АХҬЫСҚӘА

Жәларбжьаратәи афестиваль «ШоуАбхазии» мҩаԥысуеит Аҟәа

С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысуеит Аԥсни Урыстәылеи рмилаҭтә культура жәларбжьаратәи афестиваль «ШоуАбхазиа» аконцерттә программа, аус руеит ацәыргақәҵатәи аџьырмыкьатәи ҵакырақәа.

Аконцерттә программа иалахәуп ҳаамҭазтәи ахореографиа ашкол «Акәашара амҩа», аԥсуа милаҭтә кәашарақәа рыстудиа «Амазара», аурыс жәлар рашәа ансамбльқәа «Зарианочкеи», «Зарианицеи», ашәа атеатр «Абаҩхатәрақәа», Ковоч ихьӡ зху ахәыҷтәы ҟазаратә школ № 1 аҟны иҟоу абреик-гәыԥ «Аԥсны», Гәдоуҭатәи бреик-данс астудиа уҳәа ирацәаҩны ашәаҳәаҩцәа. Ахәылԥазтәи апрограмма иацҵахоит апрофессионалтә артистцәа рықәгыларақәа рыла. Алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп апроект «Аԥсны абжьы» ахаҭарнакцәа.

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит асахьаҭыхыҩцәеи анапҟазацәеи рцәыргақәҵақәа, иара убас арҿиаратә мастер-классқәа. Афестиваль ҩымш ирылагӡаны уи иалахәхоит 600-ҩык артистцәа, амузыкантцәа, арҿиаратә коллективқәа рхаҭарнакцәа, асахьаҭыхыҩцәа, адизаинерцәа.

Афестиваль мҩаԥысуеит Урыстәыла акультуратә аԥшьгарақәа рзы Ахада ифонди Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭеи рыцхыраарала.
Апрограмма «ШоуАбхазиа» ҩымш ицалоит - нанҳәамза 28, 29 рзы.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image