Аганқәа алацәажәеит аиҩызаратә еимадарақәа рырӷәӷәара, атуризми алогистикеи рырҿиара, уи иацхраауеит атуристтә дәыӷба аусура аларгареи Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартреи. Арегиони ареспубликеи рыбжьара ҵыԥх атауареикәыршара иартәеит 10 млрд мааҭ, ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы акәзар уи 4 млрд мааҭ еиҳахахьеит.
Краснодартәи атәылаҿацә Аҟәа асоциалтә ҵакы змоу апроектқәа жәпакы рынагӡара иацнаҵоит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ԥхынҷкәынмза анҵәамҭазы ихдыркәшарц ргәы иҭоу асқьала аиҭашьақәыргылареи абжьаратә школ №5 шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылареи (аусурақәа хацыркхоит ажьырныҳәамзазы, ахыркәшара азгәаҭоуп 2027 шықәса анҵәамҭазы).
Бадра Гәынба Вениамин Кондратиев ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵо адгыларазы, иагьышьақәирӷәӷәеит Аԥсны ахырхарҭақәа зегьы рыла аусеицура арҭбаара ишазыхиоу.

