Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Руслан Аџьба: «Аԥсны иаҭахуп атәанчаратә система ҿыц»

Иахьа Аԥсны атәанчаратә система зеиԥшроу, атәанчаратә реформа ҿыц ҵакыс иамоу, Урыстәыла аҿаԥхьа Аԥсны Атәанчаратә фонд ауал уҳәа дрылацәажәеит Аԥсныпресс иаиҭаз аинтервиу аҟны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба.

– Изеиԥшроузеи иахьа Аԥсны атәанчаратә система? Шәҳазрылацәажә уи абзиарақәа, агхақәа.

– Ҳазну аамҭазы ԥасатәи СССР аахыс иаанханы иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарратә тәанчаратә система ажәит, шьаҭанкыла аиӷьтәра аҭахуп. Атәанчаратә система аиӷьтәра социалла аҵакы амоуп, избанзар уи 50 нызқьҩык раҟара атәанчаҩцәа рыԥсҭазааратә интересқәа ирыхькьысуеит.

Аԥсны атәанчаҩцәа реиҳараҩӡак, урҭ 40 нызқьҩык раҟара ыҟоуп, атәанчахәы рызԥырҵәоит аидгылатә закәанԥҵара инақәыршәаны, хьыӡҳәала акәзар – 1990 ш. маи 15 азы СССР Азакәан ала. Уи иазыԥхьагәанаҭоит аџьатә тәанчахәқәа абасеиԥш иҟоу рыхкқәа: ажәрала (ақәрала), аинвалидрала, иныҟәызго рцәыӡрала, шаҟа шықәса аус руз ала. Иара убас иазԥхьагәаҭоуп аџьатә тәанчахәы аиура азин змам рзы асоциалтә тәанчахәқәа.

Иахьазы Аԥсны Атәанчаҩратә фонд ахь ахәҭалагалақәа ҟазҵои атәанчаҩцәеи рхыԥхьаӡара аганахьала аҭагылазаашьа маншәалам. Аофициалла аус зуа атәылауаа 42 нызқьҩык раҟара ыҟоуп. Иара убас 50 нызқьҩык атәанчаҩцәа ҳамоуп Аԥсны аҳәынҭстатистика Аусбарҭа адырраҭарақәа рыла. Ауаа ираҭәоу атәанчахәқәа рызшәара залшаӡом аус зуа рхыԥхьаӡареи атәанчахәы зауа рхыԥхьаӡареи абас еиԥш ианыҟоу аамҭазы, избанзар Атәанчаҩратә фонд ахь инеиуа аԥгаԥсатә хәҭалагалақәа – ари 10% ауалафахәы афонди аусзуҩы иуалафахәы иахырхуа процентки роуп.

– Атәанчаҩцәа шаҟаҩы ҳамада, иара убас акатегориақәа? Шаҟаҩы ироуада аԥсуа тәанчахәы мацара?

–Атәанчахәқәа еиуеиԥшым ршәага-загақәа зауа атәанчаҩцәа 50 нызқьҩык рахьтә 39 категориа ҳамоуп иааидкыланы. Атәанчаҩцәа ркатегориақәак ртәанчахәқәа ирыцҵаны ирзыршәоит. Иахьазы урҭ 12,5 нызқьҩык инареиҳауп. Зыӡбахә ҳамоу абарҭ акатегориақәа роуп: ақәрала, шаҟа шықәса аус руз ала, «Жәлартә», «Зҽаԥсазтәыз» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы змоу ауаа, адгьыл аҵаҟа (ашахтиорцәа) аус зуаз, I,II,III агәыԥқәа ирыҵаркуа аџьа аинвалидцәа, иныҟәызго дахьырцәыӡыз азы атәанчахәы зауа ауаа, ҭынха дызмам аеҭымцәа, асоциалтә тәанчахәқәа зауа ауаа. Урҭ ртәанчахәқәа инарыцҵаны ирзыршәоит. Аха убарҭ аԥарақәагьы еиуеиԥшым, уи шьақәдыргылоит Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарақәа рыла. Ҳара ҳҟны ақәрала атәанчахәқәа зауа 34 нызқьҩык раҟара ыҟоуп, убарҭ рахьтә 6,5 нызқьҩык инацҵаны ирзыршәоит. Атәанчахәқәеи урҭ инацҵаны ирзыршәауеи идыртәоит 3000 мааҭ раҟара. Уахь иаҵанакуеит аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра атәанчахәқәеи егьырҭ социалла ирзыршәақәоуи змауа.

– Ԥеиԥш амоума 500 мааҭ зауа ртәанчахәы ашьҭыхра?

– Даҽа ҳәынҭқаррак атәанчахәы змауа ауаа, инацҵаны рызшәарала аҵыхәтәантәи шықәсқәак рыҩнуҵҟала ироуа атәанчахәы ашәага-зага иазҳарҳауан 2000-2500 мааҭ рҟынӡа, атәанчаҩцәа ркатегориақәа ирхьырԥшны. Зегьы ртәанчахәы шьҭыҵырц азы иалагалатәуп атәанчаратә система ҿыц.

– Ҵакыс иамоузеи Аԥсны иазгәаҭаны ирымоу атәанчаратә система ҿыц амҩаԥгара? Ишԥашьақәгылои аԥсуа тәанчахәқәа?

–Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реиқәыршәара апрограмма апункт 29 анагӡара инамаданы, аус рыдааулеит атәанчаратә система ҿыц иазку азакәанпроектқәа. Урҭ ԥыҭк ыҟоуп, убрахь иналаҵаны «Аҳәынҭқарратә тәанчаратә еиқәыршәаразы», «Хымԥадатәи атәанчаратә ԥгаԥса асистемаҿы хаҭа-хаҭала азнеиразы». Убарҭқәа ирыбзоураны ашәшьыра иҵугар ауеит аус зуа ауааԥсыра рыхәҭак. Уи акырӡа ишьҭнахуеит аԥгаԥсатә хәҭалагалақәа рылхра.

Ҳара ҳҽазаҳшәоит атәанчахәы ашәага-зага хықәкыла азеиԥш стажи, ауалафахәқәеи, Атәанчаратә фонди рахь ишәоу аԥгаԥсатә хәҭалагалақәеи рхьырԥшра. Ари зынӡаск система ҿыцуп, иахьазы атәылақәа жәпакы рҟны рхы иадырхәоит, ҳаамҭазтәи адҵаҟаҵарақәа ирықәшәоит.

Тәанчахәыла аиқәыршәара аганахьала аҳәынҭқарратә политика хықәкы хадақәаны иамоуп:

 Аԥсны Аконституциа иахьчауа тәанчахәыла ақәыршәаразы ауааԥсыра рзинқәа рынагӡара; атәанчаратә система финансла аҭышәныртәалара; хымԥадатәи атәанчаратә ԥгаԥсеи абиуџьет аҟнытә ԥарала аиқәыршәареи рышьаҭала атәанчахәқәа иҭышәынтәаланы рышьҭыхразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара; тәанчахәыла аиқәыршәара анапхгараҭара аиӷьтәрала атәанчаратә система ахырҳара ашьҭыхра.

Принцип хадақәаны иҟоуп:

Аҳәынҭқарра аҟнытә тәанчахәыла аиқәыршәара дарбанзаалак азин имоуп иажәрала, иинвалидрала, дныҟәызго дицәыӡыр аусура илымшо дҟалар, иара убас Аԥсны азакәанԥҵара ишьақәнаргылауа даҽа хҭысқәак раангьы; қьырала аус зуа дарбанзаалак хымԥада атәанчаратә ԥгаԥса даҵанакуеит; убасала аԥгаԥса змоу дарбанзаалак аџьатә тәанчахәы аиура азин имоуп; хымԥадатәи атәанчаратә ԥгаԥса амалқәа рхы иадырхәоит аԥгаԥса змоу тәанчахәыла реиқәыршәаразы, Аԥсны азакәанԥҵара ишьақәнарагыло аԥҟарақәа рыла.

Аԥсны амҽхак, ауааԥсыра рхыԥхьаӡара, асоциал-економикатә ҭагылазаашьақәа ҳасаб рзуны, иаҳа иеиӷьуп ҳаамҭазы иарбоу тәанчахәыла аиқәыршәара аганахьала азакәанԥҵаратә нҵақәа рхыԥхьаӡара амырҭбаара, атәанчахәы аиура азин ашьақәыргылара, уи ашәага-зага арбара, насгьы ашәашьа ирымадоу азҵаарақәа еидкылатәуп закәанԥрҵарак аҟны. Уи анагӡара аганахьала иахьынӡауа иманшәалазароуп.

«Аҳәынҭқарраҿ тәанчахәыла аиқәыршәаразы» азакәанпроект аус адулоуп, Аԥсны Ахада Иусбарҭаҿы ишьҭоуп, иҵегь аус адулара аҭахуп. Убри азакәанпроект аус адулараан методикала ацхыраара ҳнаҭеит Урыстәылатәи Афедерациа аџьеи асоциалтә      хьчареи Рминистрра. Уи иарманшәалоит атәанчахәқәа рышьақәыргылареи рызшәареи рызҵаарақәа, иагьамҽханакуеит атәанчахәы зауа атәылауаа ркатегориақәа зегьы. Азакәан иаҵанакуеит дара ахьынхо аҭыԥ иахьмырԥшыкәа Аԥсны атәылауаа, аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ауааи ракәзар – Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхозар.

Ақәрала аџьатә тәанчахәы аиура азин рымоуп: 60 шықәса зхыҵыз ахацәа, 55 шықәса зхыҵыз аҳәса, иаҭаху аԥгаԥсатә стаж рымазар. Аԥгаԥсатә стаж шьақәыргылахароуп хаҭалатәи ашәҟәарбара адырраҭарақәа рышьаҭала.

1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа, иҭахаз рҭаацәарақәа, зыԥсҭазаара иалҵыз аинвалидцәа рҭаацәарақәа, иара убас аибашьра ашьҭахь иинвалидцәахаз рхыԥхьаӡарахьтә атәанчаҩцәа егьырҭ рактегориақәа жәпакы Аԥсны азакәанԥҵарала ишьақәыргылоу атәанчахәқәа ргәага-загақәа рзеиқәырхахоит. Убри инаваргыланы ҷыдала социалла ихьчатәу ркатегориа иаҵанакуа раҳасабала иахьазы иҳамоу льготала атәанчаратә зинқәа зегьы рымазаауеит.

«Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ змоу, Леон Иорден, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу, «Жәлартә», «Зҽаԥсазтәыз» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа змоу, рџьатәи мамзаргьы рсоциалтә тәанчахәҵәеи рнаҩсангьы, иҟоу ахыхь материалла аиқәыршәара азинқәа роуеит. Ҳаԥхьаҟа иҟоу ахыхь материалла аиқәыршәара азин змоу атәылауаа ркатегориақәа ҳарҭбаар алшоит.

Атәанчахәы ашәага-загақәа шықәсык ахьтә знык аиндексациа рзыҟаҵалатәуп ахәқәа рышьҭыҵра ҳасаб азуны.

Аԥгаԥсатә хәҭалагалақәа хаҭа-хаҭала ҳасаб рзымуӡакәа изалшаӡом атәанчахәратә ԥгаԥса арҿиара. Абри аҩыза аҭагылазаашьа анырра бзиа ҟанаҵозароуп аҳәынҭқарратә тәанчаратә система абиуџьет ашҟа, избанзар уи аԥгаԥсатә хәҭалагалақәа ианаамҭоу, насгьы инхарҭәааны ршәара ашҟа аинтерескра шьҭнахуеит, иарӷәӷәоит абарҭ ахәҭалагалақәа зшәауа рлеишәа.

Хымԥадатәи атәанчаратә ԥгаԥса асистема, иара убас хаҭа-хаҭалатәи азнеишьа аԥхьа иамҽханакуеит официалла аус зуа атәылауаа зегьы, анаҩсан ҳара хықәкыс иҳамоу убри ауп, хыԥхьаӡара рацәала ауааԥсыра рымҽхакра, аус зуа зегьы рганахьала адырраҭарақәа рымазаара, избанзар хаҭа-хаҭалатәи азнеишьа иалнаршоит аус зуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара аганахьала аиҭакрақәа иҵегьы ииашаны разыԥхьагәаҭара.

Аԥгаԥсатә хәҭалагалақәа хаҭа-хаҭалатәи рарбашьа иалнаршоит атәанчахәқәа рышьақәыргылара акырӡа армариара, насгьы иаҭаххаӡом пенсиала аиқәыршәара мҩаԥызгауа аусбарҭақәа рахь шаҟа шықәса аус рухьоу, руалафахәы зеиԥшоу аганахьала хыԥхьаӡара рацәала ақьаадқәа реизгара, избанзар Аԥсны Атәанчаратә фонд аусбарҭақәа ирымазаауеит иаҭаху адырраҭарақәа зегьы. Уи иабзоураны атәанчахәқәа реиқәыршәара аҿҳәарақәа акырӡа икьаҿхоит, анаҩсан аџьатә шәҟәқәа рымазаарагьы аҭаххаӡом.

Пенсиала аиқәыршәара аиӷьтәра рыхькьысуеит Аԥсны аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭа хадақәа.

– Ишԥарыԥсыхәо Урыстәылатәи атәанчахәы змауа?

Аамҭа ҳасаб азуны атәанчаратә қәра шьҭызхыз Урыстәылатәи азакәанԥҵара аиҭакрақәа ахьалагалоу инамаданы, Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхауа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа атәанчахәы аиуразы азин зауа маҷыҩӡахоит. Шықәсқәак уажәаԥхьа Урыстәылатәи атәанчахәқәа зауа 32 нызқьҩык ҳамазҭгьы, иахьазы иаанхауа 25 нызқьҩык раҟара ракәхоит, даҽакала иуҳәозар, Урыстәылатәи атәанчахәы зауа рхыԥхьаӡара маҷхоит. Ус анакәха, аԥсуа тәанчахәы инацҵаны иззыршәауа рхыԥхьаӡара иаҳагьы ишьҭыҵуеит.

– Аԥсуа тәанчаҩцәа ианбарылшои абанктә хсаалагақәа рыла атәанчахәы ҩаԥхьа аиура?

–Ҳәарас иаҭахузеи, ари аӡәгьы иҭахӡамызт, дазыԥшӡамызт, аха ҳара апроблема ӷәӷәақәа ҳамоуп ауаҩы иԥсҭазаара дшалҵыз ашәҟәы арбара аганахьала. Аҭынхацәа ианаамҭоу ашәҟәы иҭаргалаӡом атәылауаҩ иԥсҭазаара дшалҵыз афакт. Абри инамаданы Урыстәылатәи атәанчахәқәа изакәанымкәа азшәарақәа азин рыман. Дарбанзаалак ихы иаирхәар алшон атәанчахәы зауаз ихсаалага, аԥара амхра, убри иаҿын. Абри инамаданы ахсаалагақәа раԥыхра ҳақәшәеит, атәанчахәқәа раҳҭоит аҵәахырҭатә кассақәа рыла.

Уаҳа аишьҭагылақәа ҟамларц азы Аҵәахырҭатә банк акасса ҿыцқәа аанартит Аҟәа, араионқәа зегьы рҟны. Гәдоуҭатәи Очамчыратәи араионқәа рҟны иара убас ақыҭақәа рахь атәанчахәқәа наргоит. Абасала, атәанчахәқәа риураан аилыхарақәа уаҩы ибаӡом.

Иаҳҭахын, ҳәарас иаҭахузеи, ахсаалагақәа рырхынҳәра, аха апроблема шыҟац иҟоуп.

Абыржәы ахсаалагақәа рыла атәанчахәқәа рыҭарахь ҳхынҳәыр, усҟан аҭагылазаашьа иаҳагьы еицәахар алшоит. 25 миллион мааҭ рҟынӡа ауал ҳақәуп, изакәанымкәа зхы мҩаԥызгаз ауаа уи дыршәара ҳзалмыршеит. Ҳаицәажәеит Урыстәылатәи Афедерациа ауал ҳшәарц ҳазну ашықәс нҵәаанӡа.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me