Араҟа ицәыргоуп ареспублика иналукааша акаҳуажәырҭақәа 12. Амш иалагӡаны урҭ асасцәа русҳәарҭақәа рҭоурых ддырдыруеит, акаҳуа агьама ддырбоит, аицлабрақәа мҩаԥыргоит, афестиваль анҵәамҭаз иалыркауеит амш иреиӷьу акаҳуажәырҭа.
Акаҳуа ҭыԥ инаваргыланы аус ауеит Аԥсны афермертә нхамҩақәа 16 рџьармыкьа. Аҭааҩцәа иаархәар рылшоит ашәқәа, ацха, аџьынџьыхәа, ахшлыҵ, агәалашәаратә ҳамҭаҷқәа. Ахәылбыҽха асасцәа рзы еиҿкаахоит акциа «Афермертә сааҭ».
Афестиваль арккаратә блок азыӡырҩцәа рҿаԥхьа иқәгылоит иазхаҵоу аиндустриа азҟазацәа:
Николаи Стрельников-аексперт, аҭырқәа каҳуа аҟаҵаразы адунеи аҟазацәа 10-ҩык рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп, урысшәала ицәажәо авидеоканал ду «Аурыс барист» ашьаҭа икит.
Николаи Хиуппенен-акаҳуа агьамабаразы Урыстәыла ачемпион, ачемпионатқәа рыӡбаҩ.
Владимир Локтионов-еицырдыруа акаҳуа брендқәа жәларбжьаратәи рексперт, раԥҵаҩы.
Иара убасгьы дықәгылеит Урыстәылатәи аилазаара «Адырра» ахаҭарнак атема «Акаҳуеи агәабзиареи: ажәра мап узацәкуам» ала.

