Ихымҽуа ахьаа

Аибашьра  алаӷырӡи агәырҩеи ацуп. Ауаҩытәыҩса дызблуа ахьаа имыцәаӡо мцабзуп. Нанҳәамза 30 рзы адунеи зегьы иазгәарҭоит хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара амш.

Аибашьра анеилга, Гал аҳәааҿы руалԥшьа анагӡараан  407-ҩык ҭахеит. Хабарда ибжьаӡыз  ҳаибашьцәа рлахьынҵа угәы ҭнашьаауеит, аҵаа хьшәашәа аиԥш, уззыӡырҩуа  аҭоурых уардысуеит, иуқәыӷәӷәоит, уцәа ианырлоит ахааназгьы.

Аԥсны аԥсуаа рдац-ԥашә ыҵызхырц зҭаххаз  ақырҭцәа хамеигӡарада ирҿагылаз иреиуоуп Калдахәара  ииз Заурбеии Зураби Ҟаитанаа. Раԥхьа еибашьра ицаз Заурбеи иоуп. Уи Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы деибашьуан. Ажьырныҳәатәи ажәылара далахәын. Илҵшәадахаз ажәылара ашьҭахь ҳаибашьцәа аҽазыҟаҵарақәа рзы Пицундаҟа идәықәҵан. Уаҟа аҽазыҟаҵарақәа раан, аибашьцәа ахьеилагылаз артҟәацга аӡәы импыҵаԥжәеит, уи иахҟьаны аԥсҭбарақәа ҟалеит. Маха-шьахала иӷәӷәаз Заурбеи ахыԥҽыха ишьапы ӷәӷәала иахьаахаз иахҟьаны, ишьапы хырҵәеит.  ажәыларахь дцо дзыҟамлеит.

Заурбеи иашьа Зураб Заабеҭ-иԥа  хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара иалахәыз дрылагылан. Ԥыҭрак инаскьахьан еиԥш дырхәит, ишьапы дықәгылартә дыҟамызт.  Иҩызцәа ԥхьаҟа ижәылон, «Сара схы сахәартә сыҟоуп, шәара ԥхьаҟа шәца», – ҳәа ибжьы рхьигӡеит. Уи ашьҭахь Зураб иҩызцәа анхьаҵуаз, дахьырхәыз дыҟамызт. Хабарда дыбжьаӡит. Иара  «Леон» иорден ианашьоуп. Аибашьра ихымхәаны иааннажьыз Заурбеи, иашьа ибжьаӡра иқәыӷәӷәон. Игәаҵа ҵызблаауаз ахьаа есааира аҽинардыруан… Хара имгакәа игәы аангылеит… Уи иԥсҭазаара анҿахҵәа 52 мшы ҟалаанӡа раҳәшьа Амрагьы лыԥсҭазаара далҵит. Ран Зинаида аиарҭа дамоуп… Заурбеи иԥсҭазаара даналҵ, Зурабгьы иҵәыуара  ҟарҵеит.

Иахьа Ҟаитан Заабеҭ Кәыҷа-иԥа иашҭа ахәыҷышьҭыбжьы ҭыҩуеит. Анцәа иџьшьаны Заб игәараҭа иҟоу  Заурбеигьы  Зурабгьы рашьа Заур ԥшьҩык ихшара рызҳауеит. – Аԥсҭазаара даара иуқәыӷәӷәоит, ушьа злоу ауаҩы дыбжьаӡны даныҟоу…  Ахааназ ани аби рыхшара анбаауеи ҳәа рымҩахь аԥшра рықәымшәааит.  Ҳажәлар  аихьӡара дуқәа рԥеиԥшзааит. Аибашьра ҳҟәыгазааит. Зхы ҳахҭнызҵаз хашҭра рықәымзааит, – иҳәеит Заур.

***

Базба Мераб Сергеи-иԥа занааҭла дмашьынаныҟәцаҩын. Аибашьра ианалага Начач Владимир напхгара зиҭоз агәыԥ аҟны дыҟан. Дшәарыцаҩын. Икылкааны дхысуан. Убри азы ахьӡ ҷыда «Ашә́арыцаҩ» ҳәа ихырҵеит… Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара далахәын, усҟан командирс  Аҩӡба Фридон диман. Мераб аӡиас Гәымсҭа ирыз дрылан. Аиҿахысра ӷәӷәа ашьҭахь Мераб иҩызцәа дрымбаӡеит. Иара иан милаҭла дақырҭуан. Лыԥсы ахьынӡаҭаз лыҷкәын иԥшааразы илылшоз зегьы ҟалҵеит, аха  илҵшәадахеит.

 – Еснагь агәашә́ахь сылаԥш хоуп, даашашәа сгәы иабоит. Исҭахуп ихабарк аилкаара сымазарц… Уи разҟуп, сара Анцәа исаҭәеимшьеит… Иашьазаҵә Гиви аибашьра далахәын, иашьа ихабар аҟамзаара иахҟьаны агәыхь ҵигеит, хара имгакәангьы иԥсҭазаара далҵит.

***

Гәдоуҭа ақалақь аҟны ииз, изызҳаз Подлесни Александр Николаи-иԥа аибашьрахь ихатәгәаԥхарала  дцеит. Ахыԥсаҟьага икын. Цәыббра анҵәамҭазы аҩны дааит, ицамҭазы иаб, ус иеиҳәеит: – Сан, илоумҳәан, уаҵәы ԥшыхәра ҳцоит! – Аԥшыхәра иахьцаз аӷацәа ирылашәеит.

Алеқсандр аҵыхәтәанынӡа иҩызцәа рыгәҭа дыҟан. Ахьаҵразы адҵа аныҟала,  ихьаҵыз рҿы Алеқсандр дыҟамызт. Дырзымԥшааӡеит. Хымыз анааҵ иаб игәы ԥжәаны дыԥсит…

– Иахьагьы сыԥшуп, агәашә абжьы ангалакь, сгәы ҭыԥсаауеит. Ихабар ыҟаӡам. Дахьиз, иахьизҳаз иԥсадгьыл аҟны џьара ибаҩ анышә иамадоуп. Исҭахуп ҳаԥсқәа еицызарц… Иара ихьӡ ахаан имыӡырц… – лҳәоит иан Нина.

***

Цәеиба Руслан Акаки-иԥа дҭаацәаран, х-ҩык ахшара драбын: Илона, Ирма, Саид. Иԥшәма Кәарҷелиа Уда Дмитри-иԥҳа дырҵаҩын. Гәдоуҭа инхон. Руслан дпатриот дуун, аԥсуа милаҭ-хқәиҭратә қәԥара еснагь далахәын. Аибашьра ианалага аҽныҵәҟьа аҩны ддәылҵит.

Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылараан III-тәи ажәыларатә баталион, командирс Аҩӡба Фридон дызмаз далан. Аибашьра аҩбатәи амш азы автомат иԥшаахьан. Арратә уалԥшьа анихигоз аимадараҿы дыҟан. Аштаб аҿы уи аус бзианы ишидыруаз реиҳәеит. Иара атехника ҿыц ирҭеит. Аӡы ианыр ашьҭахь арациа аус амуӡеит. Ԥыҭрак аус анадиула ашьҭахь аусура иалагеит. Маҷк инаскьахьан, еиҭа иԥхасҭахеит. Ианаму ицыз аибашьцәа иааныжь ҳәа иарҳәеит:  «Ҳаныхынҳәлак исызҭаз ирасҳәозеи?! Икажьны сааит сҳәома?! Иара усгьы цәгьала ирԥшааит», – иҳәан, иҟәаҟәа иқәҵаны, ԥхьаҟа иҿынеихеит… Уи нахыс уаҳа аӡәгьы димбаӡеит. Хабарда дыбжьаӡит, «Леон» иорден ианашьоуп.

***

Цәышба Адгәыр Едуард-иԥа 21 шықәса ихыҵуан,  Гәдоуҭа дынхон. Аррамаҵура Бабруиск дахысит, Краснодартәи абиржатә институт дҭан. Раԥхьатәи амшқәа абџьар имаӡамызт, нас иԥшааит.

Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара далахәын, Дармаа Игор иротаҿы дыҟан. Амҩаду Гәымсҭа аҩадатәи ахәҭала «Асаркьа» ахьыҟаз рҭыԥ ааныркылар акәын. Хыхьынтәи илбаауаз ҳаибашьцәа, аӷацәа еиуеиԥшымз абџьар хкқәа рыла ирылахысуан. Ҳаибашьцәа рҭыԥ аҟны инеиаанӡа ашьаарҵәыра инылагылеит. Абраҟа Цәышба Адгәыр ахы иқәшәеит.

«Леон» иорден занашьоу Хагәышь Заур (Кыта): Адгәыр иабџьар шикыз уа даанхеит, ипулемиот даара акыраамҭа абжьы гон… Ҳаибашьцәа хьаҵит. Уи ашьҭахь Адгәыр ихабар аӡәгьы имбаӡеит». «Леон» иорден ианашьоуп, хабарда дыбжьаӡны дыҟоуп.

***

Гәынба Валери (Вианор) Владимир-иԥа Мгәыӡырхәатәын. Аибашьра ишалагаз аниаҳа иаразнак абџьар иашьҭаз дрыцлеит. Иԥшааит. Дбар Фата напхгара зиҭоз Мгәыӡырхәаа ргәыԥ далалеит. Иеибашьратә мҩа Гаграла иалагеит. Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь Гәымсҭатәи ахырхарҭахь диасуеит,  аҩбатәи абригада, ахԥатәи абаталион, ахԥатәи арота акомандаҟаҵаҩы ихаҭыԥуаҩс далырхуеит.

Гәынба Валери иӷәӷәара, игәымшәара аибашьраҿы иҩызцәа ирныруан. Уи агәаӷь имаз иҩызцәа иаартны иалацәажәон. Аибашьра аилгамҭахь инеиуан…

Ахәы ҳаракы Цугуровка ахақәиҭтәразы Валери иҩызцәа драԥхьагылан. Раԥхьатәи амш азы аӷа ихырӷәӷәарҭақәа ҩба ԥжәан. Аӷа иҭыԥ дахцан, уи аҭыԥ ҳаруаа иааныркылеит. Абри ажәылараҿы 16-ҩык ҭахеит, 43-ҩык ахәрақәа роуит.  Рымчқәа анмаҷха аԥсадгьыл ахьчаҩцәа хьаҵуа иалагеит. Ианхьаҵуаз Валери ахәра ӷәӷәа иоуит. Уи иааигәа иҟаз аибашьҩы Ажьиба Гулик акыр дласкьеигеит… Аха аӡәы ихала дигартә дыҟамызт. Ишәарҭам ҳәа иахьиԥхьаӡоз, ҵла дук амҵан диҵәахит. Даныхынҳәлак дацәымҩашьартә аҵла днахәаԥшит. Ацхырааҩцәа ааигаразы дылбааит…

Аха, ԥыҭраамҭак анаҩс аӡы аҟәараҿы ирыԥшааз уи иабџьар ала еилкаахеит, Гәликгьы аӷацәа дышрымԥыхьашәаз.

Гәынба Валери дыхәмаршәа иҭаацәеи иҩызцәеи иреиҳәалон: «Аӷа инапаҵаҟа ахаангьы сҟаларатәы аҭагылазаашьа исҭаӡом, уи азы еснагь патронк ҵәахны исымоуп. Хабарда ибжьаӡыз Гәынба Валери Владимир-иԥа Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

Ҳаԥсадгьыл ҳзеиқәзырхаз, ахаан рыхьӡқәа ыӡӡом. Хабарда ибжьаӡыз ҳаибашьцәа рҭоурыхқәа разыӡырҩра даара иуадаҩуп, илаӷырӡуп… Зыхшара ҭахаз, хабарда ибжьаӡыз зегьы рҿаԥхьа ҳхырхәоит. Рыԥсы зқәырҵаз Аԥсны ӷьацааит, иҿиааит. Иага аамҭа царгьы ҳаиқәзырхаз зегьы ҳаԥсуа ҭоурых иахаҿызаауеит. Уаҳа еибашьра ҟамлааит.

Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me