Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ацҳа амаакыра азҭауа ируаӡәку

Ҟарачы-Черқьестәыла, Абазашҭа еиуоу абаза поетесса Лариса Шебзыхәа аҧхьаҩцәа дырдыруеижьҭеи акыр ҵуеит, абаза бызшәала еиҧш, дыҩуеит урысшәалагьы.

Абаҩхатәра злоу арҿиаҩы лнапы иҵылххьеит акымкәа-ҩбамкәа аизгақәа, хазы шәҟәаны иҭыҵхьеит ҩ-бызшәак рыла.

Ҟарачы-Черқьестәыла жәлар рпоет Лариса Шебзыхәа лхатә дунеи даҽакы иалаҩашьом, уи оумашәа илныруеит иаалыкәыршаны иҟоу аҧсабара, ллирикатә фырхаҵа лыжәлар ржәытә-рҿатә дазааигәоуп, идунеихәаҧшра амилаҭ цәа аҟәнуп, цәаҩаҟазшьа бзиала иаарҧшра лҽазылшәоит, егьлыцааиуеит. Урҭ зегьы лыҩнуҵҟатәи лдунеи еибаракны измоу лфилософиатә гәҭахәыцрақәа ирхылҵуеит, егьҵаулоуп. Лырҿиара зегьы цәаҳәа ҟаҧшьны иагәылсуеит абазақәеи аҧсуааи ракзаара, руасхыр шьаҭас измоу, еицакрагьы зқәым адоуҳамч. Лгәаҵаҿы еигәныҩуеит аишьцәа гәакьақәа рдац-ҧашә иахылҵыз, аҿиара амҩа иану аҧсуааи абазақәеи ари адунеи аҟны иааныркыло аҭыҧ. Ажәа хыркыла иаалырҧшуеит, ашәышықәсақәа иргәылсны, аҧсҭазаара ацәқәырҧа ҕәҕәақәа рыҽрыламырӡкәа иаауа, аҧеиҧш бзиа иазгәышьуа, еишьцәоу, иузеиҟәымҭхо  ҩ-жәларык ахеиқәырхаразы рықәҧара. Лпоезиаҿы абарҭқәа зегьы еиларсуп, еиҿыбаауп, еимадоуп. Лыдгьыл гәакьаҿы гәрагарала лшьаҿақәа еихылгоит, амч лызҭогьы лыжәлари лхатәы бызшәеи  рахь илымоу абзиабара ауп. 

Ҳәарада, Лариса Шебзыхәа ллирика ҩашьара ақәым, уи ала  лыжәлар рҿахәы лҳәоит, егьӡырылгоит. Еиҭагаҩк иаҳасабалагьы апоетесса лыҽҧылшәахьеит, акьыҧхь рбахьеит адунеитә поезиа аҟынтә леиҭагамҭақәа. Убас, абаза бызшәеи аурысшәеи рахь џьашьахәшәа аиҭагара лыллыршеит Аҧсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ипоема «Семра». Лхатәы бызшәахь аиҭагара, ҳәарада, илзымариан, избанзар аҧсшәеи абаза бызшәеи акыр излеизааигәоу ала, аҧсшәа иаҵубаауа абеиарақәа рымаӡа аҵхра лҽазааигәалтәит, лҽагәылалхалеит, ахшыҩҵакқәа реиҿыбаара аҟаза илцәаҩаҟазшьоуп. Абраҟагьы иааҧшит Лариса Шебзыхәа лбаҩхатәра ҷыда. Рушьбеи Смыр ипоезиа акырӡа иазааигәалтәит леиҭагамҭа, егьлықәҿиеит.

Аиааира 30 шықәса ахыҵра аныҳәа азгәаҭара иазкыз аусмҩаҧгатәқәа лыҽрылалырхәырц Абазашҭа еиуоу лҩызцәа дрыцны ҩаҧхьа Аҧсны даҭааит Лариса Шебзыхәа. Аҟәатәи лҩызцәа лбара еигәырҕьеит, Лариса Аҧсни Абазашҭеи ирыбжьоу ацҳа амаакырақәа азҭо дыруаӡәкуп, ара иҟоуп лгәы-лыҧсы, ара зегь лызгәакьоуп. Лыбзиабара лассы-лассы арахь даанагоит. Лҩызцәа арҿиаратә хәылҧазы лзеиҿыркааит Аҧсны аҳәынҭқарратә хортә капелла азал аҟны. Араҟа иӡырган аҵыхәтәантәи аамҭазы иҭлыжьхьоу лышәҟәқәа, урҭ рхыҧхьаӡараҿы, леиҭагамҭа Р. Смыр ипоема «Семра». Уахь инеит лхаҭареи лпоезиеи ҳаҭырла ирзыҟоу ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, апоезиа абзиабаҩцәа маҷҩымкәа.

Аиқәшәара аалыртит, егьымҩаҧылгон апоетесса Гәында Сақаниа. Уи иааркьаҿны далацәажәеит Лариса Шебзыхәа лырҿиара, доуҳала, абазақәа реиҧш, аҧсуаагьы ишаҳзааигәоу даҩымсит. Ҵабыргны, апоетесса лырҿиара ахәҭак Аҧсни аҧсуааи ирызкуп. Абазашҭа еиҧшҵәҟьа Аҧсынгьы дазышәаҳәоит, ара дтәымуаҩны лхы лшьом, ларгьы ара дашьагәыҭуп.

Лариса Шебзыхәа лырҿиара иазааҭгылауа ргәаанагарақәа рыла иқәгылеит: апоет-академик Владимир Занҭариа, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, еицырдыруа асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа Аҧсны жәлар рартист Нодар Ҷанба уҳәа егьырҭгьы.

Ашәақәа нарыгӡеит Германиа иҟоу Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак  Хьыбла Амҷба, аиҳәшьцәа Берзениаа. Абасала, ажәеи ашәеи хеибарҭәаауан.

 Лариса Шебзыхәа лықәгылараан лырҿиаратә мҩа дазааҭгылеит. Лхатәы жәеинраалақәа реиҧш, даҧхьеит Рушьбеи Смыр ипоема «Семра» ацыҧҵәаха. Аҵыхәтәан лырҿиаратә хәылҧазы ашҟа имҩахыҵыз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.

В. Ажәанба

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me