АХҬЫСҚӘА

Џьабаада акгьы зыҟалом

Атрадициақәа реиҭарҿиара, Аԥсны ақыҭақәа реиҭашьақәыргылара, аҿар радыԥхьалара - абарҭқәа зегьы гәаагӡаны Аҳәынҭқарра Ахада Бара Гәынба иаԥшьгарала шықәсык аԥхьа ихацыркын аконкурс «Асасдкыларатә Аԥсны». Иара ахықәкы хадақәа иреиуан аҳәынҭқарраҿы аԥеиԥш змоу атуризм ахырхарҭақәа рырҿиара.

Иара убасгьы араионқәа атуристцәа радыԥхьалара, аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵара уҳәа, уи азы хра злоу апроектқәа жәпакы еиқәыршәан. Иаиааиз рыбжьара иҟоуп алҵшәа бзиақәа аазырԥшхьоугьы. Урҭ  иреиуоуп адгылара зауз, иаҭахуп ҳәа иалкааз Очамчыра араион Мықә ақыҭан  акамбашьқәа рферма аиҿкаара азԥхьагәазҭоз апроект. 

Аҵыхәтәантәи аамҭазы амассатә информациатә хархәагақәа рҟны лассы-лассы ари атема цәырҵуеит. Аха, ииашаны иуҳәозар, апроект арҿиара ауадаҩрақәа маҷымкәа иацуп. Ҳара ҳаҽимаҳдеит аферма аԥшәма.

Мықә ақыҭа анхаҩы Гарри Самсониа ҩынҩажәи хәба шықәса ихыҵуеит. Иара иааӡоит хҩык ахшара, аԥеи ҩыџьа аԥҳацәеи. Ақалақь аҿы аус иуеит, аха ақыҭаҿгьы аӷьараҳәа дыҟоуп, ҩ-напыкла аус уны, дынхоит-дынҵуеит. Ақыҭа арҿиареи атуристцәа радыԥхьалареи ирызку аконкурс аԥшьгоуп ҳәа аниаҳа, иаргьы апроект еиқәыршәаны иалеиҵеит. Гарри Самсониа иажәақәа рыла, иара иҭахын иқыҭа анхацәа ирыцхрааша апроект аиҿкаара, аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵара. Гарри ихы идыруеижьҭеи еснагь  аҩны акамбашьқәа ныҟәыргон, ҩынҩажәа хы иреиҳаны ианрымазгьы ыҟан.

Акамбашьхшы аалыҵ есн­агь иалыркаауан, аха ирацәаҩуп акамбашь закәу ззымдыруа. Аԥсны иаҭаауа асасцәа акамбашь ашә, ахш, ахырҵәы агьама дырбара –акамбашьтә ферма арҿиара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ари зегь азы аԥсшьацәа  алшара роуеит. Апроект инақәыршәаны аусура алагаразы иаҭахуп ҳәа аханатә иазԥхьагәаҭан жәохә миллион мааҭ. Аха макьана апроект иазоужьыз иагьақәхарџьыз миллионк ауп. Убри амиллион ала иргылан аԥсшьаҩцәа анааилак изҵатәаша ахыбра, убасгьы иара уаҟа ашә, ахш, ахырҵәы ргьама рбартәеиԥш алшара рыман. Араҟа иҳәатәуп даҽа акы–акамбашь ферма аԥҵаразы иаҭаху акамбашьқәа рхыԥхьаӡара Гарри Самсониа макьана имаӡам.

«Акамбашьқәа рферма аныуҳәа, зегьы ианреиҵаха жәохә хы умазар ауп. Иахьа иҳамоу ф-хык роуп. Гәкаҳарак ҟамҵакәа аусура ҳаҿуп, аха иагьа ус иҟазаргьы ацхыраара ҳҭахуп. Ацхыраара ҳзаҳәо акамбашьқәа раахәаразы ауп. Иҵегь еиҳазҭгьы урҭ рхыԥхьаӡара, ҳус маншәалахон»,– иҳәеит анаплакҩы. Иара ишҳаиҳәаз ала, апроект аханатә иарбаз жәохә миллион мааҭ аԥара роузҭгьы, ихымԥадатәу аусурақәа зегьы рымҩаԥгареи,  зышәагаа дуум ацех аргылареи, акамбашьқәа раахәареи ирызхон. «Иахьа акамбашьхырҵәы ҟаҳҵоит, уи даара ибзиангьы иаархәоит, макьанагьы ҭаацәашәала ҳаҿуп, ҳамчқәа еизхоит. Аха ари апроет аусзуҩцәа быжьҩык рҟынӡа адуԥхьалар ҟалоит. Ааигәа инхогьы усурҭала еиқәыршәахон»,– иҳәеит Гарри Самсониа.

Анплакҩы мызкы аашә литра ахш аус адиулоит аҩнуҵҟа, ахш изааргоит ақыҭақәа рҟынтәи. Иажәақәа рыла, зыхш рыдыркыло акамбашьқәа зегьы агәаҭарақәа ирхыжьуп, ахш ахаҭабзиаразы ақьаадқәа ацуп. «Камбашьк аныҟәгара шықәсык шә-нызықь рҟынӡа итәоит. Анхацәа акы аҭнаҳхуеит ҳәа иаарго ахш зынӡа хәмариала иузрымхӡом. Иҟоуп ҩышәи ҩынҩажәи жәаба ҳәа ианааҳхәо, иҟоуп хышә ҳәа– уи харантәи ианаарго. Изҭаҳарҵәуа асаркьатә банка ахҩа шацу хынҩажәи хәба мааҭ ҳәа иааҳхәоит, иақәҳарҷабуа, ҳаалыҵ атәы еиҭазҳәо ақьаад –жәаф мааҭ иаԥсоуп. Абылтәы ҭаҭәаны Мықәынтәи Аҟәа уааны аалыҵ адәқьанқәа рызшара уҳәа, хәышәмааҭ ҳәа иаҳҭиуа литрак ахырҵәы аҟынтәи иаҳзынхоит хнҩажәи хәба-ханҩажәи жәаба мааҭ. Ҳхатә камбашьқәа ҳамазҭгьы, ахш аахәаны иаҳмырҵәуазҭгьы, ҳәарада ахә еиҳагьы илаҟәуан»,- иҳәеит Гарри Самсониа.  Акамбашь хырҵәы рҭиуеит адәқьан дуқәа жәпакы рҿы. Аагара иахьӡаанӡа аахәаҩцәа агәаран иқәгыланы иаархәоит. Мчыбжьык ҩынтә иаарго аалыҵ шамахамзар уаниаӡом. Гарри Самсониа иажәақәа рыла, акамбашь хшы доусы аҩны ишыҟаҳҵо, ишаҳбац еиԥш  аус адырулоит. Акызаҵәык, маанас иамоу, иара ииашаны иҵәахтәуп. Ахьшәашәараҿы игылазар жәиԥшь мшы акгьы ахьӡом, аха иаартны ахырҵәы  ахырххьазар, еиҳа ирласны иҵәаҵәыр алшоит.  «Акамбашь ахш мыцхәы ихҷаҭцәоуп. Ажә ахш аасҭа акырынтә еиҳауп иалоу ахәша. Аха, ус шакугьы ари ԥсабарала ицқьоу аалыҵуп азы, акымзаракгьы ахьӡом»,–иҳәеит аусдкылаҩ.

 Ахшхарҵәы аус адулара иалахәуп аҭаацәа зегьы,  Гарри иԥшәмаԥҳәыс, ихҩы хәыҷқәа зегьы аус ицыруеит рыжәҩа еибыҭан. Аԥхын, аԥсшьацәа анырҭаауаз ашәгьы ҟарҵон, аха уажәшьҭа ахш еиҳа еиҵахо иалагеит, аҟ­ынтә, ашә аамҭала иҟаҳҵаӡом иҳәеит Гарри.  Араҟа иҳәатәуп, кьылак ашә ахыхразы жәа литрак ахш шаҭаху. Аусдкылаҩ иажәақәа рыла аферма уажәазы алшарақәа амаӡам ашә аус адулара. «Аԥхын, аԥсшьаҩцәа анаауаз, ашәгьы агьама рбон, иагьаархәон. Акамбашьқәа анырбалак зынӡа ирзыџьашьатәхон, избанзар аиҳараҩык урҭ зынӡа ирымбаӡац, убасгьы акамбашь хшы аалыҵ ахаан агьама рыздыруамызт. Аха ианырбалак убри аҟара иргәаԥхон, аҭҵаара иалагон»,- еиҭеиҳәеит Гарри Самсониа.

 Акамбашьқәа рацәаны ианшәоу иахьҭашәырҳәуа ахкаарақәа шәымоума ҳәа иҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо, иҳәеит ахкаара дуқәа ширхиахьоу, уаҟа ихкааны, арахә рыҵагыларҭақәа ҟаҵаны ишыҟоу. Аха Гарри Сангәлиа иажәақәа рыла, акамбашь ҭакны мацара башьа амаӡам. «Ари ахақәиҭра бзиа избо, адәаҟны иҳәуа ԥстәуп, ахарагьы иныҟәоит. Убри аҟынтәи ахылаԥшра хымԥада ирҭахуп»,– ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аферма аԥшәма иҳәоит ақыҭақәа рырҿиаразы Аҳәынҭқарра Ахада иажәалагалақәа даара гәахәарыла  дышрызнеиуа. Иахьа ииашаны, аҭахра змоу, имаашьо алшара имоуп ақыҭаҿы ихы дахамышшаауа анхаразы. Имаҷӡам ақыҭанхамҩатә проетқәа реиԥш, егьырҭ ахырхарҭақәа рыла, ақыҭа иазку апроектқәагьы. «Ҳәарада џьабаада акгьы зыҟалом, раԥхьатәи ашьаҿақәа еснагь иуадаҩуп. Аха агәкажьра ҟалаӡом, еснагь ԥхьаҟа ицалатәуп»,– ҳәа азгәеиҭоит иара. Гарри иҳәеит убасгьы акамбашьхарҵәы иаҭнихуа ала игәы ишҭоу ма камбашьқәак раахәара, мамзаргьы аалыҵ азы аинформациа зну ақьаад, абанка иақәзырҷабуа иҷыдоу аппарат. Уажәазы, ахарҵәы зҭоу абанкақәа зегьы аҭаацәа ақәырҷаб напыла мацара ирырҭоит. Ари аамҭа маҷымкәа иаҭахуп. Ахарҵәы ахаҭа акәзар, иандырҵәлак адрҩаҽныҵәҟьа адәқьанқәа рахь инаргоит, убри аҟнытә  ирласны аус адулатәуп.

Ҳәарада, Мықәтәи акамбашь фермазы ари раԥхьатәи ашьаҿақәа роуп. Аха, иагьа ус акәзаргьы, аалыҵ ахаҭабзиара ахьынӡаҳараку аахәаҩцәа еицазгәарҭахьеит, даарагьы бзиа ирбахьеит. Ҽаантәи акурорттә сезон азы иҵегь аҽырҭбаара ргәы иҭоуп. Гарри Самсониа агәра игоит инапы злаку апроект аԥеиԥш бзиа шамоу азы. Убасгьы иара лымкаала рыӡбахә иҳәеит апроект анаԥшьигаз инаркны, аханатә адгылара изҭаз игәылацәа. «Махәҿала исыдгыланы аус руан. Сыпроект аиааит ҳәа анраҳагьы даара агәахәара рнаҭеит»,- иҳәеит иара. Аферма аԥшәма иажәақәа рыла, ақыҭақәа рынхацәа усурҭала ианеиқәыршәаха, акы зыҭнырхуа анроу ргәараҭақәагьы аанрыжьӡом, еиҳагьы ақыҭа рҽадыркылоит. «Аҳәынҭқарраҿы зегь иреиҳау амал ауаа роуп, ауаа роуп ақыҭа шьҭызхуа. Араҟа зегьы еимадоуп, убри аҟынтә ақыҭа аҿиара иацхраауа апроектқәа ԥхьаҟагьы аԥеиԥш рзыԥшуп»,– ҳәа азгәеиҭеит аусдкылаҩ.

Елана Лашәриа

 

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image