сырбеи Сангәлиа иажәақәа рыла аус здыруло ҩба-хҧа қәыргыламҭақәа ыҟоуп. Ҳәарада урҭ зегьы ахәаҧшцәа рзоуп изыҟарҵо, убри аҟынтә атеатр ахыбраҿы рырбара мҩаҧысраны иҟоуп. «Аспектакль ақәыргылара ахарџьи аџьабааи маҷымкәа ирыцуп. Аха, ҳусура     еиҵазырхо   ҳәа  акагьы  ҳамам,   акультура аминистрра еснагь   ахаҵгылара   ҳарҭоит»,  – иҳәеит  атеатр  адиректор   Адамыр  Гәынба. Уи иажәақәа рыла, атеатр анапхгара   есышықәса акультура аминистрра ашҟа  аплан нарышьҭуеит.  Уаҟа иарбоуп иқәдыргылараны иҟоу аспектакль  ахьӡи  уи иаҭаху ахарџьи, аминистрра урҭ азгәаҭақәа анышьақәнарҕәҕәалак анаҩс ауп аҩымҭа аус адулара ианалаго. 

Ҳәарада асеиҧш ақәыргыламҭақәа  мҩаҧгалатәуп, урҭ Аҧсны араионқәа зегьы рҿы иаҭахуп. Аибашьра ашьҭахь  ихьысҳахаз акультуратә ҧсҭазаара шьҭыхтәуп. Аҿар атеатр агәбылра дырктәуп. Атеатр ааӡагоуп, хдырра еизырҳагоуп. Ахәаҧшцәа ракәзар, аспектакль гәахәара дула ирыдыркылеит. Уи аршаҳаҭуан  аспектакль анхыркәшаха ашьҭахь  акраамҭа еихымсыҕьуаз  анапеинҟьабжьқәа.

Аҧсны  абыргцәа рхеилак  ахантәаҩы  Апполон Думаа дреиуан  азал аҿы итәаз ахәаҧшцәа. Иара иҳәеит даара агәахәара шинаҭаз ақәыргыламҭа аҵаки, актиорцәа ррольқәа иргәыланахаланы  рыхәмаршьеи. Апполон Думаа ибзианы игәалашәоит Тҟәарчалтәи атеатр анаҧҵази, уи  еснагь иамаз атрадициа бзиақәеи. «Уажәы атеатр  иаҵагылаз актиорцәа ҿарацәеи, иахьатәи анапхгареи урҭ атрадициақәа мырӡӡакәа, уи моу еихаҳауа иааргоит.  Избо агәахәара снаҭоит. Акультуратә хәышҭаарақәа рыҿиара аҵак ду амоуп аҳәынҭқарразы, аҿар урҭ ирҭаауазар ауп, акультура агәбылра рымазароуп урҭ ҳәа азгәеиҭеит иара.

Ашықәс   нҵәаанӡа   аспектакль    «Асабша  ашьыбжьышьҭахь»  ддырбараны  иҟоуп Аҧсны  араионқәа  зегьы рҟны.


Елана Лашәриаҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me