Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҳаидгылара иабзоурахеит…

«Ар ирнымиаз дхаҵа ҕәҕәоуп» – рҳәоит аҧсуаа ражәа иалаҵаны. Шьаҭанкыла аҧсуа жәлар ҳақәхра игәы иҭакны ҳаҧсадгьыл аҕа данақәла, уи иҿагылара, иқәцара анаҭахыз аамҭазы агәаҕьреи агәымшәареи аадырҧшит Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа.

 Ҳәарада, аҧсра абла уанҭаҧшуа, ухы-уҧсы аҧсадгьыл аиқәырхаразы ахамеигӡара,аҧсы ахҭынҵара уадаҩуп, ишырҳәо еиҧш «Аҧсы ҵаауп»… Аха зыҧсы ҭины аҧсадгьыл ахьчараз игылаз ҳҵеицәа – рџьынџь аиқәырхара заҵәык акәын рхаҿы иааргоз, ҳанхар ма ҳҭахар ҳәа ихәыцуаз дыҟамызт шамахамзар.

Имҳәакәан высшьа амам, аибашьраан ахаҵамҧҳәысра аарҧшны зашьцәа ирывагылаз аҭыҧҳацәа гәымшәақәа ирыбзоуроу шырацәоу. Зегьы раҧхьаӡагьы, урҭ аибашьцәа ргәы шьҭырхуан, рымчқәа ҩбартәуан,  ирылымшашагьы рылнаршон рааигәа рыҟазаара. Ажәакала, аибашьраан аҭыҧҳацәа ихәрабҕьыцны, ихәраҿаҳәаганы, ҳаибашьцәа рыҧсеиқәырхаҩцәа ракәны иҟан.

«Агәымшәаразы» амедал занашьоу, занааҭла ирҵаҩу, иара убас ҳажәлари ҳаҧсадгьыли рҭоурых Аҧсны иаҭаауа асасцәеи аҧсшьаҩцәеи рыҩнуҵҟа аӡыргара иазааҧсо Нанули Ҳагба ахӡыргара зцәаҩам аӡә лоуп. Аибашьра атемала ҳлыҿцәажәарц шаҳҭахыз анлаҳҳәа, азныказы мап ҳцәылкит. Хаҭала, аибашьра атема алацәажәара шылцәыуадаҩыз азгәаҭауа. Аха аҵыхәтәаны иаҳаулак дазаагеит.

Ҳаиқәшәараны ҳаныҟаз аамҭазы, 40 шықәса инарзынаҧшуа аус ахьылуа, аҭоурых ду змоу Гагратәи актәи абжьаратә школ ахь аҩналаха ҳамҭакәан агәашә аҟны даҳҧылеит. Арҵаҩы, аибашьра аветеран Нанули Ҳагба «х-еихагылак змоу ашкол ахыбра ду аҟны сыҧшаара шәаамҭа ақәшәырӡырц сҭахымхеит», – ҳәа лхы-лҿы разӡа еихаччо.

Анаҩс, акласстә уадақәа руак аҟны ҳаиҿцәажәара хацҳаркит. Аибашьра раҧхьатәи амшқәа лгәаларшәо дҳацәажәон Нанули.

– Ҩымш-хымш рыла еилгоит ҳәа ҳгәыҕуан. Аибашьра ҕәҕәа ҟалоит ҳәа аӡәгьы игәы иаанагомызт. Аха ҳгәы ишаанагоз еиҧш ианыҟамла иҳамхацәгьахеит, нас ауп саргьы раҧхьа ацхырааразы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭахь саннеи, анаҩс, медиаҳәшьак лаҳасабала  Ауадҳараҟа срышьҭит, уаҟа еиҿкааз амед-пункт аҿы шьхала ихыҵны Аҧсныҟа зхатәгәаҧхарала еибашьра иаауаз ацхыраара раҳҭон.

Нанули ишҳалҳәаз ала, аибашьра раҧхьатәи амшқәа раан, август 26 рзы дҭахеит Леон иорден занашьоу лаҳәшьаҧа Асҭамыр Сымсым. Лаҳәшьаҧа иҭахара ашьҭахь, лаҳәшьа дылзынмыжьит, ҧыҭрак длыдтәалан. Аха ианвар мзазы  Аҩада Ешыратәи ахырҕәҕәарҭахь дцеит аибашьцәа илылшо ала ацхыраара рылҭаларц. Ҳаиҿцәажәараан Нанули иазгәалҭеит уи амедицинатә ҵара шлымамызгьы, арҵаҩратә институт аҟны ҧышәак аҳасабала ишылҵахьаз,  ишлылшоз раҧхьатәи ацхыраара аҟаҵара.

Ҳаиҿцәажәараан Нанули имӡакәан иҳалҳәеит, раҧхьатәи аиҿахысраан лгәы шеиҭаҧаз, дышшәаз, аха уи нахыс ахысыбжь дшашьцылаз, ашәарагьы шлыхҟьаз.

Нанули дрылахәын ажәыларақәа маҷымкәан: Ахбиук, Каман, Шрома, Цугуровка уҳәа ахақәиҭтәраан, аха уи даара иуадаҩыз, усҟангьы уажәгьы еиҳа ихьааны илгәалашәо шжәылароу наҵшьны иазгәалҭеит, илыҵшәадахаз, аха ҳ- Иааира зырааигәаз Март 15-16 тәи ажәылара.

«Марттәи ажәылараан ҳгәыҧ еиҳабыс даман Славик Анқәаб, уи ихаҭыҧуаас иҟан Руслан Ешбеи Рафик Аибеи.  Март 15  ауха ҳдәықәлеит ажәылара аха, ҳара аӡы ҳмырӡеит, Гәымсҭа ахықә аҟынӡа ҳаннеи, адҵа ҳауит аӡы ахықә аҟны ҳаангыларц. Ҳара ҳаҧхьаҟа аӡы нырцә ирхьаз ҳгәыҧ аҟнытә аҷкәынцәа рацәаҩын. Медиаҳәшьцәас иҟаз Лиалиа Аршбеи сареи Гәымсҭа аарцә ҳахьыҟаз аснариадқәа ҵыхәаҧҵәарада иҭҟәацуан ана-ара, ҧыҭрак ашьҭахь аимадарагьы ҳцәыӡит. Аиашазы, аиҭаҳәара уадаҩуп уи аамҭазы ҳазлагылаз, ахәцәа рацәаҩын, ҳашьцәа еибашьцәа ршьа кашын Гәымсҭа аарцәи-нырцәи, Лиалиа Аршбеи сареи ашьа ҳалагыланы,ҳаганы аибашьцәа рыхәрақәа ҿаҳҳәон, раҧхьатәи ацхыраара рзыҟаҳҵон, излаҳалшоз ала рыҧсы ҳзеиқәырхозар ҳәа ҳҕьаҵәы-ҕьаҵәуан, аха ахәцәа рацәан аҟнытә урҭ зегьы рыхьӡара уадаҩын, арахь ирласныгьы ацхыраара рыҭатәын. Ирацәаҩуп изыхнымҳәыз аибашьцәа, зыҧсыбаҩқәагьы Гәымсҭа нырцә инхаз»,–  лҳәан даара лылахь ааиқәылеит Нанули.

Ҳаиҿцәажәараан Нанули аибашьцәа аӡә далкааны игәымшәара, игәаҕьра атәы даламцәажәеит. «Еибашьуаз зегьы фырхацәоуп»,– лҳәеит иааркьаҿны.

«Ажәыларахь ианцоз, урҭ аныҳәахь ицозшәа акәын, игәырҕьаҵәа, ргәалаҟазаара бзианы, аӡәи-аӡәи ргәы шьҭибахуа ишдәықәлоз. Аиааира агәра ргон, рыгәгьы рыхон ҧхьаҟа»,– дрызгәдуны дрыхцәажәон аибашьра аветеран лҩызцәа еибашьцәа.

Нанули аибашьраҿы дмедиаҳәшьан, аха амедиаҳәшьцәа зегьы ахыхьчаразы ирыман атапанчақәа. Нанули атапанча шныҟәлымгоз анеилаҳкаа, Аибашьраҿы уаҩ дызқәымшәо акгьы ыҟам абџьарда ишәарҭоуп, атапанча зныҟәшәымгози?,– ҳәа ҳанлазҵаа: «Абџьар ахархәашьа сыздырӡом, аҵарагьы сашьҭамлаӡеит, исҭаххоит ҳәагьы сазхәыцӡомызт»,– лҳәеит уи дыччо.

Лҩызцәа аибашьцәа зегь реиҧш, Нанули Аиааира агәра лгон аҵыхәтәанынӡа, «ак сыхьуеит, ахәра соуп, сҭахап… ҳәа знымзар-зынгьы  дазымхәыцит, аҧсра абла дҭаҧшуа уи ахықә данықәгылазгьы. Аиашазы, уи изныкымкәан лыҧсра дахыҧахьан. Иҟалап, ииашаҵәҟьаны алахьынҵа ыҟазар?!

«Цугуровка ахәы ахақәиҭтәразы ажәылараан акәын. Аснаипер сгәеиҭазаап, скылкааны дсеихсит, аха ахы схы иқәсит, аиаша шәасҳәап, ицаҳә-цаҳәо иааҟалеит, ашьагьы алхәхәа аҿыланахеит. Анцәа имчала исыцрасит, аха ахы амч аиуртә исмаахеит, аснаипер ихымҭа иқәманшәаламхеит. Ашьа схы иалыжжуа избаз сҩызцәа «ахәра боуит» ибымбаӡои ҳәа аҳәҳәара иалагеит, сара уи хьаасгьы иҟасымҵеит «акгьы смыхьӡеит» – сҳәан снарышьҭалеит», – лҳәан аибашьраҿы илыхҭысыз ахәҭак аиҭаҳәара аахлыркәшеит Нанули.

Анаҩстәи ахҭыс аиҭаҳәараан уи иазгәалҭеит, дызҭатәаз амашьына автоматла агәгәаҳәа, ҵыхәаҧҵәарада ишеихсуаз, ахқәа иааигәаны илывҟьаны ишцоз. Амашьына дызлаҭатәаз ашә зегь ахҭыҧ иаганы ишыҟаз, аха лара изаҟаразаалак ишлыцрамсыз.

Ахҭыс хыркәшо, «Амала схы ҭҟьеит, «аконтузиа» соуит уи ашьҭахь»,– лҳәеит.

Уажәшьҭа арҭ ахҭысқәа аникдодк еиҧш реиҭаҳәара алшоит, аха 30 шықәса раҧхьа даара уаҩ ихаҿы аагара уадаҩын…

Нанули лажәақәа рыла, Марттәи ажәылара ашьҭахь ргәыҧ харҭәааны еиҿкаан, еиҳабысгьы даман Автандил Гарцкиа .

Нанули даӡәыкмызт рҭаацәара аҟнытә еибашьуаз, лашьа Сосо Ҳагбагьы аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рыгәҭа дгылан, «Агәымшәаразы» амедал ианашьоуп.

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, аибашьра аветеран дҳацәажәон.

– Аибашьра ацара, аҧсадгьыл ахьчара аҭахуп, иахәҭоуп ҳәа исыӡбеит. Сгәы иаанагоит аҧсуа жәлар зегьы иаҳуалын, иаҳуалуп ҳәа есқьынгьы аҧсадгьыл аҿаҧхьа ҳуалҧшьа анагӡара! Сақәшаҳаҭӡам, «сара сеибашьит абригьы, абригьы сыхәҭоуп», – ҳәа ацәажәара, агәаанагара. Зегь раҧхьаӡагьы, досу ҳҭаацәарақәа ҳахьчеит, ҳаҩнаҭақәа, ҳаҧсадгьыл…

Акызаҵәык сзызгәышьуа ҳаҧсадгьыл аҟны аҭышәынтәалара, аҿиара аҟалара ауп. Зықьҩыла ҳҵеицәа рхы зқәырҵаз ҳхақәиҭра, ҳхьыҧшымра мыӡырц сҭахәуп. Уи знысыз амҩа ҳажәлар ирхамшҭырц, еиҵагыло  аҿар ирдыруазарц.

30 шықәса раҧхьа Аҧсны аҟазаареи-аҟамзаареи ианрыбжьагылаз, Аиааира ҳара ишаҳтәхоз хазҵоз ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа, аӡәгьы ҳгәы иаанагомызт, иахьа ҳтәылаҿы аҭыҧ змоу аилибамкаарақәа, агәхьааибамкрақәа, аимак-аиҿак ҟалоит ҳәа. Аибашьраан зегь раҧхьаӡагьы Аиааира ҳзыргаз аҧсуа жәлар ҳаӡәкреи ҳаидгылареи роуп. Иахьагьы, жәытә-натә аахыс ҳажәлар рыбжьара иҟаз абзиаибабареи, аихӡыӡаареи, аҳаҭыреибабареи рахь, ҳцәаҩатә ҟазшьа бзиақәа рахь ҳхынҳәыр, зегь маншәалахоит.

Нас, иаҳмырӡып Нанули Ҳагба дназлоу, ҳҵеицәа иаҳзааргаз Ахақәиҭреи Ахьыҧшымреи. Милаҭк раҳасабала хеиқәырхаганы иҟоу ирыцкуп уи!


Алиса Гәажә- ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me