Аҳәынҭбиуџьет ахашәалахәқәа рзеиԥш мҽхакы иартәеит 16 млрд 817 млн мааҭ.
Ахарџьқәа-15 млрд 524 млн мааҭ.
Ахатәы хашәалахәқәа-12 млрд 455 млн мааҭ.
Саид Гәбаз иажәақәа рыла, аҳәынҭбиуџьет ахатәы хашәалахәқәа 88% рҟынӡа аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрреи напхгара арҭоит.
Афинансқәа рминистр иара убасгьы дазааҭгылеит жәа-мзы реихшьаалақәа рыла анагӡара арбага бзиақәа шубо шамахамзар аҭыԥантәи абиуџьетқәеи аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи афондқәеи зегьы рҿы.
Ҳазҭоу ашықәс абҵарамза 1 азтәи аҭагылазаашьала ареспубликатә биуџьет арбагақәа абас иҟоуп:
ахашәалахәқәа рзеиԥш мҽхакы — 12 млрд 320 млн мааҭ;
ахатәы хашәалахәқәа-7 млрд 958 млн мааҭ;
Урыстәылатәи афинанстә цхыраара — 4 млрд 361 млн мааҭ;
ахарџьқәа-11 млрд 723 млн мааҭ.

