Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҩыџьа аишьцәа рлахьынҵа

«Иҟалоит абри аҩны уаҳа сшьапы ҩнасмыргыларгьы» - иҳәан дааҧышәарччан изнапык ала иавтомат кны егьи инапала ҿаҵақәак налбааданы ауаџьаҟ аҧхьа алҩаҵә зхылызза аҟәардә иахшьыз ибамбакьаҿ аашьҭыхны дындәылҵит аибашьҩы.

Усҟан апост аҟынтә ҷкәына хбыџк дишьҭаҵаны даарышьҭит ақыҭа иалалаз ақырҭцәа раанкылараҿ ицхыраара иаҳәон. Аибашьҩы ихы  инаркны ишьапаҟынӡа бџьарла деиқәных дыҟан. Ҭынч днатәаны акрыфахаҵәҟьа имамызт, дыццакы-ццакуа иашҭа дынҭыҵит.

Аибашьҩы иаасҭа аҧшыхәҩы иҧсҭазаара шәарҭазар ҟалап. Аҧшыхәҩы ҳәа иушьо идыррақәа ҵаулазароуп, ихаҭәаазароуп, избанзар изынио аҭагылазаашьа алҵшьа иақәымшәар дара рхаҭа рымацара ракәымкәа ирықәгәыҕуа рҩызцәагь ҭадырхар алшоит. Ашәарҭара ҕәҕәа шацугьы аҕа иган ахь ҧшыхәра идәықәлаз зегьы дырзыхиазароуп. Уи иаабац аибашьҩы иаасҭа агәымшәареи, аџьбарареи, алшареи иманы ажәада аилибакаашьа дақәшәозароуп. Убыс дыҟан Кәтол ақыҭаҿтәи аҧшыхәҩы Касланӡиа Беслан  Иван- иҧа. Ихьӡҵәҟьа акәымкәа Ҳәыр ҳәа ихәыҷыхьӡ ала иҧхьон. Иара дцаны еиликаауан ҳаҕацәа ахьтәаз аҭыҧқәа, рхыҧхьаӡара, бџьарс ирымаз, шаҟаҩы ыҟаз. Зегь раасҭа усҟан иахьшәарҭаз аҭыҧқәа:  Лабра, Цагера, Лашькьындар, Аӡҩыбжьа уҳәа ҧшыхәра дцон, абжьааҧны Кәтоли Тамшьи рҳәааҿ иҩызцәа дрылагылан деибашьуан. Иагараан ицәа, ифа иагны мчы кәармак  иламкәа дҟалахьан, аха игәы еицакуамызт.

Ноиабр 23 1992ш. ҧшыхәра Цагераҟа иқыҭаҿтәи рҧыски иареи еицны ицеит. Урҭ ҳхырҕәҕәарҭақәа ирхысны ицаны рыдҵа нагӡаны ихынҳәны ишаауаз ргәырҽанӡамкәа ҳаҕацәа ргәыҧ инарылашәеит. Ҳәыр ибеит раҕацәа шырацәаз, рылшарақәа шмаҷыз дназхәыцын, «Ҧыҭк шьҭахьҟа унаскьаны ухысла, сара сухьӡоит»- ҳәа иаиҳәеит иҩыза. Аибашьра адәаӡаҿ иҟам, ахҭысқәа зыблала изымбаз анаҧшҩы дзызхәыцуа рацәазаргьы, иҟаҵәҟьаз аилкаара мариам. Зышьҭахьҟа инаскьаз аибашьҩы дырхәит,  дҳәазаны аибашьра амцашыра далҵны иҿынаихоны Ҳәыр ихәаабжь иаҳаит. Аиҿахысра ҕәҕәаҵәҟьа ианалага аилыргара уадаҩын ихысуази изеихсуази рыхқәа ахьынтәаауаз. Иҧсы иманы аштаб аҿы дахьааиз ираиҳәеит Ҳәыр дыршьит, ма дыхәны дытҟәаны дыргеит ҳәа. Ахәырҕәҕәарҭаҿ иааилаҩҩит. Убри аамҭазы Ҳәыр иҧхӡы наҧхьаҳәо иабџьар шьҭамҵакәа аҧсреи абзареи дрыбжьагыланы деибашьуан. Иҭаххаҵәҟьазҭгьы ихеиқәырхара илшар ҟаларын, аха дшыршьуаз шидыруазгьы дхьаҵуамызт. Издыруада усҟан иара дыззыҧшыз, дзызхәыцуаз?! Иҧсҭазаара есааира архәыц еиҧш ипахон. Уи ҧҵәаанӡа аиқәҳәалара зылшоз ацхырааҩцәа рхабар ыҟамызт. Убри аҭыҧ аҿы уаҩ деиқәхар алшоит ҳәа ақәгәыҕрагь гәаҕьыуацәан. Убла иамбаз ахҭысқәа еснагь шә-маӡак рыҵоуп. Акыр шықәса рышьҭахь узызхәыцша, иушәо иузо шыҟалогьы ахҭыс иалахәыз рышьҭра уанысыргьы аилкаара цәгьоуп

Иҟалоит аибашьҩы-аҧшыхәҩы иаџьал шааигәахоз инырхьазҭгьы, избанзар цхыраарак дазыҧшымызт. Шьыбжьышьҭахьшәа иналагаз иаахәлаанӡа аиҿахысра иаҿын. Ҳәыр еилҟьа-еилҕәыцәра дыҭнагон, ашьабысҭеиҧш днеиҭаҧа-ааиҭаҧо дхысуан. Дышны дыҟан. Ицәеи-жьи иадлан инеиуаз ишьаҧхагьы дабылуамызт. Иқәшәоз ахқәа ирҭоз ахьаа, ихаҧыц еихарҕәҕәаны, ичҳаны дышхысыц дхысуан. Ихысгақәа анҵәара иаҿын, ибон иаамҭа шкьаҿӡахаз. Ҭагалантәи ақәагьы лаҕырӡҵас икаҭәон. Аҧшыхәҩы  илиршеит ихала ақырҭцәа ргәыҧ аҿагылара, урҭ рахьтә ааҩык рҟынӡа ихымҭа иагеит, ихәыз рацәан. Убри азы ауп убысҟан аиҭныҧсахлара иалахәқәаз руаӡәк Цагератәи ақырҭцәа ргәыҧ аиҳабы «1000-ҩык рахьтә аӡә иакәхоит уи еиҧш агәаҕьра зылшо, 10 миллионк ҳәагьы дрысҭомызт иҧсы ҭаны дсоузҭгьы» ҳәа зиҳәаз.

Ноиабр 24. 1992 шықәса. Аҵх ашарахь еихон. Аки-аки еишьҭаргылан аҭаҭынқәа дрыхон аибашьҩы қәрахьымӡа. Ацыблаахақәа ааикәыршаны икаҧсан, дахьтәаз адгьыл аҿы ишьа кашын. Имахәар злаҿаҳәаз ацаха ашьа ацрыҵуан, ишьапы акәзар зынӡа имыхәо ихәын. Иџьаҧҳаны нҵәахьан. Иаҧхьа гранатак шьҭан. Иҧсы шҭаз иаҕацәа ихы рыҭара игәы иҭамызт. Анҵәара иаҿыз аҭаҭын дахон, ҵаҟа икаҧсоз ацыблахақәа иҧсҭазаара иазынхаз ашәымҭақәа иршәаџьҳәаҩын. Аҵх ашарахь еихон, аха ашараҵәҟьа изахьымӡеит аибашьҩы гәымшәа иҧсы. Ишьҭахь ала аҟәҟәаҳәа иеихсит иҿагылара ззымгәаҕьыз ашәыргәындақәа.

24 мшы анышә аӡа дықәжьын. Ақырҭцәа ахьтәаз излазааигәаз ала ирлас иаагара залыршамхеит. Ажәҩан хыбра изнауан, Аҧсны гәыблыла дагәыҵанаҳәҳәан  лаҳәакгьы машәыршәа инаихьымкьысит. Уахынла илаҕырӡышоз аӡаӡа цәыкәбарқәа ҽынла ихы-иҿы инықәбон. Аиаша дашьҭан. Иаҧсуара, иламыс, ичеиџьыка ҕәҕәан. Иҧсадгьыл аихьӡарақәеи имилаҭ рхьааи иара игәылсны  жәҩахырла ишьҭиххьан. Аамҭа цон, иашьцәеи иҩызцәеи иҧсыбаҩ аагара ишашьҭац иашьҭан, аха аҭагылазаашьақәа идырманшәаломызт... Ақыҭантә ицеибашьқәоз: Ахсалба Б., Џьалаҕониа Ҭ. иашьеиҳаб Сардион уҳәа хьаас ирыман Ҳәыр анышә дахьырзамамдацыз. Ашәаҧыџьаҧҵәҟьа гәаныла иҕызуан, аҧша ҵәуо ихагьежьуан. Амра анцәыҵыҧхалоз ашәахәақәа ихьнаршон.

Аҵыхәтәан Сардион иҩызцәеи иареи ирылшеит Ҳәыр иҧсыбаҩ иҩныҟа аагара, аха актәи амш инаркны иааилгаанӡа абџьар кны амцашыра иалаз Сардион ихаҭагьы игәыхәтәы дзахьымӡеит… Аҕа ихы аниқәшәагь дазымгеит, Мраҭашәара аибашьра иалаганы Мрагылара ихзыркәшаз, ихы аҭынч ҧсҭазаара иақәиҵар акәхеит. Аибашьра ашьҭахь амилициаа рҿы аус зуаз, иуалҧшьа шынаигӡоз хабарда дыбжьаӡит. Ишьҭахь иаанхаз аус ахьиуаз Аҟәа ақалақь аҿы игылоу абаҟа иану аҩыра ауп.

Беслани Сардиони аҭаацәара иаламлацызт, рышьҭамҭа иацызҵаша уаҩ дрыҭнымхеит. Сардион 32 ш. Беслан 31ш. изырҭымсит. Ран, абырг лҧацәа руаӡәк анышә дамадазаргь егьи инышәынҭра ҳәа лнапы назқәылшьуа ҭыҧк лымам. Абас ихыркәшан ҩыџьа аишьцәа-аибашьцәа рнысымҩа. Данҭаха ашьҭахь Беслан ианаршьеит «Агәымшәараз» амедаль.

Аиааира аныҳәамш агәырҕьареи алаҕырӡи еимаркуеит. Зыҷкәынцәа ҭахаз ргәи-рылаҕырӡи еилаҵәо аибашьра уаҳа иҟамлааит анырҳәо ргәы иҭаҕызуа аҵәаабжь ахыҵхырҭа дара роуп издыруа. Зхы зыҧсы ҭины ҳаҧсадгьыл зыхьчаз рхамыршҭра ҳуалҧшьа хадақәа иреиуоуп. Наунагӡа ишәҭлааит Аҧсынра, еиҵагыло абиҧара аҭынчра иалиаалааит! Анцәа иумырӡын ҳбызшәеи ҳаҧсадгьыли.


Нонна Џьынџьал-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me