Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аишьцәа – Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра хлымӡаах Мрагыларатәи афронт иалахәыз рҭоурых шәҟәык ианӡалом. Иага шықәса царгьы, иага ԥша хаа бжьасыргьы аибашьра ахәрақәа ӷьашьа рықәым. Еиҳарак угәы ҭзырӡыӡаауа, ихьу-хьууа уцәа ужьы ианыруа гәалашәароуп ақәрахьымӡақәа рыхьӡқәа.

Исҭахуп срыхцәажәарц абри аибашьра иалагылаз Ӷәада ақыҭа иалиааз ҩыџьа аишьцәа Џьамбули (аибашьраҿ дҭахеит) Адгәыри Воубақәа. Урҭ рани раби ирывагылартә зегь рыла ишәхьан аибашьра ианалагоз. Раб Валери, ихшара дрызгәдуун. Акрыура, аламыс,ауаҩра, аиҳабы-аиҵбы рхаҵгылара уҳәа аҟазшьа бзиақәа ныҟәргон. Убла дыргәырӷьон икахәхәа-кахәхәа, ԥшра-сахьалагьы аӡәы ишьҭахь имгылоз. Урҭ ииашан рааӡара лыбзоуран зегь раԥхьаӡагьы зшьа иалҵыз, занааҭла ирҵаҩыз ран – Димона (Амрика) Лагәлааԥҳа. Уи лхәыҷқәа рааӡаразы есымшагьы аҭакԥхықәра ду аалырԥшуан. Џьамбул аҭаацәараҿы ахшара дреиҳабын, аибашьра ианалагаз ихыҵуан 21 шықәса, аррамаҵзура далгахьан.

Ҳара ҳиҿцәажәеит аибашьра ахы инаркны иалсыз, усҟан 20 шықәса ирҭагылаз аиашьа еиҵбы, Аԥсны Афырхаҵа Адгәыр Воуба.

Адгәыр аибашьра ианалагаз уабаҟаз, иабауаҳаи?

– Аибашьра ианалагаз Бабышьра аррамаҵзура сахысуан, аԥшыхәратә гәыԥ «Каҭран» салахәын, еиҳабацәас иҳаман Аслан Занҭариа, Аслан Камкиа, Владимир Анцупов,Ҭемыр Чагәаа. Убраҟа иҳаҳаит асааҭ 11 рзы еиԥш, ақәылаҩцәа Агәыӡера ишааихьаз. Ҳгәыԥ дәықәлеит уахь, аха ҳамҩа ркит, аимадара ҳацәмаҷхеит, уи анҳау, ӷба хәыҷык ҳзаашәышьҭ ҳәа иҟаҳҵаз аҳәара лҵшәадахеит… 12 сааҭ инарзынаԥшуа амацәаз ҳҭакны ҳрыман, аиҿахысрақәа цон, верталиотла адәы ҳақәцалан иҳалахысуан. Ҳаиҳабацәа рыбзоурала зегьы ҳаибганы Кәыдры ҳарны, Аӡҩыбжьала Кәтол агәахьы ҳкылсит.

– Адгәыр, уеибашьра ахы анбаки?

– Аибашьра закәыз збеит агәыԥ «Каҭран» саланы Ануаа рхәы ҳанықәтәаз. Уа ҳаҟан ноиабр мзанӡа.

– Ишәымазма абџьар, атанкқәа рыла иҳажәлаз аӷа шәызлаиҿагылаша?

– Абџьар маҷын, аха ес-шьыжьы маӡала «ҳрыцҳауан», аахақәак нарыҭауа, абџьар хәыҷы-хәыҷла еизаҳгон. Тамшь ашколаҿ аԥшыхәра ҳцәырҵит, ҳангәарҭа иҳацәшеит… нас аиҿахысра ҭаҳҵеит. Ҳанхьаҵуаз Абзаркал ҷкәынак даҳцәыӡгәышьеит, иахьагьы ихабар ыҟам, дыбжьаӡит.

Ноиабр нахыс сара сиасит Ӷәадатәи аибашьцәа ргәыԥ «Аԥсны» ашҟа, нас ибаталионхаз. Уаҟа командирс дҳаман Мушьни Ашәба.

Дџьгьардатәын. Даара аибашьра атәы идыруан. Дҭахеит Лабратәи ажәыларақәа руак аан. Умчқәа анеиҟарам, бџьарла уанеиқәшәам, адыррагь уазеиқәырхом. Уи ашьҭахь Важьа Ашәба дарҭеит командирс. Ҩ-ротакны ишеит: I арота Нодар Ашәба деиҳабын, II арота Нодар Ажьиба. Ажәыларақәа аныҟалоз зегьы ҳаиццон.

– Иҟазма шәгәыԥаҿ шәқыҭа иатәымыз?

– Ҳара иҳацеибашьуан «Шьараҭын» иалаз Аркади Чачхалиа (Тҟәарчалтәи), Сосо Аршба. Ҳара ҳрылахәын Лабра, Кәачара, Цагера, Тамшь, Қьаҭуан рхақәиҭтәрақәа, иалыскаарц сҭахуп иҳацеибашьуаз, зықәра маҷмыз аҷкәынцәа, иҳаԥхьагылаз аиҳабацәа бзиақәа. Убарҭ иреиуоуп: Ԥониа Матуа, Ардауан Ашәба, Сериожа Жьиба.

Иазгәасҭарц сҭахуп, аибашьцәа абџьарла реиқәыршәара анаҩсгьы фатәыла-жәтәыла реиқәыршәарагьы ԥсыхәа змам акоуп. Убраҟа абык еиԥш дрывагыланы, фатәыла-жәтәыла еиқәиршәон, аиҳабы бзиа Витали Инаԥшьба.

– Еилкаауп, аибашьра иалахәу есымша ашәарҭара дҭагылоуп. Аха исҭахын иалукаарц зегь реиҳа аԥсра абла уанҭаԥшыз ашәымҭақәак ртәы.

– Усеиԥш иҟаз ашәымҭақәа зегьы ҳзы ирацәан. Тамшь ииультәи ажәыларақәа раан 9 мшы атрасса аанкыланы ҳтәан, убра ҳара ҳадагьы иҟан, Кәтолаа, Џьгьардаа, Мықәаа, Аџьажәаа. Душеҭтәи абаталион БМП-қәа рыла ишаауаз, ааха ӷәӷәа раҳҭеит. Аибашьыга машьынақәа ааба аанкылан. Машьынак абџьар рацәаны ишақәыз иҳамԥыхьашәеит. Абџьар еинаҳгалеит. Иҳаман танкк, иӡхыҵит адесантгьы «Аградқәа» рыман. Ҳаибашьцәа Валери Гоԥиа, Валери Ашәба, Рауль Адлеиба, Руслан Агрба, «Каҭран» агәыԥ «Музыканты» иалаз Вианор Агәхаа (Вика) дызлаз даараӡа ибзиан рхы аадырԥшит. Вианор Агәхаа араҟа ҩынтәны ахәра иоуит. Анцәа иџьшьаны, аибашьра деибганы далҵит, ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал, уи еиҳангьы даԥсазар ҟаларын, аха аԥсҭазаара зегьы иреиҳау ҳамҭоуп.

– Адгәыр, угәыԥаҿ аҿар ракәын еиҳараӡак иҟаз, ишәылазма зықәра намӡацыз?

– Сыбла дыхгылоуп, зегь реиҳа еиҵбыз, Ӷәадатәи арԥыс қәыԥш Дима Матуа. Уи 14 шықәса ракәын ихыҵуаз, ашәара зыхьӡыз ихахьы иааигомызт, жәыларацыԥхьаӡа дҳацын, уи  диеиԥшын Беслан Агрба, усҟан 17 шықәса зхыҵуаз. Нас Лаҭатәи ажәылараан залымдарыла иҭахаз, уи хаҵа наӡак еиԥш дҳалагылан, аибашьра зегь дҳацалсит.

– Сазхьаҳәыр сҭахын Кәачара анҭашәырцәуаз ахҭыс, уи хьанҭазма? Шәара шәыда иҟазма ишәыцхраауаз аҽа мчқәак?

– Ааи, ҳәарада, Кәачара аҭарцәраҿы ибзоуроу рацәоуп Шамиль Басаев, уи игәыԥ иманы даҳзааит.

– Адгәыр аибашьраҿы дҭахагәышьеит уашьа еиҳабы Џьамбул, ишԥаҟалеи?

– Сашьа усҟан 21 шықәса ракәын ихыҵуаз, ҳахьцоз еснагь ҳицын. Сентиабр 16, ашьжьымҭан, Цагера ҳалалеит, амҩаду ахь ҳанкылс, ацәыӡқәа ҳауит, сашьа Џьамбулгьы дҭахеит, ҩыџьа рхәит – Ҭемыр Быҭәбеи, Беслан Агрбеи. Ацхыраара ҳмоуӡеит, ҳанхьаҵуаз иҭахеит Шармаҭк (дбыргын, мҩанызаҩс дҳаман), Ибрагим Матуа, Тҟәарчалтәи аҷкәын Пузик Аџьынџьал, Аркади Чачхалиа – ҳгәыԥ аҟынтәи, егьирахьгьы иҭахеит 12-ҩык рҟынӡа. Урҭ ралгара уадаҩхеит, ахымш рыҽны иҳарҭеит. Аиҿцәажәарақәа рышьҭахь. Ҳаԥсцәа гыгшәыграла ирызныҟәеит. Рхаҿсахьақәа уаҩы изеилымкаауа… Сашьа Џьамбул зынӡа дуздыруа ҳәа дыҟамызт, иааигәарагьы снармышьҭит, аиҳабацәа роуп дырҽеины анышә дамаздаз.

– Адгәыр, еилкаауп уашьа илымкаа аиааира аԥылара шуцәыхьанҭаз,аха зегьы лахьынҵак-лахьынҵак рызшоуп, уабаԥылеи Аиааира Амш?

Кәыдры ацҳаҿы ҳаҟан ҳгәыԥ аиҳараҩык. Абраҟа исгәаласыршәар сҭахуп иҳавагылаз ҳҩызцәа бзиақәа, еибга-еизҩыда аибашьра иҳацалҵыз. Иаҳҳәап агәымшәақәа: Роберт Жьиба, Иура Агрба, Мизан Ашәба, Роберт Ашәба, Адгәыр Шьоуа.

Адгәыр иашьа еиҳабы Џьамбул данҭаха ашьҭахь ианашьоуп Леон иорден.

Анцәа иџьшьаны, иҵәҩаншьап мыӡит Адгәыр Воуба, димоуп аҵеи агәацаԥха Асхад. 1998 шықәсазы А.Воуба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала ихҵоуп «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me