Абас ахьӡын ҳтәыла, анҭыҵгьы еицырдыруа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Одиссеи Аџьынџьал Аҟәа имҩаԥигаз аконцерт. Абар шьҭа 18 шықәса инарзынаԥшуеит иара асеиԥш ақәгылара ижәлар ирзеиҿимкааижьҭеи.
Аконцерт ахь иааит артист ибаҩхатәра ҳаҭыр ақәызҵо изыӡырҩцәа, Аԥсны ахада иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешба, адәныҟатәи аусқәа рминитр Олег Барцыц, акультура аминистр Даур Ақаҩба, уи ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр, атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа, ашәаҳәаҩ иҩызцәа, иҭынхацәа, хыԥхьаӡара рацәала аҿар.
Асцена аԥшәма, ашәаҳәаҩ Одиссеи Аџьынџьал ихҭыс бзиа ицеиҩыршон Аԥсны аестрадатә шәаҳәаҩцәа «Анатрио», Странски, аестрадатә шәаҳәаҩы Саида Агрба, амузыкантцәа: Павел Черных (агитара) Владимир Курто (аклавиш), Максим Дуриагин (асаксафон), – Денис Ҳагба (адаул), абжьы арежиссиор Ҭемыр Нарманиа.
Аконцерт аартуа артист игәалаиршәеит аибашьра ианалагазтәи ахҭысқәа: «Аибашьраҿ узқәымшәо, иухҭымсуа акгьы ыҟам, зны ҳахьаадгылаз, уаҩ дызхымыз аҩны аҟны исымԥыхьашәеит агитара, уи нахыс сахьцоз уи сыцын, сҩызцәеи сареи ҳаԥсы анааиҭаҳкуаз агитара ашәа ацысҳәон, уи ҳгәашьамх арӷәӷәон, игәырҩахаршҭган».
1992-шықәсазы ансамбль дацны Ҭырқәтәыла агастрольқәа ишыҟаз иаарылаҩит ажәабжь бааԥсы «Аԥсны аибашьра иалагеит», ҳәа. Зыԥшрак ҟамҵакәа, аԥсуа диаспорагьы рыцны ихынҳәит рыԥсадгьылахь, рыҩны еиқәдырхарц. Одиссеи иҩызцәа амузыкантцәа аибашьраҿ иҭахаз афырхацәа: Валера Багаҭелиа, Резо Чачхалиа, Ахра Ҭыжәба рыхьӡала ансамбль «Анатрио» иареи еицынарыгӡеит ашәа «Сыхаара сыԥсадгьыл». «Анатрио» алахәылацәа абжьы ссир зхоу: Нугзар Какалиа, Алхас Абыхәба, Денис Агрба, уи анаҩсан инарыгӡеит акымкәа-ҩбамкәа азыӡырҩцәа бзиа еицырбахьоу ашәақәа.
«Сара насыԥ сымоуп абра сахьиз, сахьыҟазаалак бзиа избо С-Аԥсны ашҟа схынҳәлоит еснагь, «Сара сымҩа» захьӡу иахьатәи сконцерт, сырҿиара иахәҭакуп» иҳәеит, иара. Иагьынаигӡеит ашәа «Сара сымҩа» англыз бызшәала. Азыӡырҩцәа гәахәа дула ирыдыркылаз ируакуп иашәа «Исырба». «Ари ашәа сара мҩанызас исыцуп» – ҳәа азгәеиҭеит Одиссеи Аџьынџьал.
Анаҩсан, асценахь дцәырҵит Москвантәи иааз асас, апоет, – акопмозитор Валери Странски уи инаигӡеит данқәыԥшыз иаԥиҵаз ашәа, афильм «Дневной дозор» аҟны инарыгӡо еицырдыруа «Остатусь». Иазгәеиҭеит иара иахьа раԥхьаӡа акәны Аԥсны дшааз, «сеихырхәоит шәара шәыԥсадгьыл, сара 20-шықәса ҵуеит Одиссеи дыздыруеижьҭеи иара дахьыҟазаалак игәы-иԥсы абра иҟоуп. Ари аконцерт ижәлар ирызкуп. Иара иԥсыцқьара, ибаҩхатәрагьы ижәлар иртәуп», ихиркәшеит уи абас иқәгылара.
Афилармониа азалаҿ итәаз зегьы рзы игәырхыҭхыҭган, асценаҿы лцәырҵра ашәаҳәаҩ иан, шьҭа лықәра шмаҷӡамгьы, (89 шықәса лхыҵуеит) Ԥақәашь ақыҭантәи дааит, ааҩык ахшара еиҵазааӡаз – Одиссеи иан. Уи азалаҿ итәаз зегьы ирзеиӷьалшьеит аманшәалара, аԥеиԥш лаша, Аԥсадгьыл аҿы наунагӡа аҭынчра!
Аконцерттә программа хыркәшан ашәа «Иҭабаауп адунеи» анагӡарала. Ари ашәа аниҳәоз азалаҿ итәаз зегьы ршьапы иқәгылан артист ицырҳәон, убри аҟынӡа ҳажәлар ирылаҵәахьеит.
Ари амчыбжь иалагӡаны имҩаԥысит ашәа абзиабаҩцәа рзыҳәан даҽа хҭыс бзиак. Арт-фестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны акультуратә платформа «Гума» аҟны еиҿкаан ашәаҳәаҩ қәыԥш, абжьы ссир зхоу Елена Алхазова лконцерт «Бзиа избо с-Аԥсны», зыхьӡу. Маҷк ҳазааҭгылап абаҩхатәра ҷыда злоу, аԥсабара ахаҭа аҟнытә абжьы хаа ззылбаашьҭу, аҭыԥҳа ԥшӡа Елена Алхазова лбиографиа.
Иахьа 22 шықәса ирҭагылоу Елена диит амузыкантцәа рыҩнаҭаҿы, лара хышықәса анылхыҵуаз дарҭеит асольфеџьио, уи ашьҭахь афортепиано ашкол А.Чичба ихьӡ зху амузыкатә училишьа иаҵанакуаз, аиҳабыратә классқәа рахь даннеи авокал ацылҵеит.
«Сара саныхәыҷыз инаркны издыруан амузыка шалысхуаз, сҭаацәагьы ҳәарада адгылара сырҭон», лҳәеит ашәаҳәаҩ қәыԥш.
Рацәак ҵуам Елена Алхазова Москватәи аҳәынҭқарратә акультура аинститут қәҿиарала далганы дхынҳәижьҭеи Аԥсныҟа. Адипломтә усумҭа «Современные тенденции в естрадном вокальном искусстве Абхазии, новации и преспективы» атемала ибзиаӡаны илыхьчеит.
Илыҩуеит аԥсуа ашәақәеи, аҳәаанырцәтәи ашәақәеи рзы авокалтә аранжировкақәа. Зегь реиҳа азыӡырҩцәа иргәаԥхаз иреиуахеит ашәа «Ишԥазури дысгәаԥхоит».
Ҵыԥх Елена Алхазова далахәын еиуеиԥшым ашәақәеи, аклипқәеи ахьҭарҩуаз, иаагозар «Анатрио» аҟны ашәа «Апринцесса» ҭалҩит, даара ибзиангьы ирыдыркылеит. Илҭахуп иҵегь ари аус иацылҵар, аԥсуа ашәақәа абжьы ҿыц рхалҵарц.
Аҭыԥҳа ԥшӡа лырҿиаратә концерт аалыртит «Гума» аиҳабы Хьыбла Возба. «Ҳара аконцерт аиҿкаара анаԥшьаҳгоз иааҳаԥхьарыда ҳәа маҷкгьы ҳмыбжьажьеит, избанзар Елена дышқәыԥшӡоугьы илымоуп лашәақәа бзиа избахьоу азыӡырҩцәа». Аҟыбаҩ злоу ашәаҳәаҩ, Елена Алхазова еизаз ирзыналыгӡеит ашәақәа «Изурызеи», «Са сыԥсадгьыл сыԥсазаара», «Сыбзиабара еиқәырха», «Са сыԥсадгьыл хәыҷы», «Ҳаи шьыри суыкәыхшандаз»...
Аҟармаҵыс абжьы зхоу ашәаҳәаҩ қәыԥш лрепертуар аиҳараӡак аԥсуа ашәақәа рыла ишьақәгылоуп, «Дад» арепертуар аҟнытә «Шьҭа сабацари», «Исхароузеи» уҳәа, иналыгӡеит иара убас аурыси, аҳәаанырцәтәи ашәақәагьы ҩба.
Иарбан ашәазаалак Елена Алхазова иналыгӡо лбаҩхатәра ссир ашәахәа ахьыршоуп, лыбжьы хаа уаҭҟәоит. Нас илзеиӷьаҳшьап лаԥхьаҟа аманшәалара.
Наира Сабекиа

