АХҬЫСҚӘА

Аԥсҭазаара ақыҭала иалагоит

Леиба Константин Григори-иԥа диит 02.28.1946 ш.рзы Мгәыӡырхәа ақыҭан Гәдоуҭа араион.Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ даналга арратә уалԥшьа Естониа ихигон. Уи ашьҭахь абнатә бзазараҿы махәҿала аус иуан. Анаҩс агәырҵҟәыл бзиа змаз, аҵара зцааиуаз арԥыс,  М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи  арҵаҩратә институт аҟны аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы ҳәа азанааҭ иоуеит. Иаб хҩык ахшара иман, иара Констатнин Григори-иԥа дабиԥазаҵәын.

Леиба Константин Гәдоуҭа араион аҟны еицырдыруаз, зажәеи зуси еимадаз, аԥсуара иацу аҵасқәеи ақьабзқәеи бзианы издыруаз, иназыгӡоз уаҩ хатәран. Аԥсуа қыҭа дахаҿын,  дагәыцәын. Иқыҭа дахьиз, дахьааӡаз иарбан усзаалак ижәлар драԥхьагылан.

Мгәыӡырхәаа иарбан зҵааразаалак ишьҭырхуаз Константин иарҳәон. Иара хьаҳәа-ԥаҳәада уи дахаҵгылон, дацныҟәон. Иԥсҭазаара зегьы иқыҭа  гәакьа  иадиҳәалеит, иқәыԥшра ашықәсқәа инадыркны иқыҭауаа рыгәҭа дыҟан. Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аҿы  аамҭаказы аус иуан. Аха ақыҭауаа аҳәара иҟарҵаз ала 1972 ш. ақыҭа Мгәыӡырхәа ақыҭсовет хантәаҩыс днаргоит. Еиԥмырҟьаӡакәан 2004 шықәсанӡа ихы-иԥсы ақәҵаны ижәлар рымаҵ иуан.

Леиба  Константин ихаантәи аԥсуа қыҭа игәаларшәо, ус иҳәеит: – Сара схаантәи аԥсуа қыҭа згәалашәо рацәаҩуп. Ауаа махәҿала аусура аныԥхарымшьоз, уи пату анамаз салиааит. Усҟан аҭаҭын, ачаи, аҟанҷ – хҭацәыха аӡәгьы иҳамамызт. Зегьы аус аауан,  ақыҭагьы амал аман, ауаагьы , аҳәынҭқаррагьы иахәоз ҟаҳҵон. Иахьа акрура аиҳа пату амоуп, џьара иаахәаны  даҽаџьара аҭира. Иахьа анхаҩы ихатәы мал имазар дгыланы иахьиҭиша аҭыԥ узыԥшааӡом. Убри азы иарбан раионзаалак ахадацәа ыҟоуп. Убарҭ рҽеибыҭаны аџьармыкьаҿы  анхаҩы асаара дтәаны акриҭиуа дҟарымҵароуп.  Анхаҩы иҭыԥ еснагь иман… Сара схаан анхаҩы дызланхашаз ацәқәа иман, атехника ыҟан. Убарҭ инарымаданы изыцәшәоз асистема аус ауан. Аҿар ақыҭа иалҵыз зегьы  ақалақьқәа рҿы  аус руеит, уа  еиҳа ахныҟә́гара мариоуп. Сара аҿар роуп сзызхәыцуа. Урҭ ақыҭаҿы иаанхаразы, зегь раԥхьа иргыланы иаҭахуп: амҩа, алашара, ашкол, аӡы. Ашкол аҿы арҵаҩцәа амаҭәарқәа  зегьы рыла идзырҵо ыҟазароуп.  Абарҭқәа зегьы  аныҟалалак анхаҩы ихы дахәоит, илымшогьы илиршоит.  Акредит ргаразы – 3-4 гектар иреиҵамзароуп. Абри рхы иадырхәаразы адгьыл ианаало аҵиаа еилкаатәуп. Аха иара 3-4 гектар игаразы, ацраҳәақәа иамоу рацәоуп. Иаҳҳәап, ҳара ҳқыҭаҿы 90  гектар инеиҳаны адгьыл еиужьқәа ыҟоуп, аха аӡәгьы акгьы ҟаиҵаӡом. Арҭ адгьылқәа аамҭала зегьы аџьықәреи ахьықәаадрыхуаз ауп. Унеины акы ҟасҵгоит ҳәа уалагар аимак-аиҿак ахылҵуеит. Убри  аҟынтә аҳәынҭқарра ишатәу аадыруазароуп, мамзаргьы апарламент ирыӡбыроуп. Аԥсны зны убас аԥҟара ыҟан. Хышықәса зхы  иазмырхәаз, мамзаргьы ашәахтә зымшәаз имхуп ҳәа иԥхьаӡан. Уажәы жәашықәса инеиҳаны адгьылқәа  еиужьуп, ашәахтә аӡәгьы ишәаӡом. Абна ахаԥеит, аҵиаақәа, аҳаскьынқәа ауаа  ргәабзиара иаԥырхагоу азҳаит… Иҟьамсарҭроуп,  ииашарҭоуп. Иарбан техниказаалак аус ауеит. Убас еиԥш қыҭацыԥхьаӡа иҟоуп. Абри аус иахаҵгыланы иӡбазҭгьы,  арахә рааӡара, аӡахәа аиҭаҳара, ашә́ыр хкқәа реихаҳара, урҭ аус рыдулара, иарбан қыҭазаалакгьы иалагароуп. Анхаҩы изы  кредитла аҟәрышь ирҭо иҟарҵаз¬ ааԥсара иара ахала аԥара аанашьҭуа иҟалаанӡа аԥсеивгара рыҭатәуп ирымшәаразы. Насгьы ақыҭаҿы инхо ауааԥсыра рзы  акредит лаҟ́әызҭгьы  уи даараӡа акраҵанакуан,  ақыҭаҿы аҿар иаанхаз  рацәаҩхон…

Абырг ажәлар рус инапы ианану аӡәгьы игәы саахәап ҳәа  дымцәажәароуп… Ақыҭаҿы акы аныҟалалак урҭ изхараз лахь ирҭон, ргәы рҽанырҵон,  ақыҭаҿы ажәлар  еизганы ирыларҳәон, ацәгьара иаҿу ауаа аанымгылар ақыҭа ишалырцо. Усҟантәи абыргцәа ражәа цқьан, ираӡан, дара рхаҭақәа реиԥш…

– Ҳаԥсуа ҵасқәа, ҳқьабзқәа срыламлакәа иахьатәи ҳаԥсуа чарақәа  сырзааҭгылар  сҭахуп. Аԥсуа чара  уи ҳара ҳхаҿоуп. Ҽынла акәын ачара аныруаз. Аишәа архиарагьы уажәтәи  еиԥш иҟаӡамызт. Акәашара ашәаҳәара ыҟан, амырзакан адырҳәон, рнапқә́а  еинырҟьон. Аӡәи-аӡәи  еизыӡырҩуан, ирҳәо  еибаҳауан. Уажәы амузыка абжьы  ушахәаҽуа  еиԥш иҟаӡамызт… Ҳчарақәа рҿы ауаа рацәа ҭацаагара ианцо рхыԥхьаӡара  рацәоуп иахьа, усҟан ус иҟаӡамызт, аҭацаагацәа ихатәраз, изцәыԥхашьоз аиҳабы дрыцырҵон. Амашәырқәа есааира иазҳауеит, убри азы  иаҭахуп аҭаацәара  есымша алаԥш рхызаара, абжьагарақәа рыҭара. Ҳара иаҳтәым аҵас ҳахьынҳаларгьы иара ҳадлаӡом, убри  аҟынтә  ҳчарақәа ԥсуаҵас имҩаԥаагар уи зегьы иреиҳау малуп.

Иахьа аԥсуа қыҭа аԥсы ҭоуп, уи ҭацәыр аҳәынҭқаррагьы ҟалаӡом. Ҳажәлар раб иҭыԥ шамахамзар икармыжьӡеит, аха ақыҭа дууп, убри аҟнытә иҭацәыз ашҭақәагьы  уԥылоит. Ҳара амшын ҳаԥнуп, убри  ҳахәазар акәхап, егьырҭ ақыҭақәа раасҭа ҳаиӷьуп. Ақыҭаҿы абжьаратә школ ыҟоуп, зныкгьы ашә адмыркит. Ари ашкол  аушьҭымҭацәа Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалоит, иара убас  есышықәса ААУ еиуеиԥшым афакультетқәа рҟны рдыррақәа аадырԥшуеит. Араҟа итрадициахеит  ашкол аушьҭымҭацәа аиҳабыратә ҵараиурҭа  ианалгалак ҳашкол ахь ахынҳәра. Даара сгәы снархьуеит ақыҭа школ иавганы ақалақь ахь зхәыҷқәа згаз аҭаацәарақәа. Ақыҭа иааӡаз, изызҳаз ахәыҷы ақалақь школ ахь игара уи даара рыцҳароуп…

Аҳәынҭқарра шьақәҳаргылар ҳҭахызар аԥсҭазаара ақыҭала иалагоит. Абызшәа, аҵас, ақьабз уҳәа убас егьырҭгьы аҳәынҭқарра ҵаҵӷәыс иамазароуп.

Акызаҵәык исҳәар исҭаху, иарбан алхразаалак аамҭа анааилак ақыҭа акы ишаԥсоу угәалашәоит. Иаҳҳәап апарламент ахь  адепутатцәа  ралхрақәа. Акыр шыбжьоу  иргәалашәоит ауа, аҭынха, аҩыза. Русқәа аныманшәалахалак зегьы рхашҭуеит.Схаан ирацәаҩны иалаҳххьеит. Исгәалашәо  схаҿы иаанхаз Барцыц Марина Мкан-иԥҳа лоуп. Уи депутатс даналаҳх хымз рыла знык  ҳашкол даҭаауан, лнапгьы ҭарцәны  дааӡомызт, ампылқәа, атенис, аҩыгақәа, арҵаҩцәеи  аҵаҩцәеи ирыхәашаз, илылшоз зегьы  ҟалҵон. Иара убас ҳашкол амашьына азаалхәахьан, ақыҭаҿы амҩақәа аиҭарҿыцра ахьаҭахыз изныкымкәа ацхыраара ҟалҵахьан… Џьопуа Ҭали  аҵара аминистрс даныҟаз  ҩынтә-хынтә иреиҵамкәа ҳашкол даҭаахьан. Уи ҳара ақыҭауаа, арҵаҩцәа реилазаара зегьы  асду анлеиз ажәлар  ишыргәалашәо еиԥш  иаҳгәалашәоит.  Уи нахыс уаҳа министрк  ҳқыҭаҿы дҳамбеит.

– Хымԥада иахьа аԥсуа қыҭақәа  инеиԥынкыланы, ацхыраара рҭахуп. Ақыҭа шаҟа ишьҭаҳхуа, ҳацхраауа  Аҳәынҭқарра ашьаҭа  ӷәӷәахоит. Аԥсуа қыҭа иахьа идеологиала игәыгәҭажьуп. Убри аҟнытә араион ахадацәа ақыҭақәа ирҭаалароуп, урҭ жәҩахыркны  рҽеимаданы анхаҩы ирҭароуп алшара, амч, ихы ныҟәигартә еиԥш аҭагылазаашьа.

– Сара, – иҳәеит Валери Григори-иԥа, – сԥа дыбзиахар  сҭахызар сицхраароуп  смаҭацәа  хьаҳәа-ԥаҳәа рымамзар сҭахызар– сызлацәажәо абызшәала ицәажәароуп. Иарбан қыҭазаалак еилымхкәан имҩаԥгалатәуп аицлабрақәа, ауаа ргәы иҵхо рҳәароуп, иазҵаароуп. Ҳазегьы  ҳшеиԥшым еиԥш  ҳгәаанагарақәагьы хазуп. Иуадаҩуп зегьы иаразнак аҟаҵара, аха иҟаҵатәугьыы раҳәатәуп,  ргәы шьҭыхтәуп, аус руроуп. Аҳәынҭқарра амаҵ азызуа инеира  еснагь иазыԥшуп, аха зны-зынла ақыҭақәа анырхашҭуа ыҟоуп. Ҳқыҭаҿы  аиԥш иарбан қыҭазаалак аҟны  аусҳәарҭақәа  ыҟоуп. Убарҭ рҿы ашә аартрадагьы ақыҭа аԥсы ахьеивнаго, иагәеисырҭору анаԥшҩы иибо ҭыԥуп аусҳәарҭа. Уаҟа  ақыҭауаа ирхагылоу дара рызҵаарақәа ишырхаҵгыло, ишрышьҭоу. Усҟан  анхаҩы илшо ала ақыҭа дадгылоит.

Сажәа хыркәшо исҳәар  сҭахуп, иҳәеит  Валери Григои-иԥа – зегьраԥхьа Аԥсынтәыла иазеиӷьасшьо аҭынчра, аӡәкны  аԥсуаа реидгылара, ҳбызшәала ҳақалақьқәа, ҳқыҭақәа акыдҩылаақәа иҟаҳҵо ҳхатәы  бызшәала акыдҵара. Ақалақьқәа рҿы  аԥсуа  бызшәала иҩу акыдҩылаақәа шамахамзар иубаӡом… Азҵаара схы иасҭоит: – Избан,  ҳара аԥсуаа ҳхатәы бызшәа ҳаӷоума мамзаргьы  ҳацәыԥхашьоума? Ҳрызхәыцхьоума зыхшаара ԥсаҭатәыс  аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳҵеицәа?  Аԥсны  ахы-аҵыхәа ирацәоуп  икыду  арекламақәа, аха урҭ аиҳараӡак урысбызшәалоуп ишкыду. Уи рыцҳара дуӡӡоуп… Иҟамлааит аибашьра, ҳбызшәа ҿиалааит, имыӡааит. Збызшәа ззымдыруа ауаҩы ихатәроу аҭыԥқәа ирхаргылатәӡам. Збызшәала имхәыцуа, имыҩуа, иамыԥхьо ажәлар  рус дахадмыргылааит. Иарбан ҭоурыхтә аамҭазаалакгьы ҳаԥсадгьыл ашәарҭа ианҭагылалак ажәлар аӡәыкны еидгылон. Аԥсны 1992 ш. нанҳәамза  жәиԥшь рзы ақырҭцәа ҳаԥсадгьыл  ҳамырхырц  ианалагаз, асаркьал абжьы еиԥш  Владислав  Григори-иԥа адунеим зегьы ибжьы  ахыҩит. Уи иҟәышреи  иӷәӷәареи, иԥсадгьыл ахь имаз абзиабареи Аиааиреи, аибашьцәеи иареи Аԥсны  ахақәиҭтәра рыбзоуроуп. – Владислав Григори-иԥа,- иҳәеит Валери Нригори-иԥа, лассы-лассы  сизхәыцуеит.

 

(Аиҿцәажәара анҵан 26.10.2016)

Гугуца Џьыкырба

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image