Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсуа-адыга еимадарақәа рыҽдырҭбаауеит

Нхыҵ-Кавказтәи ихароу аҳәаанырцәи рҵакырадгьылқәа ирықәбзазо, шьак еицызлоу аԥсуа-адыга жәлахылҵшьҭрақәа ирхаҭарнакцәоу ажәларқәа ҳгәеизыбылра иашьаҭахаша ҳаибабареи, ҳаиҭанеиааиреи ирзынархоу аусқәа рырцыхцыхра ахықәкы хадақәа иреиуоуп, шықәсык аԥхьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, аректор,  академик Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа иқәҵарала иаартыз, В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филологиа Аҭыԥ хада.

Ишазгәаҭоу еиԥш, ари Аҭыԥ хада аартижьҭеи рацәаӡак шымҵуагьы имҩаԥнагахьоу хра злоу аусмҩаԥгатәқәа маҷым. Убас, сентиабр 28 инаркны октиабр 3-нӡа, Аҭыԥ хада аиҳабы – Анқәаб А. В., алаборант, ААУ аспирант Беиа А. З. маҵураныҟәарала иҟан Ҟабарда-Бакариатәи ареспубликаҟны. Уаҟа рыҟазаара иалагӡаны қәҿиарала рхы аладырхәит Х. М. Бербеков ихьӡ зху ҞБАУ иатәу, Приельбрусие иҟоу арҵара-ҭҵаарадырратә базаҟны сентиабр 28-30 рзы имҩаԥысуаз, ҞБАр аҳҭнықалақь Нальчик 300 ш. ахыҵра иазкыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа.

Ари аамҭа иҭагӡаны аԥхьаҟатәи аусеицуазы аицәажәарақәа мҩаԥысит В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филологиа Аҭыԥ хада аусзуҩцәеи Ҭырқәтәыла, Сҭамԥылтәи ауниверситет Окан аурыс бызшәеи аиҭагареи ркафедра аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аԥсуа-адыга бызшәақәа рҵареи рыҭҵаареи иазку ачерқьес культуратә центр ахаҭарнак, хылҵшьҭрала аԥсуаа ираҳәшьаԥоу Топчу Мураҭи, аԥсуа-адыга жәларқәа рсоциалтә-бзазаратә ԥсҭазаара аарԥшра иазку, аҳәаанырцәтәи абызшәақәа акыр рыла асоциалтә ҳақәа рҟны икьыԥхьуа ажурнал «Международный черкесский вестник» аредакциа аҟәша аиҳабы, хылҵшьҭрала иабазоу Карчаа Несрени рҟны.

 Аконференциа аҵыхәтәантәи амш азы, уи иалахәыз ирзымҩаԥган ақалақь Нальчик аҭыԥ ԥшӡарақәа: зҵакырадгьыл ҩ-гектарк инарзынаԥшуа шәаԥыџьаԥ хкы рацәала иҭалаҳау, Ҟабарда ашьаҭаркҩцәа ируаӡәку аҳ Атажукин ихьӡ зыхҵоу ақалақьтә баҳча; Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә амилаҭтә музеи, зҟны арҭ амшқәа рзы Ҟарачы-Черқьестәи анапҟазацәа – ҿарацәа рцәыргақәҵа аарту; XIX ашәышықәсазы ихырҵәаз ашьхаруа жәларқәа ргәалашәара иазку абаҟа; асахьаркыратә ҟазара амузеи; амилаҭтә маҭәа аӡахра еицырдыруа азҟаза Мадина Саральп напхгара ззылуа Адыга культура аҿиара аинститут «Мадина Саральп л-Арт Центр»; зҭоурых ҵаулоу, Кавказ зегь аҟны зыхьӡ ҳараку «Аԥсны Ашҭеи» уа игылоу абаҟеи уҳәа рахь.

Октиабр 2 рзы Х. М. Бербеков ихьӡ зху ауниверситет асоциал-гуманитартә институт аҟны, аусеицуразы аиқәшаҳаҭра зыбжьазҵахьоу А. А. Ципинов ихьӡ зху Адыга культура ацентри В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филологиа ацентри еицымҩаԥыргеит Ҟабарда-Балкариа жәлар рышәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Ҳаҭыр зқәу апрофессор, «Леон иорден» занашьоу Заурби Магомет-иԥа Налоев диижьҭеи 95 шықәса аҵра иазкыз агәалашәаратә хәылԥазы. Ахәылԥаз ахықәки аҵаки азгәаҭауа иаалыртит А. А. Ципинов ихьӡ зху адыга культура ацентр аиҳабы Езаова М. Иу. Анаҩс, арҭ рҩызцәа аиԥыларақәа аешьаратә жәларқәа ирхаҭарнакцәоу аҿарацәа ргәеизыбылра аизырҳаразы рҵакы шшьардоу дазааҭгылеит асоциал-гуманитартә институт адиректор Тамазов М. С. В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филологиа ацентр аиҳабы Анқәаб А. В. далацәажәеит Заурби Налоев ихаҭара аҵакы аԥсуа-адыга доуҳатә ԥсҭазаараҿы. А. А. Ципинов ихьӡ зху адыга культура ацентр аусзуҩ Канкулова А. С., Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, аҟабарда-черқьес ҟәша аредактор, З. М. Налоев иновеллақәа рышьаҭала амагистртә диссертациа қәҿиарала изыхьчахьоу Шогенова Л. М. жәлар рышәҟәыҩҩы ирҿиара иазааҭгылеит еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла. Аҟабарда-черқьес ҟәша астудентцәа ракәзар, гәахәара ҳаракыла, агәаанагаратә хҳәаақәа ҟаҵо ирыхцәажәеит З. М. Налоев еицырдыруа иновеллақәа. Аԥхара зҵаз аиԥылараҿы иқәгылеит иара убас аҟабада-черқьес бызшәеи алитературеи ркафедра аусзуҩцәа: Абазов А. Ч., Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Карданов М. Л.

Ас еиԥш аҿар злахәу аиқәшәарақәа лассы-лассы ишымҩаԥгалатәу дазааҭгылеит аҟабарда-черқьес бызшәеи алитературеи ркафедра аиҳабы, апофессор Тимижев Х. Т.

Аешьаратә жәларқәа рабиԥара ҿа реизгәыбылра арҿыхара ашьаҿақәа ируакхаз ари аиԥылара хыркәшан аҳамҭақәа реимдареи, ҳазну ашықәс хыркәшахаанӡа Аԥсны, В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа- адыга филологиа Аҭыԥ хада аҟны «Аԥсуа-адыга жәларқәа рҭоурых-культуратә акзаара аспектқәа» атема ала алекциақәа рыԥхьаразы Х. М. Бербеков ихьӡ зху ҞБАУ ахьтә аҵарауаа рааԥхьара азԥхьагәаҭаны.

Иара убас, арҭ аныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филологиа Аҭыԥ хада аиҳабы – Анқәаб А. В., В. Вороков ихьӡ зху Ҟабада-Балкариа акультура афонд иахәҭаку амилаҭтә-культуратә центр «Аԥсны» аиҳабы Қацәба-Гәачапшева И. Р. анаҩс аусеицуразы аԥкаанҵа рнапы аҵаҩра иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә мҩаԥысит, уи ацентр ахьыҟоу В. Коков ихьӡ зху Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә аграртә университет ахыбраҿы, аҵарауааи астудентцәеи алархәны.

Октиабр 3 рзы В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филологиа Аҭыԥ хада аусзуҩцәа аҭааит иахьа адунеи аҿиараҿы зегь раасҭа иҵарны иқәгылоу, еиҳаракгьы ажәлар маҷқәа рзы – ахатәы бызшәа аиқәырхареи, уи арҿиареи зхықәкы хадоу, ҟабарда бызшәала иҭыҵуа: агазеҭ «Адыгэ псалъэ», есымзатәи ахәыҷтәы журнал «Нур» рредакциақәа. Урҭ рредакторцәа Жилиасов Заурбеки Аброкова Беллеи, аредакциақәа русзуҩцәа Нашапигова Замиреи Камботова Марианеи злахәыз, «Акьыԥхь аҩны» аҟны Аԥснытәи аделегациа рԥылараан ирылацәажәеит аԥхьаҟатәи аусеицура ахырхарҭақәа.

Абасала, иҟаҵоуп даҽа шьаҿа ӷәӷәак аԥсуа-адыга еимадарақәа рырҵауларазы.


А. Бзыԥба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me