АХҬЫСҚӘА

Акультурабжьаратә еимадаразы азҵаарақәа ирыдҳәалоу IV астол гьежь мҩаԥысуеит Аҟәа

IV астол гьежь «Акультурабжьаратә диалог: аимадарақәеи аимакқәеи» мҩаԥысуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультети аҭоурыхи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи рфакультети рышьаҭала. Ауснагӡатә иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи аҵарауаа.

Астол гьежь аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит аколлективтә монографиа «Абызшәа. Акультура. Аимадарақәа»аӡыргара, иҭыжьын Адыгатәи аҳәынҭқарратә университет ацхыраарала. Ашәҟәы ӡырыргеит адоцентцәа Фатима Дауҭиеи Белла Ахиджаки.

Фатима Дауҭиа иазгәалҭеит аҭыжьымҭа азырхиараан аредакциатә коллегиеи арецензентцәеи акыр аџьабаа шырбаз, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Мариет Ахиджакова.

Белла Ахиджак лажәақәа рыла, амонографиа акогнитивтә лингвистика, алингвокультурологиа, аетно-ԥсихолингвистика рактуалтә проблемақәа ирызкуп.

Астол гьежь апрограммаҿы иҟоуп азеиԥш бызшәадырреи, аконцептологиеи, алингвокультурологиеи, акультурабжьаратә коммуникациеи, амилаҭтә хаҿреи рзы ажәахәқәа.

Алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп М.В. Ломоносов ихьӡ зху МГУ, А. С. Пушкин ихьӡ зху аурыс бызшәа Аҳәынҭқарратә институт, Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә университет, Аԥсуеи Адыгеиеи рҳәынҭқарратә университетқәа рхаҭарнакцәа.

Ахәҭакахьала, Лариса Чижова (МГУ) азеиԥш бызшәадырреи аконцептологиеи рметодологиатә диалог азы ажәахә ҟалҵеит, Наталиа Уфимцева (МГУ) — абызшәатә ҭагылазаашьа ҿыц ахдырра ишаныруа азы, Владимир Карасик (А.С. Пушкин ихьӡ зху аурыс бызшәа Аҳәынҭқарратә институт) —алингвокультурологиа аҿиара аперспективақәа рзы ажәахә ҟалҵеит.

ААУ аҵарауаа ицәырыргоит ашәҟәыҩҩцәа-билингваа рдунеи абызшәатә сахьа, В.Г. Арӡынба ибызшәатә хаҭара аинтенциақәа акультурабжьаратә еицәажәараҿы, Фазиль Искандер исахьаркыратә текстқәа ирызку аҭҵаарақәа.

Астол гьежь аихшьаалақәа рыла аҭҵаарадырратә еизга ҿыц аҭыжьра азԥхьагәаҭоуп.

Абҵара 12, 13 рзы ААУ аҟны иҟоу аҟазауаа рзанааҭтә дырра аизырҳареи реиҭазыҟаҵареи рзы Ареспубликатә центр алархәны астудентцәеи аспирантцәеи рзы иаарту алекциақәа мҩаԥгахоит. Урҭ мҩаԥыргараны иҟоуп Фатима Дауҭиа, Лариса Чижова, Наталиа Уфимцева, Владимир Карасик, Ельчин Гашимов.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image