Ауаҩы имш ҿыц злалаго, ашьыжьтәи игәалаҟазаара шьҭызхуа, иус игәы ацԥыҳәо, игәы ақәыбзианы дҟазҵо, амч-алшара ҿыц изҭо, дзырҭынчуа, игәыԥсыршьаганы изыҟоу, ажәакала, зегьы ирыхәшәу акаҳуа иацназго ыҟам, уи ҳаԥсҭазаара иахәҭакхеит.
Акаҳуа ахьиз аԥсадгьыл ҳәа иԥхьаӡоуп Ефиопиа .
Уаҩ илаԥш иҵашәо, ихгыло, иаарту, иҳалалу ауаа ахьынхо атәыла аҟны иаадрыхуа акаҳуа, уи иақәыԥхо амра ашәахәақәа реиԥш ихаауп. Ефиопиатәи акаҳуа инаҷыданы, ибзианы еицырдыруа, даара ҳаҭыр змоу, зыхьӡ-зыԥша гахьоу ируакуп Бразилиатәи акаҳуа. Уи бзиа избо, ҳаҭыр ақәызҵо, иалкааны изыхәҳауа рацәаҩуп.
Акаҳуа здызымкыло, изымжәуа «мрагыларатәи» – ҳәа ҳзышьҭоу аршышьа ззымдыруа атәылақәагьы ыҟоуп, ҳәарада, аха уи «чысхәыс» измоу ажәларқәагьы маҷҩым.
Аԥсуа жәлар ҿырԥшыс иаагозар, ҳаамҭазы акаҳуа ада рыԥсҭазаара аҵакы аманы иҟам, акаҳуа зцым акгьы хаҭәааны иршьом.
Иҟалап акаҳуа ахьаадрыхуа Ефиопиа, Бразилиа уҳәа атәылақәа рҟны аасҭагьы ҳара еиҳа ҳаҭыр ақәаҳҵозар.
Иҟан аамҭақәа, акаҳуа ҳтәыла иалаҵәаанӡа, иашьцылаанӡа, хырҩа анарымҭоз, рацәак ҳаҭыр анақәрымҵоз, уимоу, еиҳарак, аԥсуа қыҭақәа рҟны «иус нырхагоуп», – ҳәа ианырԥхьаӡоз.
Аха нас акаҳуа абзиабара ҳалаҽуа иалагеит, уи амҽхак арҭбааит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, хаҭала, исгәалашәоит акаҳуа ацынхәрас «хыжьжьагас» «амахәыда» акаҳуа еиԥш иҷыҷны, алагага ала иххны иршны ишыржәуаз.
Иахьа ҳтәылаҿы акаҳуажәра модахеит. Уи, аиашазы, ҳаԥсҭазаара иахәҭакны иҟалеит.
Аԥсуа ҩнаҭаҿы уаанӡа асас данымҩахыҵуаз, абысҭа рурц азы «ахьурӡы» кнарҳауазҭгьы, уажәы «ахьурӡы еиқәаҵәа» – ҳәа хьыӡшьарас изырҭаз акаҳуа еиқәаҵәа ырҟьашҟьашо идыргалоит. Уи ала, иааинырслангьы рысас пату аниқәырҵогьы ыҟоуп.
Еицәажәагас, гәҭыхеибыҳәагас иҟоу акаҳуа, ҽнак 4-5-нтә, еиҳангьы изжәуа, издызкыло ауаа ыҟоуп, шамахамзар изымжәуа дуԥылом.
Акаҳуа ахьырҭиуа адәқьанқәеи акаҳуажәырҭақәеи ҳзыдҵаалаз рахьтә аӡәырҩы иазгәарҭеит, акаҳуа аазхәои изжәуеи рхыԥхьаӡара шмаҷҩым. Хаҭала, адәқьанқәа рҟны, зегь реиҳа ауаа иаархәо афатә-ажәтәқәа акаҳуа шыруаку, шамахамзар, иаазымхәогьы дшыҟам ҳаилдыркааит.
Афатәҭирҭа адәқьан аҟны, афатә-ажәтә аазхәо ауааԥсыра, шамахамзар иаархәо зегьы акаҳуа анрыцым ыҟам. Хаҭала, ҳара ҳадәқьан аҟны илаганы, имазеины иҟоу акаҳуа аиҳа, ахә еиҳа ишыҳаракугьы акаҳуа арыцқәа ҿыц илаганы ирыхәҳауеит» – лҳәеит адәқьан «Стекляшка» аусзуҩы Оксана.
Хаҭала, аҭоурых ду змоу, аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа тәарҭас-гыларҭас, еицәажәагас иахьрымоу, раамҭа ҭацә ахьырхырго, урҭ инарҷыданы аҿаргьы зыҿцаауа иалагаз акаҳуажәырҭа «Брехаловка», ақалақь аҟны зегь реиҳа ихааны икаҳуаршырҭаны иԥхьаӡоуп. Арахь имҩахыҵуа акаҳуа заҵәык ауп иржәуа, ахаа адызкылогьы дуԥылом. Иара ари акаҳуажәырҭа аҟны, акаҳуа ада, даҽа чысхәыкгьы аҭааҩцәа ирыдыргалом. Аӡы, акаҳуа иадыркыло ашоколад хаа, акаҳуа абарҭ рыда акгьы рҭиуам, аха еснагь аҭааҩцәа рымоуп, русура еилашуеит, рхашәалагьы ҟәнушьартә иҟам.
Акаҳуа ҳаналацәажәо, имҳәакәан высшьа амам уи иадҳәалоу, ҳтәылаҿы аҭыԥ змаз, акрызҵазкуа ахҭыс.
Зыӡбахә ҳамоу, раԥхьаӡа акәны, АНО Аԥсны акоманда абзоурала ҳтәылаҿы еиҿкааз «Кофейная волна» захьӡыз Жәларбжьаратәи афестиваль ауп. Еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿызкаауа, изырхио, уаҩ илаԥш адхалартә еиԥш еинааланы иҟазҵо, изырԥшӡо адизаинер, адекоратор Марианна Лаԥсанӡиа акаҳуатә фестиваль асахьаҭыхҩы-декораторс даман.
Уи ҳаиҿцәажәараан иазгә́алҭеит, раԥхаӡа акәны асеиԥш зымҽхак ҭбааз Жәларбжьаратәи афестиваль аиҿкаара архиара лыҽшазылкыз, лхы шалалырхәыз. Уи аиҿкааҩцәа дшыруаӡәкыз.
«Аҭакԥхықәра ду зцыз, зымҽхак ҭбааз Жәларбжьаратәи афестиваль рхы аладырхәит Урыстәылатәи асасцәа реиԥш, ҳтәыла ахьазхарҵахьоу, Никарагуа, Венесуела уҳәа атәылақәа рхаҭарнакцәа.
Агәахәара унаҭон, асасцәа акаҳуа аԥслымӡ аҟны рхала идыршыртә еиԥш аҭагылазаашьа ахьырзаԥҵаз. Саси-ԥшәымеи рзы аинтерес аҵан афестиваль аҟны акаҳуа иадҳәалаз амастер-классқәа рымҩаԥгара ахьеиҿкааз», – дҳацәажәон адизаинер.
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо Марианна илҳәеит:
«Ас еиԥш ахҭысқәа рымҩаԥгара ныҳәак аҳасабала мацара акәымкәан, ҳасасдкылара, ҳкультура егьырҭ ажәларқәа дырбаразы, дареи ҳареи ҳаизааигәареи ҳаимадареи рзы акыр аҵанакуеит, аҭагылазаашьа бзиа аԥнаҵоит».
Ҳмилаҭтә чысхәқәа инарываргыланы, иахьа аԥыжәара заҳҭо акаҳуа ҳтәылаҿы аԥхьаҟа аҿиара шаиуа ала агәаанагара ҳаижьом. Уи иазку Жәларбжьаратәи афестиваль амҩаԥгара аҟны мацара ҳаанымгылакәан, аарыхрагьы напаҳаркыр алшоит. Издыруада, ауаажәлар ишаҳнаало еиԥш, ҳадгьылгьы ианаалар, анаҩс, ҳтәыла акаҳуа азы аҩбатәи ԥсадгьылны иҟалар. Изызхәыцтәу, иагьԥышәатәу зҵаароуп.
Алиса Гәажәҧҳа

