Аҧшьгамҭақәеи аихьӡарақәеи анеицу

Аҧсны акультуратә ҧсҭазаараҿы Борис Ҷолариа ихьӡ еицырдыруеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит,  қәҿиаралагьы адоуҳатә культура арҿиара далагылоуп, иаҧшьгарақәа  рыла илиршахьоу шьардоуп.

Ааигәа Борис Шьаликәа-иҧа 75  ш. ихыҵит. Мшаҽнеиҧш, инапы злаку аус есааира дагәыланахалоит, аиҿкаараҿгьы илоу абаҩхатәра ҷыда аҽаанартуеит, аихьӡарақәагьы ацуп. Убри аҟнытә, амалахазгьы ишықәсқәа рызхәыцха  аамҭагьы имам, убасҟак ирацәоуп иахьеи- уахеи ицәырҵуа азҵаарақәа, ҵҩа змам аусмҩаҧгатәқәа.

И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека аиҳабыс  данарҭа нахыс еиҳагьы иааҧшит Борис Ҷолариа илаз аиҿкааратә баҩхатәра. Ари акультуратә хәышҭаара ду иахьа ханхьыҵәцараны ишгылоу иҟамызт 1995  ш. арахь аусура даниас. Уи машәырны иҟамлаӡеит, Борис Ҷолариа ауаажәларраҿы деицгәарҭахьан, дҭышәынтәалахьан, идырреи иҧышәеи ирызҳахьан, икәша-мыкәша  даҧсаны иҩызцәа-иқәлацәа дрылагылан, аҳаҭыргьы иҽаҧсеитәхьан. Абарҭқәа зегьы ауасхыр  бзиа иқәгылан, Д.И. Гәлиа  ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратәи ашкол қәҿиарала даналга, А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт агеографиатә факультет дҭалеит. Иҵара анхиркәша, аамҭақәак рышьҭахь Одессатәи аполиграфиатә техникумгьы далгоит.

Иреиҳау аҵараиурҭаҿы иоуз адыррақәа акыр ицхрааит  занааҭдырҩык иаҳасабала ишьақәгылараҿы. Аусура  далагеит Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи абжьаратәи ашкол аҟны агеографиа арҵаҩыс. Уи нахыс, еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аус иуан Аҧсны аҵара аминистрра ашколнҭыҵтәи аусуразы аметодистс, Ареспубликатә ахәыҷтәы екскурсиатә станциа аиҿкааратә усуразы аҟәша аиҳабыс. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны араҟа атуристцәа Зегьеидгылоутәи рслиотқәа зныкымкәа еиҿикааит. Аамҭакала аус иуан Аҧсны аполиграфиатә еидҵара иаҵанакуаз агазеҭтә типографиаҿы. 1989 ш. Борис Ҷолариа аконкурс шьаҭала агазеҭтә типографиа аиҳабыс далырхуеит. Убри инаркны иҧсҭазаара аполиграфиа аус иадҳәалахеит. Имч-илшара уи иазкын, избанзар араҟа иҭыҵуан ареспубликатә газеҭқәа хҧа, амилаҭтә газеҭ «Аҧсны» убрахь иналаҵаны, насгьы урҭ мчыбжьык хәынтә иҭыҵуан. Акьыҧхь еиҧымҟьакәа ианаамҭаз аҭыжьра аҭакҧхықәра ду ацын.  Зтираж рацәаз агазеҭқәа ашьыжь араионқәа рахь аихшаразы ирхиатәын, аҧхьаӡа иргыланы Аҧсны анапхгара русурҭа ҭыҧқәа рҟны инеир акәын. Ҵабыргны, Борис Ҷолариа аполиграфиа даара аҧышәа инаҭеит.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан акәзар, иара ишиҟазшьаз еиҧш, иуаажәлар дрылагылан. 1992  ш. октиабр азы ақәылаҩцәа рҟнытә Гагра ахы ианақәиҭыртә, Борис Ҷолариа аамҭа кьаҿк иалагӡаны Гагратәи араионтә типографиа аиҭашьақәыргылара  алиршеит. Аҧсадгьыл  ахьчараан аҕа иҿагылаз, ажәала еибашьуаз амассатә информациа ахархәагақәа ирыҵанакуаз акьыҧхь ҭрыжьуан, иара убас еиуеиҧшым амаҵзурақәа русураҿы ирҭахызгьы. Убри инаваргыланы  еиуеиҧшым агәыҳалалратә акциақәа реиҿкаара далахәын, иҟан атәыла анапхгара рҟнытә ҷыдала анапынҵақәа  аниоуазгьы.

1993  ш. сентиабр 30 рзы аҕа иҿагыланы иқәҧоз ҳажәлар иргаз Аиааира ашьҭахь Борис Ҷолариа Аҟәаҟа даауеит. Азанааҭдырҩцәа зламаҷыз ала, аполиграфиа аус дазкхоит. Аибашьраан Аҟәатәи  агазеҭтә типографиа ақәылаҩцәа иццышәыртәит, акгьы еиқәымхеит. Агазеҭқәа рҭыжьразы ҩаҧхьа аполиграфиатә мыругақәа еидкылатәын, хара имгакәа акьыҧхь аҭыжьра еиҿкаатәын. Убас иагьыҟалеит, хәҭа-хәҭала, акьыҧхьга амашьына еиҧш, егьырҭ атехникатә шьақәгылақәа еизган ихаҭа инапхгарала. Дук мырҵыкәа агазеҭқәа «Аҧсны», «Республика Абхазия» рҭыжьра иалагеит, аҭагылазаашьа рацәак ишманшәаламызгьы. Иахьагьы изгәалашәо рацәаҩуп агазеҭтә типографиа аамҭала Аҟәатәи азауад «Сухумприбор» актәи аихагылаҿы ианыҟаз. Атехника адагьы аусуцәагьы ҧшаатәын. Аҭыжьцәа рахьтә ихынҳәыз ҟалеит, иазымхоз аҿыцқәагьы идикылеит. Изларылшоз ала аусура еиҿыркаауан, агазеҭқәа рҭыжьра еиҧдырҟьомызт. Уи инаҷыданы анаплакқәеи аусҳәарҭақәеи русураҿы ирҭахыз еиуеиҧшым акьыҧхь аалыҵ ахьҿарҵашаз даҽа ҭыҧк ыҟамызт, зегьы дара рахь акәын иахьнеиуаз. Абас, хәыҷы-хәыҷла иҭышәынтәалон.

1995  ш. акәзар, Борис Ҷолариа иҧсҭазаараҿы даҽа хҭыск ҟалеит. Иаҧшьгарақәеи иеиҿкааратә усуреи злагәарҭахьаз ала, Аҧсны Аиҳабыра рҟнытә Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека анапхгара идыргалеит. Азныказы мап ацәикзаргьы, дазааргеит. Акультуратә хәышҭаара аибашьраан даара ааха аиуит. Абиблиотекатә фонд аиҳарак ҧхасҭахахьан, ахыбра аҩнуҵҟа уаныныҩнаҧшлак улаҧш заахоз асахьақәа угәы ҭыршьаауан. Зегьы  рышьақәыргыларазы амчи адырреи аҭахын. Борис Ҷолариа убарҭқәа илшоит ҳәа азырҧхьаӡеит. Абиблиотекахь усура даниас инаркны иахьа уажәраанӡа имҩаҧгоу аусура аӡбахә иааинырсланы иузҳәашам. Ҩнапыкла аусзуҩцәа ицырхырааны аиҭашьақәыргылара аусқәа хацыркын. Зегьы абиблиотека анапхгареи аусзуҩцәеи рнапала инагӡоуп. Ишнеи- шнеиуаз аҳәынҭқарра аҟынтәгьы ирхаҵгыло, ирыцхраауа иалагеит. Абиблиотека иааннакыло аҭыҧ ҳасаб азуны ахыбра аиҭашьақәыргыларазы аинвестициатә программа иалаҵан. Ега аџьабаа рбазаргьы, абиблиотека ҳаамҭа аҭахрақәа ирықәшәо акапиталтә ремонт ҟарҵеит. Иахьа, Аҧсны мацара акәымкәа, анҭыҵ иҟоу абиблиотекақәа иреицәамкәа ишьақәыргылоуп, ибзианы аусурагьы еиҿкаауп.

Амилаҭтә библиотека анапхгареи аусзуҩцәеи знысхьоу амҩа мариамзаргьы, иахьа аусуразы аҭагылазаашьа бзиа рымоуп. Аханатә еиҧш, Борис Ҷолариа абиблиотека аус аихаҳара дашьҭоуп. Урыстәыла абиблиотекақәа дрымадоуп, аусеицура рыбжьоуп, еиуеиҧшым афорумқәа рахь днарыҧхьоит, рҧышәа рҿиҵаауеит. Иааиҧмырҟьаӡакәа ашәҟәтәы  фондгьы хадырҭәаауеит еиуеиҧшым алитература ала. Русура аиҿкаашьа ҳасаб азуны Амилаҭтә библиотека ҳәа ахьӡгьы аиуит.

Иахьа ирацәоуп иааиҧмырҟьаӡакәа еиҿыркаауа апроектқәа, акультура-массатә усмҩаҧгатәқәа. Акультура аҿиара ацентр акәны ишьақәгылаз Амилаҭтә библиотекаҿы ес нагь имҩаҧыргоит: еиуеиҧшым ахәылҧазқәа, аиубилеиқәа, асеминарқәа, астол гьежьқәа, аконференциақәа уҳәа. Абиблиотека аусура иаларгалоит атехнологиа ҿыцқәа. Абарҭқәа зегьы иҭышәынтәаланы аусура иацхраауеит, аусзуҩцәа рзанааҭтә дырра иазнарҳауеит.

«Иарбанзаалак аус гәцараумкыр, аџьабаа адумбалар, акгьы ахала иҟалаӡом. Иҳалшо агҳархом…», – иҳәоит Борис Ҷолариа. Хымҧада, убри ауп изыбзоуроу иахьа абиблиотека иамоу  аихьӡарақәа.

Ҵабыргуп, зегьы аҧшьгаҩс ирымоу, анагӡараҿгьы ихьамҵуа Борис  Ҷолариа иоуп. Иарҕьажәҩаны ивагылоу аусзуҩцәа дрызгәдууп иҧшьоу ари аус иахьалахәу.

Борис Ҷолариа иџьабаа аҳәынҭқарра аҟнытә ахәшьара аиухьеит – ихҵоуп «Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. Ааигәа 75  ш. ихыҵра аиубилеи инамаданы ианашьан иара убас «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.

Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәа ракәзар, Борис Ҷолариа ииубилеи раҩрмыжьит, имшира аҽны маҷӡак иадамзаргьы агәалаҟара бзиа инаҭартә ахәылҧаз еиҿыркааит. Уи иаладырхәит акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, аҩызцәа-ақәлацәа, агәакьацәа.

Аиубилеитә хәылҧазы мҩаҧигон абиблиотека аусзуҩы Владимир Никонов. Аиубилиар имшира идныҳәалауа иқәгылеит, еиҳау аихьӡарақәеи ақәранҵыра дуи изеиҕьаршьеит: Россотрудничество Аҧсны иҟоу ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри  Федотов, ари аусбарҭа ахаҭарнак  Наталиа Каиун, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, ажурнал «Алашара» аредактор хада  Анатоли Лагәлаа, Аҟәа араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы Емма  Бобуа, Аҟәатәи араионтә библиотека аиҳабы Зина Сабекиа уҳәа егьырҭгьы.

Абасала, И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи  Амилаҭтә библиотека анапхгареи аусзуҩцәеи рыбзоурала, араҟа имҩаҧысуазаалакгьы аҧхара аҵоуп, ихадоу – уи зегьы ҳтәылаҿы акультура аҿиара иахәҭакуп, лагала бзиангьы иҟазаауеит. Борис Шьаликәа-иҧа Аҧсны акультуратә ҧсҭазаара шьардаамҭа  далагылазааит.


В.Ажәанба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me