«Ҳаҭыр зқәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра анапхгареи аусзуҩцәеи!
Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аԥҵоижьҭеи 48 шықәса аҵра амш!
1978 шықәса абҵарамза 6 рзы аԥсышәала раԥхьатәи аефир ахь ацәырҵра аҭоурыхтә ҵакы змоу, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны акрызҵазкуа хҭысны, ҳажәлар рзинқәеи рмилаҭ хаҿра аиқәырхареи рзы ақәԥараҿы еихьӡара дуӡӡаны иҟалеит.
Аԥснытәи ателехәаԥшра жәашықәсала еиҳа иуадаҩу аҭоурыхтә аамҭақәа раан хьыӡла-ԥшала инанагӡоит Аԥсны Аҳәынҭқарразы акрызҵазкуа амиссиа. Амилаҭтә телехәаԥшра ԥсахрада абри аамҭа зегьы аҩныҵҟа иалшеит ҳажәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи ринтересқәа зыхьчо, ҳтәыла аԥсҭазаара саркьаҵас изныԥшуа, ҳмилаҭтә хаҿра, ҳбызшәа, ҳҭоурых-культуратә ҭынха, ҳатрадициақәа реиқәырхаразы ихадоу мыруганы аҟалара.
Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит ззанааҭдырра ҳараку, зус гәык-ԥсыкала иазыҟоу аԥсуа журналистика аветеранцәа. Угәы иахәартә иҟоуп аилахәыра арҿиаратәи, анџьныртәи, атехникатәи усзуҩцәа иахьатәи рабиԥара иреиӷьу атрадициақәа реихаҳара, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа қәҿиарала рнапаҿы раагара ахьрылшо, ихадоу ахырхарҭақәа — аиашара аарԥшра, апатриотизм, адырраҭарақәа рхаҭабзиара ҳаракы еиқәырханы иахьаарго.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аколлектив зегьы ирзеиӷьасшьоит арҿиаратә гәацԥыҳәара, азанааҭтә еихьӡара ҿыцқәа, анасыԥ!
Агәра згоит шәусура аринахысгьы ҳҳәынҭқарра арӷәӷәара, ауаажәларра ракзаара, Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьара амаҵ аура ишазкхо!»

