АХҬЫСҚӘА

Сергеи Кириенко Аԥснытәи ашколхәыҷқәа дырԥылеит Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр «Орленок» аҿы имҩаԥгаз аицлабра «Аиҭакра ду» афинал аҿы

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр «Орленок» ашьаҭала имҩаԥысуа Урыстәылазегьтәи аицлабра «Аиҭакра ду» афинал аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснынтәи ашколхәыҷқәа дрыҿцәажәеит.

Ишәгәалаҳаршәоит, Аԥснытәи аделегациа 13-ҩык ашколқәа рҵаҩцәеи ҩыџьа напхгара рызҭоу рырҵаҩцәеи ахьӡ-аԥша змоу аицлабра «Аиҭакра ду» ихадоу аетап алахәхаразы инашьҭуп. Аиндаҭларақәа мҩаԥысуеит жьҭаарамза 26 инаркны абҵарамза 6-нӡа.

Аиԥылараан Сергеи Кириенко аԥсуа финалистцәа гәыблыла бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, аҭакзыԥхықәу аԥышәарақәа рыламҭалаз ахәыҷқәа ргәы шьҭихит, ақәҿиарақәеи, рымчқәа рыгәрагареи, аиааиразы алашақәеи рзеиӷьеишьеит. Иара иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи аиҩызара арҿиареи зымҽхак ҭбаау аҵаратәи арҿиаратәи проектқәа активла рылахәреи аҵак ду шрымоу.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image