АХҬЫСҚӘА

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу Аԥсны аделегациа Шьамтәыла иҟоу аԥсуа-адыга диаспореи «Адыга хасе» рнапхгареи рлахәылацәеи ирԥылеит

Аиԥылара иалахәын «Адыга Хасе» аиҳабы аҳақьым Хышам Кат, Шьамтәыла апарламент адепутат аҳақьым Иаҳиа Ибрагим, аиҳабацәа Фахми Чычбеи Абдарахман Багасеи, иара убас ажәлақәа Гьечба, Аргәын, Арҩҭаа рхаҭарнакцәа.

Олег Барцыц еизаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит алахәхаразы, инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аиқәырхара аҵак ду шамоу. Иара далацәажәеит 63-тәи Дамастәи жәларбжьаратәи аџьармыкьа дшалахәыз, иагьазгәеиҭеит Аԥснытәи апавильон сынтәа аҽшарҭбааз, атәыла аекономикеи, аарыхреи, абизнеси рзы еиҳа аинформациа шцәырнагаз.

«Ҳара иаҳҭахуп Шьамтәылеи Дамаски инхо ҳашьцәа зегьы ҳавагылазарц. Аԥсуаа, адыгаа, ачерқьесцәа — Шьамтәыла ажәлар зегьы ирбарц Аԥсны шынхо, аҿиара ишаҿу», — иҳәеит аминистр.

Аиԥылараан ирылацәажәан ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рҭагылазаашьеи рԥеиԥши. Барцыц дырзааҭгылеит Шьамтәылатәи аиҳабыреи иареи реиԥыларақәа ртәы, иара убас атранспорт, атуризм, акультуратәи ахәаахәҭратәи усеицура рырҿиара атәы.

«Иахьа Аԥсны алшарақәа еиҳа-еиҳа ирацәахоит. Аԥсны ҿиоит, уи аҿы иҳацхраауеит Урыстәылатәи Афедерациа. Ҳара иаҳҭахуп ҳацәажәара иазхиоу, Аԥсны ҳаҭырла иазыҟоу атәылақәа зегьи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҿиаларц», - ҳәа иҳәеит иара.

Адиаспора ахаҭарнакцәа аизыҟазаашьақәа рыҿиара иадгылеит. Аизара аиҳабы Фахми Чычба аделегациа аҭааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, атәылақәа реимадара арӷәӷәаразы агәыӷра ааирԥшит.

«Адыга Хасе» аиҳабы Хышам Кат аԥсуааи адыгааи рҭоурыхтә еимадарақәа игәалаиршәеит, ҷыдала иазгәеиҭеит Аԥсны аамҭа уадаҩқәа раан ирнаҭоз адгылара: «Ҳара иаҳхашҭыр ҟалаӡом ианаамҭаз Аԥсны шхьамҵыз». Иара убасгьы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммед Али иҭабуп ҳәа иҳәеит адиаспора еснагь дахьрызхьаԥшуа азы.

Адепутат Иаҳиа Ибрагим аделегациа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, агәра диргеит: «Сара исхьыԥшу зегьы ҟасҵалоит, агәра ганы сыҟоуп еизаз зегьы иҳараку аҩаӡараҿы аизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы ишацхраало».

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image