АХҬЫСҚӘА

Иԥсҭазаара аӷьырак зызку…

Зыԥсҭазаара  зегь ааидкыланы аҟазараҭҵаара иазку, уи аиқәырхара  иахьагьы гәыҵхас измоу, иазааԥсо, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден  ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, аҟазараҭҵааҩы, 25 шықәса инарзынаԥшуа Амилаҭтә асахьатә галереиа аиҳабыс аус зуа Сурам Сақаниа 70 шықәса ихыҵит.

Аиубилеи инамаданы уи дызнысыз амҩеи, иахьеи-уахеи дызҿу, иԥсҭазаара иахәҭаку аҟазараҭҵаара аихьӡарақәеи реилкаараз ҳамҩахыҵит иусурақәа ирхадоу Амилаҭтә ҵәахырҭатә галереиа ахь.

Ҳаиҿцәажәара хацыркуа, уи игәы иҭнымҵәо, даара аԥхарра аҵаны иаҳзеиҭеиҳәеит ажәытә уахәамақәеи абаҟақәеи  рыҭҵааразы Хәаԥ, хаҭала, ҳаҩнаҭа  дышнанагахьаз саб иашьа, аҭоурыхҭҵааҩы Руслан Гәажәба дицны. Анаҩс, саб Беслан Гәажәба  дшымҩаԥигаз «Ахәныха» ҳәа иахьашьҭоу, ахалара ахьыуадаҩу аԥсҭахьы. Иҭҵааратә ус қәҿиарала ахыркәшара ашьҭахь, уи  «ҩы-цқьала»  ишақәныҳәазгьы мӡакәан иҳаиҳәеит.

Аҵарауаҩ, аҟазараҭҵааҩ еилеигӡоит,  еидибалоит  еиуеиԥшым аҭыԥқәа рыҟны аусура: Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аҟазараҭҵаара аҟәшаҿы усзуҩ еиҳабыс, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхи аҟазареи рфакультетқәа рҟны, Аԥсны аҟазареи Адунеитәи аҟазареи амаҭәарқәа рыла астудентцәа алекциақәа дырзаԥхьоит. Ихы рылаирхәуеит археологиатә експедициақәа, урҭ имҩаԥырго аԥшаарақәеи ажрақәеи. Хаҭала иҭиҵаауеит ҵак змоу  ажәытә ргыларақәа, ауахәамақәа, абаҟақәа. Аԥснеиԥш уи анҭыҵгьы имҩаԥырго  еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә конференциақәа рҟны  аҟазараҭҵаара иазку, аинтерес зҵоу ажәахәқәа рыла дықәгылахьеит, ихы рылаирхәхьеит, иахьагьы активла далахәуп аҭҵаарадырратәи ауаажәларратә ԥсҭазаара. С.Сақаниа истатиақәа акьыԥхь рбахьеит Аԥсны инаҷыданы, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Азербаиџьан, Сербиа, Болгариа, Германиа, Англиа, Франциа уҳәа атәылақәа рҟны.

Ажәакала, уи иажәақәа рыла, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны иусурақәа зегьы хыҵхырҭас, шьаҭас ирымоу аҟазараҭҵаара ауп.

«Сара сусура аӷьырак Амилаҭтә  асахьатә галереиа иадҳәалоуп. Агалереиа – ари сара сыԥсҭазаара ауп. Аҭҵаарадырра иазку статиақәак, ажәахәқәак ҟасҵо, сыхдырра шьақәгыло ианалага нахыс агалереиа  аҟны аусура  салагеит. Уи нахыс ҳаицрымшәо ҳаицуп», – иҳәеит аҟазараҭҵааҩ хаҭала, Амилаҭтә асахьатә галереиа иԥсҭазаара ишахәҭаку азгәаҭо.

Агалереиа  даара ишахӡыӡаауаз, ишеиҷаҳауаз, абылра ҟалаанӡагьы зны  амца шакхьаз, усҟан абылра ишацәырхьчахьаз дазааҭгыло,  ҳаиҿцәажәараан С.Сақаниа иҳәеит, хаҭала, иара уахгьы-ҽынгьы Амилаҭтә сахьатә галереиа аҟны аус шиуаз, абылра аныҟала, асахьаҭыхҩцәа хәы змам русумҭақәа инарываргыланы  шықәсарацәала аус здиулоз аҟазараҭҵаара иазкыз иусумҭақәа, ишәҟәқәа  шалаблыз.

«Раԥхьа  Амилаҭтә асахьатә галереиа ахыбра амца анакы, усҟан Анцәа имчала ԥхасҭа ҳмоуит, Аԥсны  Аҳәынҭқарра анапхгара  рыцхыраарала иуашәшәырахахьаз ахыб анырыԥсахуаз, шьаҭанкыла иԥсахын афымцатә  цәаҳәақәа, абылра  ацәыхьчаразы ишахәҭаз еиҿкааны  еиҭашьақәыргылан. Аха атрагедиа  ашьҭахь, апрокуратура имҩаԥнагаз акраамҭатәи аҭҵаара аус иабзоураны еилкаахеит «ҳгәылацәа», ҳган аҟны иҟаз аҩны  ахыб шакәыз амца зкыз, уи иахҟьаны амца ҳгалереиа ахь ишиасыз, ишаблыз.

Хәы змам Аԥснытәи асахьаҭыхҩцәа иреиӷьу русумҭақәа амца  иалаблит.

Урҭ рахьтә аӷьырак зышьақәыргылара алымшо, иццышәхаз рацәоуп, иҟоуп  ихыблаа-ҿыблааны инхаз, ареставрациа азура зылшогьы, аха уи аамҭа рацәагьы, ахарџьгьы аҭахуп» – дҳацәажәон С.Сақаниа агалереиа  абылра ҳҟазараҭҵаараҿы мацара акәымкәан, Аԥсны азы ицәыӡ дуны ишыҟалаз игәы иалсны.

Уи иажәақәа рыла, иахьа абылра  иацәынхаз, ихыблаа-ҿыблааны залгара  рылшази, ареставрациа  ззуны, зеиҭашьақәыргылара рылшази, еибгоуи аусумҭақәа зегьы  ааидкыланы 200 ыҟоуп. Урҭ рахьтә 19 усумҭа  Алеқсандр Чачба (Шервашиӡе) итәқәа роуп.

Аԥсуа сахьаҭыхцәа: Хәыта Аҩӡба, Сергеи Габелиа, Венера Гагәулиа  уҳәа  русумҭақәа шеиқәхаз дазааҭгыло, Амилаҭтә ҵәахырҭатә галереиа аиҳабы русура змырӷьацо амзызқәа дрылацәажәо игәынамӡара, игәҭыха ҳацеиҩишеит.

«Абылра ашьҭахь ҳара иҳамаӡам аҭагылазаашьа Аԥсны асахьаҭыхҩцәа иреиӷьу русумҭақәа ҵакылеи хаҭабзиаралеи ихаҭәаау, зыҩаӡара ҳараку аҭыхымҭа, аусумҭа ааҳхәартә, иӡыраагартә, агалереиа иазынҳажьыртә.

Ҳәарада, ас еиԥш аҭагылазаашьа агалереиа аԥхьаҟатәи аус арӷьацом, иаԥырхагоуп. Абылра аахижьҭеи ари аус ӡбашьа амамкәан иҟоуп.

Даҽакгьы иасзгәасҭарц исҭаху, ҳхыбра аныблы ашьҭахь, Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара ахыбра ҿыц ҳаздыргылеит, ҳәарада, уи иҭабуп ҳәа ахаҳҳәаауеит. Уи аргылара ианалага нахыс, аханатә ишраҳҳәозгьы, агалереиа иазыԥҵәоу  аԥҟарақәа гәаамгӡакәан, ҳаргьы иҳадымҵаалакәан зеиӷьыҟам ахыбра ҳаздыргылеит, аха агалереиа астандартқәа ишрықәымшәо ауп. Ахыбра аԥенџьыр рацәа  иҿаз аҭагылазаашьа  ҳнаҭомызт аусумҭақәа рацәаны икнаҳҳартә. Ацәыргақәҵақәа  раан актәи аихагыла аҟны  10-15 усумҭа  еиҳаны иазкуамызт. Убри аҟнытә,  аиҭарҿыцра, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгатәхеит,  имыцхәыз аԥенџьырқәа ҳшәаҳаит, уи иабзоураны 30 усумҭа инарзынаԥшуа  аусумҭақәа кнаҳҳартә аҭыԥ ҟалеит актәи аихагыла аҟны.

Иахьазы, аусумҭақәа рыҵәахразы, ршәарҭадаразы иахәҭоу  аҳауеилазаара уҳәа хаҭабзиарала  еиҿкаауп. Аха  сара  агалереиак иҵегь зымҽхак ҭбаау хыбраны иҟазароуп, аҵәахырҭатә галереиа азы имаҷуп, иҭшәоуп ҳәа исыԥхьаӡоит», – иҳәеит уи.

Сурам Сақаниа иажәақәа рыла, аиҭа­шьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь, ацәыргақәҵатә залқәа андырҭбаа анаҩс, агалереиа  имҩаԥнагеит уи иатәыз аусумҭақәа рыла еиҿкааз раԥхьатәи ацәыргақәҵа. Уи шықәсыбжак ицәыргақәҵан. Хаҭала, агалереиа иатәым раԥхьатәи ацәыргақәҵа  еиҿкаан маи мзазы, амҳаџьырра  атемала, Аԥсны жәлар  рсахьаҭыхҩы  Баҭал Џьапуа иусумҭақәа рыла.

«Амилаҭтә асахьатә галереиа аҟны иҵәаху аусумҭақәа зегь раԥхьа иргыланы  Аԥсны  асахьаҭыхҩцәа авторцәас ирымазароуп, уи инаваргыланы аусумҭа ахаҭабзиара  ҳаракызароуп, еицырдыруазароуп, ахьӡ гахьазароуп, аԥсуа цәа аҟәнызароуп, Аԥсны аԥсабара аԥшӡара, абеиара, аԥсуа бзазара аныԥшуазароуп.

Иҟоуп, Аԥсны  иатәым асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа ҳамҭас ианҳарҭогьы. Аҳамҭа мап ацәкра иашам аҟнытә, иарбан  усумҭазаалак  ҳамҭас иҳанаршьо ҳадаҳкылоит. Аха нас уи ахаҭабзиара иазыԥҵәоу акомиссиа рыбзоурала  иазгәаҭаны  агалереиа аҟны иҳамоу аҟәшақәа хԥа: ихадоу, ацхыраагӡатә,  аиҭныԥсахларатә фондқәа рахь  еихаҳшоит. Иреиӷьу аусумҭа ҳашьҭуеит ихадоу афонд ахь, уи иашьҭанеиуа – ацхыраагӡатә фонд ахь, еиҳа иԥсыҽу аусумҭа – аиҭныԥсахларатә фонд ахь», – дҳацәажәон аҟазараҭҵааҩ.

Ҳаиҿцәажәараан С.Сақаниа игәа иаланы иҳәеит, Аԥсны иатәым асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа шрыдыргало, аха аԥсуа сахьаҭыхҩцәа русумҭақәа макьана дара рахь ишаарымгац.

Сурам Сақаниа, иус гәык-ԥсыкала  дахьазыҟоуи, изанааҭ дахьазҟазоуи инарҷыданы уи аԥсҭазаараҿгьы зхаҭара ҳараку, аҟазшьа бзиақәа ирылаҟоу  аӡә шиакәу атәы дазааҭгылеит ҳаиҿцәажәараан, акыршықәса раахыс аус ицызуа иҩыза гәакьа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик Лили Ҳагԥҳа:

«Аҭҵаарадырра, хықәкыла иара дызҿу аҟазараҭҵаара аҟны  зџьабаа рацәоу, уи аганахьала  здырреи  зԥышәеи ҳараку Сурам Сақаниа ицназго аҟазараҭҵааҩ дҳамаӡам иахьа. Убысҵәҟьа  иҿырԥшыгоуп уи иуаҩытәыҩсатә ҟазшьа, ихаҭара. Зегь раԥхьа иргыланы уи даара иаарту, згәы ҭбаау, иразу, ҩбара злам, зыгәра гоу уаҩуп.

Хаҭала, Сурам Сақаниеи сареи ҳаидызкыло  рацәоуп, ҳажәлари ҳаԥсадгьыли рԥеиԥш згәы иҵхо аԥсуа жәлар ҳархаҭарнакуп. Хаҭала, Сурам каламлеиԥш абџьарлагьы зыԥсадгьыл зыхьчоз аҵеицәа дыруаӡәкуп.

Аиҩызара аныҟәгара зегьы ирылшом, иуадаҩуп, аха аҩызараҿы угәҭыха, умаӡа зоуҳәаша игә́рагоу ҩыза  бзиоуп. Сурам хаҭала, ҳара аиҩызара бзиа ҳабжьеижьҭеи акыр ҵуеит, аусура инаҷыдангьы ҳаиҭанеиааиуеит, Аԥсны анҭыҵ аҭҵаарадырратә  конференциақәа рахь ҳаицныҟәахьеит, ажәахәқәа рыла  ҳақәгылахьеит. Уи аус ицуреи иҩызареи  маншәалоуп.

Ибызшәа цқьоуп, ибеиоуп. Уи иааигәа аҟазаара еснагь инасыԥуп, дуаҩы лашоуп, иҿаԥыц бзиоуп, аиумор ҳаҭыр изақәуп, ес­нагь лаф ажәала угәы  ашьҭыхра, агәалаҟазаара бзиа  уҭара илшоит..

Сурам ахӡыргара ицәаҩам, иажәа раӡоуп, аха ихатә гәаанагара еснагь имоуп, иахьахәҭоугьы, аҿацаҳәа аҳәара дацәхьаҵуам. Ажәакала, «аҳәатәи аҳәашьеи здыруа уаҩуп.

Сҩыза Сурами сареи ҳгәаанагарақәеи ҳҟазшьеи ахьеиқәшәо рацәоуп, ажәада  ҳанеилибакаауагьы  ыҟоуп», – дҳацәажәон  Лили Риза-иԥҳа лҩыза  дизгәдуны.

Аиашазы, Сурам Сақаниа ижәлар дшы­рзыҟоуи  иԥсадгьыл игәы шазыбылуеи  шьақәнарӷәӷәоит  Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәра. Уи  дыруаӡәкуп аибашьра  аԥхьатәи амш инаркны аӷа иҿагылаз ҳҵеицәа. Деибашьуан агәыԥ «Дельфин» аҟны. Ԥшьынтә  ахәрақәа иоуит аибашьра адәаҟны. Аԥшьбатәи  ахәра даара иуадаҩын. «Снапы  смыхәо инхар  алшон, уи аиқәырхара ибзоуроуп, аԥышәа змау аҳақьым бзиа, ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны Афырхаҵа Аполлон Гәыргәлиа.

Аха сшьапы ахы  шалаз инхеит, уи «ахы алаҳхыр ушьапы ҩар алшоит, иахьалоу аҭыԥ аҟны алакьысра шәарҭоуп, абаҩқәа ирыбжьагылоуп» – рҳәон  аҳақьымцәа, ус инрыжьит. Зны-зынла аҽснардыруеит, иалакьакьоит,  сцыркьуа  аныҟәара  анысцәыуадаҩхогьы ҟалалоит уи ахәра иахҟьаны» – дҳацәажәон аҟазараҭҵааҩ, аибашьра аветеран.

Сурам Сақаниа аибашьра адәаҿы иааирԥшыз алшареи агәаӷьреи рзы ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.

Алиса Гәажәҧҳа

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image