АХҬЫСҚӘА

Бадра Гәынба аекономика аминистрреи ақыҭанхамҩа аминистрреи аҳәынҭпрограммақәа рхылаԥшразы русура рӷәӷәатәуп ҳәа ахиҳәааит

Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба азинхьчаратә усбарҭақәеи, аекономика аминистрреи, ақыҭанхамҩа аминистрреи рнапхгара алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит, уаҟа 2025 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиареи МСП адгылареи рзы аҳәынҭпрограммақәа ргәаҭара алҵшәақәа ирыхәаԥшын.

Цәыббрамза 2 рзы атәыла ахада инапынҵала, абиуџьеттә ԥарақәа хықәкылатәи рхархәара агәаҭара мҩаԥнагон Апрокуратура хадеи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, СГБ-и рхаҭарнакцәа рҟынтәи аусбарҭабжьаратә усуратә гәыԥ.

Апрокурор хада Адгәыр Агрба иажәахә инақәыршәаны, АПК апрограммала 150 млн мааҭ рҟынтәи ахархәара азуп 149,7 млн мааҭ, убри аан ацхыраара зырҭаз 356-ҩык рҟынтәи атауарқәеи амыругақәеи инагӡаны измоу 261-ҩык роуп, егьырҭ хәҭа-хәҭала ма инагӡаны атехника рымам, аҭыӡҭыԥқәа реиқәымшәарақәа азгәаҭоуп. МСП апрограммала 265-ҩык адгылара зауа рҟынтәи инагӡаны аус руеит 76 проект, 35 мыруга рымоуп, аха урҭ аусура иаладмыргеит, 44 проект зынӡа инагӡам, 83 ҭыӡҭыԥ ԥсахын.

Ажәахә даназыӡырҩы, Бадра Гәынба Ақыҭанхамҩа аминистрреи Аекономика аминистрреи рганахьала иахәҭоу ахылаԥшра шыҟам азгәеиҭеит.

Атәыла ахада анапынҵа ҟаиҵеит 2026 шықәсазтәи аҳәынҭпрограммақәа ахылаԥшра ӷәӷәа рырҭарц, аминистррақәа рнапхгаҩцәа хаҭалатәи аҭакԥхықәра рхахьы иргарц.

2025 шықәсазтәи аилагаҩцәа рганахьала анапынҵа ҟаҵоуп хатәгәаԥхарала аԥарақәа рырхынҳәреи ахыдҵақәа рынагӡареи рзы аусура мҩаԥгазарц, мап анакәха аматериалқәа аӡбарҭахь инашьҭхоит.

Азинхьчаратә усбарҭақәа рнапы ианҵоуп апрограммақәа рынагӡара есымчыбжьатәи ргәаҭара иацырҵарц.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image