Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Игәы ихон ҧхьаҟа…

26 шықәса дшырҭагылаз, аҕа ихымца зыҧсҭазаара ҿахнаҵәаз, арҧыс  Бено Ҟалҕьы иуацәеи-иҭынхацәеи, дыздыруази, ицеибашьуаз иҩызцәеи иӡбахә ианалацәажәо  лабжышда ирызҳәом.

Бено иаҳәшьа Марина, лашьа заҵә дылгәаларшәо ҳаиҿцәажәараан иазгәалҭеит, иашьеи иаҳәшьеи даара ишеихӡыӡаауаз, ишеизааигәаз, гәҭыхала ишеицәажәоз,  рымаӡа шеилаз, ҽнак еибамбаргьы шыҟамлоз.

«Бено даныхәаҷыз инаркны даара ихымҩаҧгашьа ҿырҧшыган, ҟазшьала дуаҩ ҭынчын, мыцхәы ацәажәара ицәаҩамызт. Абжьбатәи акласс аҟны аҵара аниҵоз инаркны ихатәы жәеинраалақәа иҩуан. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагоз, август 14 аҽны  ААУ  афилологиатә факультет аҟны иҵара ахыркәшамҭаз аҵыхәтәантәи аҧышәара иман. Саргьы, агәыбжьанытә сыҧҳа Аида ашкол аҭаларазы деиқәсыршәарц уи аҽны Аҟәа  санааи ҳаиқәшәеит. Аха, ҳгәаҳҽанӡамкәа аибашьра ҳаналашәа, шьҭахьҟа цашьа ҳамамызт, ҳаҕацәа амҩақәа ркхьан аҟнытә, ҳҭынхацәа рахь ҧхьара ҳцеит.  Санхәыҧҳа Алла Чкадуеи уи лхатә ҩыза Иуана Саӡбеи рҟны ҳаҟанаҵ, сашьа Беногьы уахь днеит. Адырҩаҽны, ҳгәыла ҷкәын  Андреи Қәаранӡиа амшын баҕәаза ааигәара аҕацәа дышҭадырхаз ҳаҳаит. Аҧсы амашьына «Камаз» дақәҵаны Кәтолҟа дызларгоз ҳаргьы ҳаццеит. Ақырҭцәа ирымбарц азы Беногьи егьырҭ иҳацыз аҷкәынцәагьы аҭоубыҭ иаваиан. Заа ирацәажәахьан аҟнытә, ҳаҕацәа ҳаламкьыскәан ҳаурышьҭгәышьеит, иҳацыз аҷкәынцәагьы рызгәамҭаӡеит» – дҳацәажәон Марина.

Марина лажәақәа рыла, анаҩс Бено, иҩызцәа зегь реиҧш, ахаҵарамҩа данылеит. Уи излаҳалҳәаз ала, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу, аибашьра ашьҭахь зыҧсҭазаара иалҵыз лхатә ҩыза Едуард (Туту) Чкадуеи Бенои агәыҧ «Стрелец» иалан, еицеибашьуан.

«Уара х-ҩык ахшара ааӡатәыс иумоуп, ухы гәаҭа, сара стәы хазуп…»– ҳәа имаҳә диабжьон дихӡыӡаауа», – илгәалалыршәон Марина, Бено иажәақәа.

«Бено иажәа раӡан, ишәа-иза акәын дышцәажәоз. Амц даабуамызт, аиаша давсуамызт. Аҧсҭазаараҿы игәамҧхоз акы анибоз ачҳара ааирҧшуан, адәахьы инирҧшуамызт, аха ҩнуҵҟала дарҭынчуамызт», – лҳәеит Марина, Бено иуаҩышьа, иҟазшьа азгәаҭо, уажәы-уажәы лылабжышқәагьы лызнымкылакәан лӡамҩа инахьыжжуан.  Лажәа ацҵара лцәыуадаҩны ҿымҭ ашьшьыҳәа даатәон.

 Хаҭала, ҳаргьы уи лашьа ихьаа дырҩегь иахьҳарҿыцыз азы аҭамзаара шьҭаҵо, ҳаицәажәара ацҵара ҳҽазаҳшәеит.

Лылабжышқәа аалрыцқьан, лашьа идҳәалаз аки-аки еишьҭаланы лхаҿы иааиуаз ахҭысқәа реиҭаҳәарахь дниасит.

– Сан рыцҳа еиҭалҳәон, Бено уахык ҧсеиҭакра ҳәа аҩны дахьааиз ахаҧыц хьаа изҵысын, адырҩаҽны иӡамҩа чит «ипахәӡа». Аха Бено иҽеибыҭан ахырҕәҕәарҭахь дандәықәла, ҳан, Еҭери Кәуткаиа, «уабацои абас ушыҟоу, иахьак уаангылар ҟамлаӡои?» – ҳәа дыхҭалкзаап. Иара, «сышҧаангылои, схаҧыц иахҟьаны сӡамҩа чит ҳәа, сҩызцәа ргәы иаанагои», – иҳәан иҿынеихеит. Аха ашҭа абжара днеихьан еиҧш, «Сан, цқьа бсыхәаҧши, иҕәҕәаны уаҩы ибарҭоума, сыҧшра арцәгьоума?» – ҳәа иан ҩынтә-хынтә дхьарҧшны «цқьа бсыхәаҧши» шиҳәоз ашҭа дынҭыҵит…

«Сан рыцҳа лгәы изҭынчӡамызт Бено, уи заа лцәа иалашәахьан лҧа дышҭахоз. Тҟәарчалҟа ҳаныргагьы, Бено иҭахара 20 мшы шагыз, аҩныҟа сцароуп, Бено ахырҕәҕәарҭа аҟнытә дааир ихәы-иҧхь ыҟам ҳәа дҳазнымкылакәан Кәтолҟа дхынҳәит. Бено данҭаха ашьҭахь иҳзеиҭалҳәеит аҧхыӡ бааҧсқәа шылбахьаз, урҭ бзиак ишазҳәамыз заа ишылнырхьаз.

«Анацәа рацәаны ишгылаз В.Г. Арӡынба  акасы еиқәаҵәа сыхәда иқәиршәит», даҽазны, Бено ҳәа аҿыҭбжьы саҳаит сшыцәаз, ашә ааимҧааны сҩагылазар, ҳашҭа агәашәқәа ҟьҟьаӡа иаартын, арахь ҧсы зхоу аӡәгьы дыҟамызт». Абас сан рыцҳа заа лыҧхыӡ иалашәахьан лҧа заҵә иҭахара, заа лцәа ианырхьан», – луанытә даақәыҧсычҳаит Марина арҭ ахҭысқәа реиҭаҳәара ашьҭахь.

Аибашьраан 15 шықәса ирҭагылаз Марина лыҧҳа Ада, ланшьа уажәгьы иҭеиҭҧш лыбла ишыхгыло, уи дызлалҵозгьы аӡәгьы дышлымамыз азгәаҭо, иҭахара рацәак шагмыз, Тҟәарчал иахьыҟаз рбара ҳәа даннеи «уаҳа аҳәыҷқәа збару» – ҳәа ииҳәаз ажәақәа лгәаларшәо, лгәи-лылаҕырӡи еилаҵәо иаҳзеиҭалҳәеит, Бено ихәда ашашәа аҵданы иахаз апатрона иҭаацәа ианырба «Изуҭахи?» ҳәа азҵаара иҭара ианаҟәымҵ, «иҟамло акгьы ыҟам, ари сыҧсы ҭаны аҕацәа рнапаҵаҟа сҟамларц азоуп» – ҳәа реиҳәеит.

«Бенои сареи  қыҭак еицалҵыз ҳауп, ҳаигәылацәан,  нхарала ҳахьеизааигәаз инаҷыдангьы аибабара бзиа ҳабжьан, еибааӡахьаз ҳакәын аҟнытә,  ихәыҷра инаркны дыздыруан. Уи қәрала сара сеиҳа акыр деиҵбын.  Данхәыҷыз инаркны  ибжьы аӡәы имаҳацызт, иқәра иаҵанамкуа аилкаара иман. Аҧсуаҵас ааӡара зманы, аҧхьаҟа уаҩ дзықәгәыҕша арҧысны дгылон.  Бено  иҧшра-исахьа иаҳәозгьы рацәан, иоура-иҭбаара уҳәа «убла дыхшәалар иузхымхуа» иакәын. Аибашьраҿгьы аҧышәа змаз,  зхымҩаҧгашьа ҿырҧшыгаз, узықәгәыҕшаз еибашьҩын,  аха абриаҟара ачҳара змаз, иарбан усзаалак ишәаны-изаны иазнеиуаз  агәымшәа аҵыхәтәаны,  «Ахаҳә» уршыргьы иҧжәоит» - шырҳәо еиҧш, ичҳара хыжжит, аццакра шицәаҩамызгьы, хәыҷык дыццакцәеит…  Иҟалап ус илахьынҵазҭгьы… Бено  иеиҧш иҟаз, аҧхьаҟа акыр злыҵшаз, Аҧсынра иаҵагылашаз аҵеи дахьҳацәҭахаз даара ихьаагоит, игәалашәара еснагь иҳацзаауеит, ҳхы-ҳгәаҿы дынхоит хаҭала дыздыруаз, ицеибашьуаз иҩызцәа». – Бено дигәаларшәо дҳацәажәон, аибашьра ашьҭахь агәыҧ «Стрелец» аиҳабыс иамоу, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу  Ромик Лашәриа.

Бено данҭахоз аамҭазы ицыз, ахәра аниоу ацхыраара иҭаны иҧырымҵӡакәан иааигәа иҟаз амедиаҳәшьа, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Марина Аршба  Бено иӡбахә аҳәара даара ишылцәуадаҩызгьы,  ҳаиҿцәажәараан лажәа дналагеит:  «Бено даара дарҧыс ҧшӡан, уажәгьы сыбла дыхгылоуп,  иоура наӡан, ибла гәыразқәа хааӡа, уаҩ илаҧш идхалартә ҭеиҭҧшла деиҿкаан. Уи ҟазшьалагьы дызлалукаашаз аҷыдарақәа дрылаҟан, мыцхәы дцәажәомызт, ҭынч, ашьшьыҳәа, дмыццакӡакәан иарбан шьаҿазаалак дазхәыцны иҟаиҵон.  Ажәеинраалақәагьы иҩуан аибашьраҿгьы аамҭак аниауаз, аха урҭ ҳирбаӡомызт, дҳазрыҧхьаӡомызт,  уи иҭахашьа шыҟалаз уажәгьы схаҿы аагара сцәыуадаҩуп…», – лҳәан ахҭыс аиҭаҳәара дналагеит:

– Лабра хыхь ахырҕәҕәарҭа аанкыланы ҳтәан, ажәылара ҳҽазыҟаҳҵон, иахьа-уаҵәы ажәылара  ҳгәы иҭан. Ус, иаалырҟьаны, Бено ишицәаҩамыз ала игәы ҧжәаны, ҳаҧшны ҳахьтәаз игәы ҧҵәаны, ичҳара хыжжны  «Абра ҳазтәои?  Шәаала, ақырҭцәа зынӡа иааигәаны  итәоуп, ҳлырхагыланы ҳаарылгоит», –  иҳәеит.  Агәыҧ аибашьцәа зегьы Бено иҟазшьа аҽшаҧсахыз, игәаҧсахы шеибакыз анырба «Ичҳа Бено, умыццакын, уаангыл, макьана изаацәоуп, хымҧада, инҳарҵәоит» ҳәа дырмышьҭырц иалагеит. Аха  Бено аҷкәынцәа даарҧырҵын,  сара сахьыҟаз дааин «Марина бара бсыцаала, бымцозар, схала сцоит»,  – иҳәан иҿынеихеит. Саргьы азныказы исабжьеигаз сгәамҧхеит,  даара ишшәарҭаз збон,  сгәы шеилаҧшуазгьы ихала ишьҭра сзымгәаҕьит, сыҽнымырхакәан абҕьааҳәа снаишьҭалеит. Бенои сареи ақырҭцәа рахь анаскьара ҳаҿын аиха иалхыз адаан ҳҽадҵо,  рыбжьқәа ҳаҳауан, ицәырҟьа-цәырасуа рхаҭақәагьы ҳбарҭан. Ус ҳашнеиуаз, ҳазҵәахуаз адаан нҵәеит, анаҩс, ибылны иҟаз ҩныки ҵлаки гылан, уаҳа ҳҽахьыҧхьаҳкуаз, аҕацәа ҳрымбартә ҳҽахьаҳҵәахуаз акгьы ыҟамызт. Убри аамҭазы, аҕацәа ҳгәарҭеит, Бено ахы иқәшәеит, аснаипер дкылкааны диеихсит. Сара али-ҧси рыбжьара, Бено ахәра иоуны данкаҳа,  иаразнак снеихаххит, ахьаартәага агәыр изыҟасҵеит, нас дышьҭысхырц салагеит, аха  сымч иқәымхеит.  Бено зоура-зыҭбаара наӡаз, изланы иҟаз арҧысын аҟнытә, исҧыхьашәаз аиха даанқәа сыҽрывакуа,  Бено данысзышьҭымх  ирҳәазара салагеит.  Сымч  шымхоз анызба, «шәсыцхраа» ҳәа аҳәҳәара салагеит. Зегь раҧхьаӡа, ҳара ҳахьыҟаз аҭыҧ шшәарҭазгьы,  ҳҩыза  Адгәыр Қәаранӡиа дааит ацхырааразы, нас  – егьырҭ аҷкәынцәагьы. Бено дхьанҭан, ишьҭхра мариамызт аҟнытә, аҷкәынцәа иҿыхны икажьыз шәык рыҧшаан, убри данҵаны, иҧсы ҭаны далыргеит. Аха ахәшәтәырҭахь дрыманы амҩа ишықәыз  иҧсҭазаара далҵит. Амҩан –  аҵыхәтәанынӡа, «Марина бсыцхраа» – иҳәон.  Сгәы иалоуп игәыҕра дахьеижьаз, иеиқәырхара ахьсылымшаз…

Марина Аршба ари ахҭыс анеиҭалҳәоз уажәы-уажәы дықәҧсычҳауан, лылабжышқәа лҟажон, аха аҵыхәтәаны илзымычҳакәан, илызнымкылаз лылаҕырӡқәа лӡамҩаҿы еишьҭаланы рҿылархеит.

 Ҧыҭрак ашьҭахь, ҳаиҿцәажәара иацаҳҵеит.  Агәыҧ «Стрелец» акомандаҟаҵаҩ  Борис (Баро)  Тапаҕәуа дрызнымкылакәан, «сзықәгәыҕуаз аибашьҩы дышҧаҭахоз, дышҧасзымхьчеи, ишьа зуроуп» ҳәа дышдәықәлаз, уи аҽны Барогьы, Бено ишьа шиуаз иаргьы дышҭахаз  лҳәеит Марина лцәажәараҿы.

 «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Бено  игәараҭа аӡәгьы дахым, иқьаҧҭоуп. Ципо Ҟалҕьи Еҭери Кәуткаиеи аӡәырҩы аҧсуа ҭаацәарақәа реиҧш, рыҵәҩаншьап ыҵнахит ишәиҧхьыӡу  аибашьра.

«Сашьа иҭынхаз дыҟам, ҳаҩнаҭа ашә акит иара ила. Бено иҩызцәеи иареи  рхы зқәырҵаз Аиааира нагӡахааит, Ҳ-Аҧсынра ҧшӡахааит,  уи  иахажәааит еиқәдырхаз ҳажәлар. Аҧсадгьыл  зхы ақәызҵаз Бено дназлоу афырхацәа рыхьӡ адунеи иақәлахааит, ргәалашәара наунагӡахааит», –  лҳәеит, ҳаиҿцәажәара хыркәшо Бено иаҳәшьа Марина.

Аиашазы, Бено Ҟалҕьы иеиҧш зықьҩыла ҳара ҳҧеиҧш аиқәырхара  зхы-зыҧсы ахҭнызҵаз ргәалашәара  аҿаҧхьа ахырхәара зегьы иаҳуалуп. Урҭ рыбзырӡы аӡыргареи аҭоурых азныжьреи рзы иҳалшо зегь ҟаҳҵозароуп…


Алиса Гәажә-Ԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me