АХҬЫСҚӘА

Асахьаркыратә гимнастиказы Жәларбжьаратәи аклубтә лига атурнир раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥысит

Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтәи 90-ҩык агимнасткацәа қәыԥшцәа рхы аладырхәит раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥысыз асахьаркыратә гимнастиказы Жәларбжьаратәи аклубтә лига атурнир. Аицлабрақәа ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ №1 ашьаҭала имҩаԥысит. Атурнир иара убас иалахәын Аҟәеи Гагреи рҟынтәи аспортсменкацәа.

Жәларбжьаратәи аклубтә лига агеографиа иаҵанакуеит 18 тәыла.

Атурнир аҽалархәра агимнасткацәа қәыԥшцәа аицлабратә ԥышәа рнаҭоит, еиуеиԥшым асахьаркыратә гимнастика ашколқәа ирабадыруеит ҳәа азылыԥхьаӡоит Аԥсны асахьаркыратә гимнастика Афедерациа ахада Гәында Кәарҷиа.

Лара лажәақәа рыла, ас еиԥш аицлабрақәа рымҩаԥгара Аԥсны асахьаркыратә гимнастика аҿиареи жәларбжьаратәи аспорттә еимадарақәа рырӷәӷәареи иацхраауеит.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image