АХҬЫСҚӘА

Милана Ломиа – «Иҷыдоу ачымазаҩ» аҟны

Москва агәҭаны, еицырдыруа акинотеатр «Асахьаркыратә» аҭоурыхтә ҭӡамцқәа рыҩнуҵҟа, арежиссиор Виачеслав Рогожкин идраматә фильм «Иҷыдоу ачымазаҩ» аԥхьарбара мҩаԥысит.

Ари афильм аҟны ароль хадақәа руак налыгӡеит Ф.А.Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр актриса Милана Ломиаԥҳа. Аԥсуа ҭыԥҳа-актриса  зеиԥшыҟамала илылшеит илыдыз ароль анагӡара, уи алыркааит хыԥхьаӡара рацәала акритикцәеи акиносахьа аԥхьарбара иалахәызи. Илоуз алшара лахьынҵала илзыԥҵәаз ҳамҭоуп ҳәа илыԥхьаӡоит, аха ари машәыршәақә иҟалаз акы акәым, асеиԥш аихьӡара дуқәа рышьҭахь еснагь игылоуп  блала иумбо, аха иуныруа аџьабаа ду, аԥышәа, ахы аус адулара. 

Борис Шьчукин ихьӡ зху еицырдыруа Атеатртә Институт аушьҭымҭа Милана Ломиа 2018 ашықәс инаркны аурыс драматә театр асценаҿы дыхәмаруеит. Урыстәылатәи асценарист, арежиссиор, апродиусер Виачеслав Рогожкин Аԥсны данаҭааз, Милана аҽы ароль ахьыналыгӡоз аспектакль «Ажәытә Хабыгә иҽы аҭоурых» дахәаԥшуан. Зеиԥшыҟам, иҵаулоу, емоциала иҭәыз актриса лроль арежиссиор убриаҟара игәалашәараҿы иаанхеит, ԥыҭрак ашьҭахь, иара иҽлымаданы хаҭала длацәажәеит, ипроект ҿыц дадиԥхьалеит, асценаригьы даԥхьарц азы илзааишьҭит. Анаҩс ишеилкаахаз ала, арежиссиор дашьҭан  аԥсуа ԥҳәызба лроль анагӡара ианаалаша, аԥсуа милаҭ дахьатәу анаҩсгьы, лыжәлар рдоуҳагьы аарԥшра  зылшо актриса. Аҭеиҭыԥш бзиа анаҩсгьы аурысшәа цқьа зҿоу актриса иаразнак арежиссиор илаԥш дыҵашәеит. Лнапы иадыркыз асценари раԥхьатәи адаҟьақәа инадыркны актриса қәыԥш лгәы хнахит, еиҳаракгьы датҟәеит афильм аҿы лхатәы бызшәа – аԥсшәа абжьы  гараны иахьыҟаз.

Ари илахьынҵагатәхаз  ажәалагала иацлеит акыр аџьабаа зыдбалатәыз, узыркароз, аха угәы шьҭызхуаз акастингтә марафон. Аа-мзы раҟара актриса ҩ-қалақьк – Аҟәеи Москвеи дрыбжьан, дызцыхәмарраны иҟаз актиорцәеи лареи еибадыруан, ароль аицнагӡаразы ахәаԥшрақәа ирхысуан. Акастинг анхыркәшаха, арольқәа назыгӡо зегьы шьақәырӷәӷәаны  аҵыхәтәантәи аӡбамҭақәа анрыдыркыла анаҩс,  ихацыркын мызки бжаки ицоз аҭыхрақәа. Аԥсуа актриса лзы ари аамҭа аҵареи аԥышәареи ираамҭахеит. Акиноҭыхрақәа рҿы еицырдыруа, иазхарҵахьоу аурыс кино аиаҵәахәқәа Владислав Абашин, Ольга Смирнова, Анастасиа Микульчина, Артем Волобуев, Сергеи Горобченко дрывагыланы аус луан. Милана лажәақәа рыла, «аҟазацәа рыгәҭаҵәҟьа»  аҟалара илнаҭаз рацәоуп, лара хәы змам аԥышәа лырҳаит, аха уи анаҩсгьы лхаҭагьы аԥсуа театртә школ аҩаӡара  гәадурала уахыҽхәартә иаалырԥшит. Актриса қәыԥш лҟазара леиҳа аԥышәа змоу лҩызцәа ирзыџьашьатәын. Зныкымкәагьы иларҳәеит  ԥсабарала акинои асценеи дрызшоуп ҳәа шыраԥхьаӡо атәы.

Акиносахьа «Иҷыдоу ачымазаҩ»  ихьанҭоу драмоуп. Акиносахьа агәҭаны иҟоуп Москватәи апластикатә  ԥҟаҩы Андреи Берладин идраматә ҭоурых. Аҳақьым зегь реиҳа иуадаҩу, гәыӷра зцым аус инапы алаикуеит, уи – ӷәӷәала ихәыз, зхаҿы ацәеижь  аԥхасҭа ӷәӷәа амоу  аибашьра аветеран Иван Перхун ихы-иҿы аиҭашьақәыргылара. Апластикатә ԥҟаҩы ачымазаҩ иҭеиҭыԥш мацара акәым изиргьежьуа, уи иацуп ахы агәрагара, аԥеиԥш лаша агәазыҳәара, аԥсҭазаара ҿыц бзиа абара. Аха ачымазаҩ диҿнаҵы аԥҟаҩы дызқәымгәыӷуаз иҭаацәаратә маӡа аатуеит, уи иара  иԥсҭазаара зегьы шьаҭанкыла аиҭазхәыцра иқәнаршәоит, иҿыцу блала деиҭахәанарԥшуеит афундаменталтә ҟазшьа змоу ауаатәҩса рыпринцип хадақәа – ақьиара, аҳаҭырқәҵара, аиашара.

Милана Ломиаԥҳа лфырԥҳәыс Маша ллахьынҵа иузаҟәымҭхо идҳәалоуп зыԥсҭазаара ахәра иаҿаҟәаз амаиор. Акыр шықәса раԥхьа, аибашьраҿы Иван лыԥсы еиқәирхахьан. 1992–1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи, 2008 шықәсазтәи аиҿагылареи рыхҭыс бааԥсқәа зхызгаз аҭыԥҳа леиқәырхаҩ иахьа уажәраанӡагьы дылхамшҭит. Акиносахьа асценари инақәыршәаны Милана лфырԥҳәызба абри ихәу арԥыс иахь илныруеит  аҭакԥхықәра ӷәӷәа, лыԥсеиқәырхаҩ иаҳасаб ала лара гәыкала дицхраауеит. Маша ахәра ӷәӷәа зауз Перхун дицны Москваҟа дцоит, аҳақьым Берладин иахь. Маша лсиужеттә цәаҳәа мацара ауп афильм ицәаҳәа хаданы иагәылсуа, аха иара цҳак аҳасаб ала иқәсны афильм иалалоит Аԥсны аҭоурых, ажәлар ирхыргаз аибашьра хлымӡаах атәы. Милана лхаҿсахьа иабзоураны, аԥсуа бызшәеи амилаҭтә ашәеи аекран ду аҿы рыбжьы геит, уи афильм ацәаҩа ҷыда аханаҵоит, аҵаулара анаҭоит. Акино иаҵоу афилософиатә ҵаки агьамеи дрылацәажәо, актриса иазгәалҭеит акиносахьа асиужет ахәаԥшцәа ишыргәаланаршәо реиҳа ихадоу ауаҩы иӡбарақәа, анажьразы амч аԥшаара, аԥсҭазаара, абзиабара, аибашьра иамоу аԥхасҭатә ҟазшьа рзы иҟоу агәаанагарақәа рыԥсахра.

Милана Ломиаԥҳа аспектакльқәеи аԥхьарбарақәеи рҿы илоуз ақәҿиара дуқәа, амассатә информациа ахархәагақәа рҟынтәи илымоу азҿлымҳара уҳәа рыла, лыԥсы илзалымхуа бзиа илбо атеатртә сцена ааныжьра лгәы иҭаӡам. Лара Аурыс драматә театр  аспектакльқәа дрылахәуп, асценеи лкинокариераи реидбалара мариамзаргьы илнымырԥшӡакәа еиҿыбаауа еицҳәаақәҵо дааиуеит. Аԥсҭазаараҿы аҭыԥҳа зыҿцәажәара гәахәара унаҭо, ауаҩы илаҵәо, иаарту, угәы хызхуа ҟәандарак зцу лоуп, ахамакәачара лааигәа иҟам. Аурыс режиссиорцәа рҟынтәи афильмқәа рҟны арольқәа рынагӡаразы ааԥхьарақәа жәабала илымоуп. Уажәы  аҭыхрақәа дрылахәуп, аха иарбан киносахьоу аӡбахә  макьана имаӡоуп.

Елана Лашәриа

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image