АХҬЫСҚӘА

Санкт-Петербург имҩаԥысит аилазаара «Аԥсни» Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси акультура-рккаратә цикл «Аԥсуара» аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿыркааз аԥсуа ҿар реиԥылара

Атема хада-амилаҭтә хаҿра аиқәырхареи аҭоурыхтә ԥсадгьыли амадареи ауп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа. Иара иазгәеиҭеит Санкт-Петербург ҳџьынџьуаа рабиԥарақәа рҵардырраҿы иааннакыло аҭыԥ ҷыда, аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит активла русуразы.

Аиԥылара иара убас рҽаладырхәит Германиеи, Ҭырқәтәылеи, Франциеи рҟынтәи адиаспора — еизаз рахь авидеоааԥхьарақәа нарышьҭит ФРГ иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷбеи Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниеи.

Ҳџьынџьуаа ҿарацәа алацәажәеит акультуратә аԥшьгарақәа, адиаспора аидкыларазы апроектқәа, Петербургтәи астуденцәа реидгылара атрадициақәа рыцҵара.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image