Арҭ амшқәа рзы Аԥснытәи аделегациа усуратә ныҟәарала Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иаҭааит. Ноиабр 3 рзы аделегациа ахаҭарнакцәа рхы аладырхәит Адаԥазар иаҵанакуа Џьгьарда ақыҭа, ҳџьынџьуаҩ - аибашьҩы, Ефқан Цыба анышә дахьамадоу имҩаԥысыз агәаларшәаратә усмҩаԥгатә. Ефқан Цыба, Аԥсадгьыл бџьаршьҭыхла ихьчон, дҭахоит хьыӡла-ԥшала иахьашәны, абҵарамза 3, 1993 ш. рзы.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахьчара иааз Ефқан Цыба диит Адаҧазар, Џьгьарда ақыҭан, нанҳәамза 14, 1969 шықәса рзы. Иара иирамшы шазгәаиҭоз ауп Аҧсны аибашьра ҟалеит ҳәа шиаҳаз. Ефқан гәыҩбарак ҟамҵакәа иҩызцәа дрыцны иабдуцәа рџьынџь дгьыл ахьчара ддәықәлеит. Аҧсны амца шыра ианалагылаз аамҭазы агәаӷьреи ачҳареи аарҧшны, раҧхьатәи агәыҧ дацны иҧсадгьыл ахь дааит. Нанҳәамзеи абҵарамзеи рыбжьара имҩаҧысуаз аибашьратә жәыларақәа дрылахәын. 1992 шықәса, абҵарамза 3 рзы Шрома ахақәиҭтәразы ицоз ажәылараҿы дҭахеит, усҟан ихыҵуан 22 шықәса. Аҧсуаҵасла иааӡаз, аҧсуа гәаӷь зызҭаз Ефқан Цыба ифырхаҵара Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа хьтәы нбанла ианхалоит.
Агәаларшәаратә уснагӡатә иалахәын Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аиҿкаара-зиндырратә усбарҭа аиҳабы Аслан Сангәлиа, ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадаразы аилак аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба. Еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит Аԥсуа Федерациа ахантәаҩы, аибашьра аветеран Иауз Аҭрышба, Ҭырқәтәыла еиҿкаау абыргцәа рхеилак аиҳабы Џьенгьиз Ашәба, иара убас гәыԥҩык ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа. Иазгәаҭатәуп еизаз рыбжьара дшыҟаз Ефқан Цыба иашьа гәакьа -Ҳақан Цыба,иара убас аҿар еилазаара «Аидгылара» алахәцәа .
Аԥснытәи аделегациа алахәцәа рыхьӡала ажәахә ҟаиҵеит Аслан Сангәлиа, иара иқәгылараҟны иазгәеиҭеит Ефқан Цыба ифырхаҵара, игәымшәара, иҳәеит Аԥснаа гәыблыла ишырзыҟоу Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа. Иҭабуп ҳәа реиҳәеит ас еиԥш аҵак ду змоу аусмҩаԥгатә еиҿызкааз зегьы, иазгәеиҭеит ари аҩыза аҭоурыхтә хҭыс ҳаимадара арӷәӷәара ишацхраауа, насгьы еизҳауа абиԥарақәа рзы ишҿырԥшы бзиоу, рҭоурыхтә ԥсадгьыл ишаднаԥхьало. Аԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз Ефқан Цыба иҩызцәеи иареи наунагӡа аԥсуа жәлар ргәалашәараҟны иаанхоит.

