АХҬЫСҚӘА

Женева ихыркәшахеит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 68-тәи рраунд

Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы тема хаданы иаанхеит Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара амч ахамырхәара зинла ишьақәзырӷәӷәо адокумент аус адулара.

Аԥснытәи аделегациа ҩаԥхьа инаҵшьны иазгәарҭеит ари адокумент ада арегион аҿы аҭышәынтәалара ӷәӷәа шзалымшо.

Аԥсуа ган ишьақәнарӷәӷәеит Гал иҟалоу ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы амеханизм аусура аиҭарҿыцра ишазыхиоу, ажәалагала ҿыцқәа цәырнагеит аилибамкаарақәа рыбжьыхразы.

Аԥсны аделегациа адырра ҟанаҵеит аԥсуа спортсменцәа Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз асахьаркыратә гимнастиказы атурнирқәеи Испаниа имҩаԥысуаз адомино азы адунеи ачемпионати рылахәхара Қырҭтәыла еиԥнарҟьарц рыҽшазыршәоз азы.

Иара убасгьы, ишьҭыхын адоцент Ельчин Аӡынба лганахьала ақәымчра азҵаара. Аҟәа аҳәамҭа ҟанаҵеит аспорти, аҭҵаарадырреи, агуманитартә еимадарақәеи аполитикахь аиагара шыҟамло азы.

Алахәылацәа ишьақәдырӷәӷәеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа реиқәырхара аҵак ду шамоу. Анаҩстәи, аиҿцәажәарақәа 69-тәи рраунд мҩаԥгахоит 2027 шықәса хәажәкырамзазы.

 

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image